
pressadmin-2
Ҭемыр Лакербаиа Аԥсны адомино Афедерациа апрезидентс далырхит.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҭемыр Лакербаиа Аԥсны адомино Афедерациа изаамҭанытәиим аҳасабырба-алхратә конференциа аҿы Афедерациа апрезидентс далырхит. Уаанӡа ари амаҵураҭыԥ дахагылан Аслан Бганба, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Аконференциа мҩаԥысит абҵарамза 23 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.
Аԥсны ажурналистцәа рыбжьара аконкурс «Взгляд-2023» аҿы аиааира згаз еилкаахеит.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥсны ажурналистцәа рыбжьара арҿиаратә конкурс «Взгляд - 2023» аихшьаалақәа ҟарҵеит ахәаша, абҵарамза 24 рзы С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы.
Аноминациа «Иреиӷьу аналитикатә, аинформациатә, апублицистикатә статиа» аҿы аиааира игеит Бадрак Аҩӡба.
Аноминациа «Иреиӷьу аочерк» аҿы аиааира лгеит Асмаҭ Ҵәџьба, аҩбатәи аҭыԥ аанылкылеит Диана Папба, ахԥатәи аҭыԥ – Бадри Есиава.
Аноминациа «Ақьыԥхьтә мамзаргьы аелектронтә ҭыжьымҭа аҿы иреиӷьу арепортаж» аҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит Рада Чачаа, аҩбатәи – Асида Малиа, ахԥатәи– Дариа Архипова.
Аноминациа «Иреиӷьу аинтервиу» аҿы актәи аҭыԥ аанылкылеит Лиана Ебжьноу, аҩбатәи – Наала Мықәба, ахԥатәи – Викториа Думаа.
Аноминациа «Иреиӷьу афоторепортаж» аҿы аиааира лгеит Ельза Ҷанба.
Аԥсны-урыстәылатәи аусеицура аобласт аҿы апрофессионалтә журналистика иреиӷьу атрадициақәа рыхьчареи аҟазареи рзы Иҷыдоу адиплом ранашьахеит Екатерина Бебиеи Лилиана Иаковлевеи. Аиааира згаз зегьы аҳамҭатә сертификатқәа ранашьахеит.
2023 шықәсазы имҩаԥысыз аконкурс Аԥсны Афырхаҵа, аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәраан иҭахаз ТАСС арратә фотокорреспондент Андреи Соловиов игәалашәара иазкын. Аусмҩаԥгатә алахәылацәеи асасцәеи иара изкыз адокументалтә фильм ацыԥҵәаха дырбан, атеатр азал маҷ афоие аҿы арратә корреспондент иԥсы анҭаз иҟаиҵаз акадрқәа урыхаԥшыр ҟалон.
Аҳамҭақәа ранашьара ахь ииасаанӡа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, аиааира згаз зегьы русумҭақәа сынтәа, ԥхынҷкәынмзазы, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу аконкурс «Честный взгляд» шорт-бӷьыц иалагалахоит, актәии аҩбатәи аҭыԥқәа аанызкылаз уи аихшьаалақәа рыҟаҵара ахьымҩаԥысуа Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь ицараты алшара рзаԥҵахоит ҳәа иазгәеиҭеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин Аԥсны Андреи Соловиов игәалашәара шаҟа игәцаракны иазнеиуа џьашьахәыс икуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аинформациатә Маҵзура ТАСС адиректор Хада Андреи Кондрашовгьы Аԥсны аҭоурыхи уи афырхацәеи ҳаҭыр дула иазнеиуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«ТАСС акорреспондент, 30 шықәса раԥхьа иахьа ҳахьыҟоу аҭыԥ иацәыхарамкәа иҭахаз, Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ зауз ҳҩыза Андреи Соловиов абас ҳаҭыр дула дахьыжәгәалашәо азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит», - ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла Сергеи Чакәитаӡе иԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла арҿиаратә еидгылара алахәыла, «Ахьӡ-Аԥша III аҩаӡара аорден акавалер Сергеи Уасил-иԥа Чакәитаӡе иԥсҭазаара алҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.
Сергеи Чакәитаӡе — аԥсуа шәҟәыҩҩы, ажурналист, апублицист, «Ахьӡ-Аԥша III аҩаӡара аордени еиуеиԥшым амедалқәеи, егьырҭ аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа занашьаз. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ажурналистцәа Реидыглеи алахәыла. Аԥсышәалеи урыс бызшәалеи иҩыз асахьаркыра-публицистикатә рҿиамҭақәеи астатиақәеи равтор.
Сергеи Уасил-иԥа Чакәитаӡе диит ажьырнаҳәамза 1, 1936 шықәсазы Аԥснытәи АССР, Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан.
Далгеит Оҭҳаратәи абжьаратәи ашкол (1955ш.), А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт афилологиатә факультет (1960ш), аԥсуа бызшәеи алитературеи аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩы изанааҭ ала далгеит.
1960 шықәса инаркны — Гагра араион Ганҭиадтәи ашкол-интернат аҿы арҵаҩы –ааӡаҩыс аус иуан.
1960–1963 шш. Асовет Ар аҿы ирратә уалԥшьа наигӡон. Аррашьҭахь Гәдоуҭа араион Калдахәаратәи ашкол-интернат аҿы ирҵаҩратә усура иациҵеит.
Абҵарамза 1963 шықәса инаркны 1968 шықәсанӡа — Асоциалиттә Мазара аимҵәара аҿыгылара Аҟәша (ОБХСС) Гәдоуҭа араион аҟәша аоперативтә зинмчы змоу аусзуҩ еиҳабыс аус иуан.
Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аинформациатә Маҵзура ТАСС адиректор Хада Андреи Кондрашиов дидикылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб ажурналисттә конкурс «Взгляд 2023» аихшьаалақәа рымҩаԥгара иадҳәалоу ацеремониа ахалархәра азы Аԥсныҟа иааз, аинформациатә Маҵзура ТАСС адиректор Хада Андреи Кондрашиов знапхгараҿы дыҟоу аинфомациатә Маҵзура аделегациа идикылеит.
Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини Урыстәыла аус ацуразы Аԥсны иҟоу Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотови злахәыз аиԥылааҿы аинформациатә еимадареи аԥснытәи амассатә информациа аусзуҩцәа рзанааҭтә дырра ТАСС аҿы ашьҭыхреи ирыдҳәалоу аусеицура азҵаарақәа шьҭырхит.
Аԥснытәи аспортсменцәа карате кекусинкаи (IFK) кумите азы Аладатәи Афедералтә Округи Нхыҵкавказтәи Афедералтә Округи Аԥхьахәгара аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 24 -25 рзы ақалақь Ростов-на-Дону аҿы 10-17; 18+ ақәратә категориа иаҵанакуа аспортсменцәа рыбжьара карате кекусинкаи (IFK) кумите азы Аладатәи Афедералтә Округи Нхыҵкавказтәи Афедералтә Округи Аԥхьахәгареи 6-7; 8-9 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара карате кекусинкаи (IFK) кумите азы афестивали мҩаԥсуан.
Аԥхьахәгара рхы аладырхәит 350-ҩык акаратистцәа, афестиваль – 140-ҩык Аԥсны, Астрахан, Волгоградтәи Ростовтәи абластқәеи Краснодартәи атәылаҿацә, Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика, Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика, Ареспублика Ҟрым рҟынтәи аспортменцәа .
«Афестиваль аҿы ҳаспортсменцәа Аԥсны Ареспублика ахьӡала иқәгылон, аԥхьахәгара аҿы - Ростовтәи аобласть ахьӡала, избан акәзар, аԥхьахәгара аҩныҵҟатәи акәны иҟан», – ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аресаублика Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа апрезидент Витали Ҷыҭанаа.
Афестиваль аихшьаалақәа рыла, аԥснытәи аспортменцәа актәи аҭыԥқәа ҩба, аҩбатәи аҭыԥқәа хԥа, ахԥатәи аҭыԥқәа хԥа ааныркылеит.
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Русҭам Ратиа (Агәыӡера аҳабла), Сандро Џьаӷмазиа (ақ. Очамчыра).
Араӡны медалқәа роуит Леон Џьынџьал (ақ.Аҟәа), Кира Заболотнаиа (Агәыӡера аҳабла), Левон Ходџьикиан (Агәыӡера аҳабла).
Ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит Леонель Дунамалиан (Агәыӡера аҳабла), Елизавета Барсукова (Агәыӡера аҳабла), иара убас Викториа Кондакчиан (Агәыӡера аҳабла).
Аладатәи Афедералтә Округи Нхыҵ-Кавказтәи Афедералтә Округи Аԥхьахәгара аихшьаалақәа рыла аԥснытәи аспортсменцәа атәи аҭыԥқәа хԥа, аҩбатәи аҭыԥқа ԥшьба, ахԥатәи аҭыԥқәа хәба ааныркылеит.
Асланбек Гәарамиеи Данил Харчлааи Минск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз зхы иақәиҭу аиқәԥара азы жәларбжьаратәи атурнир аҿы ахьи араӡни ргеит.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Белоруссиа аҳҭнықалақь Минск аҿы имҩаԥысит хынттәи Олимпиатә чемпион Алеқсандр Уасил-иԥа Медведь зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Гран-при 52-тәи Жәларбжьаратәи атурнир. Уи рхы аладырхәит ҩыџьа аԥснытәи аспортсменцәа: Аԥсны ахьӡала иқәгылоз Асланбек Гәарамиа (86 кь), Данил Харчлаа (65 кь), Урыстәыла ахьӡала иқәгылоз.
Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Урыстәыла иҟоу Шьамтәыла ацҳаражәҳәаҩ Башар Џьаафари диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аиԥылара мҩаԥысит Москва ақалақь иҟоу Шьамтәыла Ацҳаражәҳәарҭа аҟны.
Аганқәа аполитикатә, ахәаахәҭра-економикатә, агуманитартә усхкқәа рҿы аԥсуа-шьамтәылатәи жәларбжьаратәи аусеицура иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Асериа «Редкие книги об Абхазии» актәи аҭыжьымҭа акьыԥхь абеит.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023. Апсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада ихьӡ зхоу Агәыҳалалратә Фонд апроект «Редкие книги об Абхазии» аус адулара еиҿнакаауеит. Ааигәа иҭыҵит актәи аҭыжьымҭа. Уи иалалеит аиҳарак Гагра ақалақь иазку, Урыстәылатәи аимпериа аҿы ареволиуциа ҟалаанӡа иҭыжьыз аброшиурақәеи жә-шәҟәыки.
Иарбоу апроект иалагалоуп шамахамзар џьара ирзымдыруа, уаанӡа иҭыжьымыз, аҭоурыхҭҵааҩцәа реиԥш хыԥхьаӡара рацәала аԥхьаҩцәеи рзы аинтерес зҵоу ашәҟәқәа.
Гагра ақалақь аҿы акоммуналтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥысит.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь Гагра ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа рхаҭарнакцәеи Гагра араион ақыҭақәа рхадацәеи алархәны Гагра араион аҿы иҟалаз амшцәгьа инамаданы аҷыдалкаатә еилатәара мҩаԥигеит.
Иаха инаркны ақалақь акоммуналтә маҵзурақәа зегьы, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Гагра араион ала Аиқәырхара-ԥшааратә отриад, Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа, ирӷәӷәоу арежим ала аусурахь ииаган. Аԥыԥшратә бригадақәа зегьы аҵых шаанӡа амҩақәа ирнаҳалаз аԥша иканажьыз аҵлақәа рҟынтәи идрыцқьон, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гагра ақалақь Ахадаара апресс-маҵзура.
Аихамҩатә еимадара аамҭала иаанкылоуп.
Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза 26-27 ауха Амшын Еиқәа ацәқәырԥара дууи амшцәгьеи иахҟьаны, аԥшаҳәа иахьаҵанакуа, аиҳарак Ҟрыми Краснодартәи атәылаҿацәи ааха роуит, Адлер - Хәасҭа рыбжьара аихамҩақәа рҿы афымца ыцәеит, аҵлақәа аихамҩа ианаҳалеит. Иара убас Лазаревскаиа астанциаҿы аихамҩа аӡы иқәнаӡӡәааит. Амшцәгьа Аԥснынӡагьы иааит, аха иҟоу адыррақәа рыла аихамҩа аҿы аҭагылазаашьа уажәазы иҭышәынтәалоуп, уи ааха амоуӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥсны Аихамҩа».
Иӷәӷәоу быжьбалк рҟынӡа инаӡо амшынеисра ҟалеит Гагра ақалақь акваториа иахьаҵанакуа. Уи амшын аԥшаҳәа иаҵанакуа аинфраструктура, ӷәала ааха анаҭеит.