АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2024

25 цыра акриптовалита арҳара иазку аппаратқәа ԥшааны ирымырхит Аҟәа ақалақь аҿы.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иԥшааны ирымырхит 25 цыра амаининг-аппаратқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Изакәанымкәа афымцацәаҳәа аҿакреи акриптовалиута арҳара иазку аусура анагӡареи рзы афактқәа аадырԥшит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа 1-тәи аҟәша аусзуҩцәа.  

Арцах амҩала иҟоу ашьҭаҵарҭатә хыбра аҿы иԥшааз 4аппаратк Ахба Денис Рамин-иԥа итәуп.

Ешба имҩала игылоу аҩны агәраҵа аҿы ирыԥшааз амаининг-аппаратқәа ҩба Џьопуа  Мимоза Нури-иԥҳа илтәуп. 19 аппарат амилициа аусзуҩцәа ирыԥшааит Шаԥсыӷаа рымҩала игылоу аҟазарҭа ахыбра аҿы. Урҭ Бажан Илона Иури-иԥҳа илтәын.

Аиқәыршәагақәа зегьы рконфискациа мҩаԥгоуп. Урҭ аамҭалатәи ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп. 

 


Read 244 times - Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024 23:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.