
pressadmin-2
Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа Гагра ақалақь аҿы ирԥшааит иагьрымырхит 4 маининг-аппарат.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аконтрабандеи аҳазылхратә цәгьоурақәеи рҿагылара азы Аусбарҭа аусзуҩцәа Гагра ақалақь аҿы ирыԥшааит иагьрымырхит зхархәареи Аԥсны аҳазылхратә ҵакыра ахь аагареи рзы азин ыҟам акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа ԥшьба. Урҭ уаанӡа аҳазылхратә ԥҟарақәа реилагалара Аԥсныҟа иааган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.
2023 шықәса алагара инаркны Аԥсны атуризм Аминистрра аусзуҩцәа рыла иаарԥшхеит 36 -ҩык рҟынӡа изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызго ауаа.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны жьҭаарамзанӡа атуризм Аминистрра аусзуҩцәа атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аекономикатә цәгьоурақәа рҿагылара Аҟәша, Аԥсны аҳәынҭинспекциа, Аԥсны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа Рассоциациа алархәны изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызго ауаа раарԥшразы имҩаԥыргоз анҭыҵтәи ареидтә гәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны иаарԥшхеит 36-ҩык рҟынӡа изакәанымкәа аекскурсиақәа мҩаԥызго ауаа. Абри азы Аԥсны атуризм Аминистрра аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы адырра ҟаиҵеит аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц.
Атуризм Аминистрра ареестр инақәыршәаны ирыҭоу иаку ахкы змоу аекскурсиа амҩаԥгаразы амҩақәҵагақәеи агәышԥытә дыргақәеи (абеиџь ҳәа изышьҭоу) рымазаара азы агәаҭарақәа Афонҿыцтәи аберҭыԥ, Риҵатәи ареликтә-милаҭтә парк аҭаларҭа азааигәара, Аҟәатәи аботаникатә баҳча, ареспубликатә трасса иахьаҵанакуа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аԥыԥшырҭақәак рҿы имҩаԥган.
Ԥхынҷкәынмза 1 азы аквотақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу аҵараиурҭқәа рҭаларазы аусшәҟәқәа ралагаларазы иазыԥҵәоу аҽҳәара нҵәоит.
Аҟәа. Абҵарамза 29, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭаларц зҭаху аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзы адкыларатә кампаниа ахыркәшара аҟынӡа мышқәак роуп иаанхаз, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра.
Сынтәа Урыстәылатәи Афедерациа аквотақәа рыла аҵараиура азы азыҳәамҭақәа ралаҵара аҽҳәара иацҵахеит. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра еилкааны ас еиԥш ашьаҿа ҟанаҵеит, иара убри ала заԥхьаҟа истудентцәахараны иҟоу аусшәҟәқәа ралаҵара иазыԥҵәоу аҽҳәара ацҵарала урҭ урыстәылатәи аҵарадырра асистемеи зинтерес рымоу аҵараиурҭақәеи рзы адыррақәа цқьа еилыркаартә еиԥш алшара рзаԥнаҵеит.
«Аҟыбаҩи ахықәкынагӡареи злоу аҳәаанырцәтәи атәылауаа абакалавриат, специалитет, магистратуреи аспирантуреи иҭалар алшоит. Урыстәылатәи ауниверситетқәа адунеитә реитингқәа рҿы иреиӷьу апозициақәа ааныркылоит, урҭ еиуеиԥшым аусхкқәа рыла, IT-технологиақәа инадыркны амедицинеи арҿиаратә занааҭқәеи рҟынӡа аспециалистцәа разыҟаҵара иҳараку аҩаӡара ала еицырдыруеит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра апресс-релиз аҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
«Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла 90 шықәса ахыҵра иазку аҭоурыхтә ҟазшьа змоу ахҭыс гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит!
Ҳажәлар рҿахәы сахьаркыра ажәала уажәшьҭа акыр шықәса ҵуеит ҳтәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аус ԥшьа знапы алаку имырӡкәа иахьа уажәраанӡа еиқәырханы иааргоуижьҭеи. Ажәлар милаҭк аҳасаб ала еиқәзырхо, даҽа жәларк ирылазмырҩашьо иреиуоуп ахатәы бызшәа амырӡра, исахьарку ажәа абиԥарала аимдара. Ҳтәыла Раԥхьатәи Ахада В.Г.Арӡынба ишиҳәаз еиԥш: «Аԥсуа ҳәынҭқарреи аԥсуа бызшәеи рԥеиԥш еибаркуп». Уи иҵаулоу аҵакы еилкаауа, ари аныҳәатә амш аҽны ишәзеиӷьасшьоит ажәа сахьарк аҿы цәаара алзмыршо арҿиаратә гәаҳәара, ақәҿиарақәеи аманшәалареи!»
Ҭемыр Мықәба: ацәыргақәҵа «ЮГАГРО» аҿы ҳара ирацәаны иҿыцу, хра злоу адыррақәа ҳауит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ақыҭанхамҩеи ақыҭеи рыҿиара Ацентр ахаҭарнакцәа абҵарамза 21-24 рзы Урыстәыла, Краснодар ақалақь аҿы имҩаԥысуаз 29-тәи Жәларбжьаратәи ақыҭанхамҩатә техника, аиқәыршәагақәа, аҵиааӡареи ақыҭанхамҩеи раалыҵ аҭыжьреи аарыхреи аус адулареи рзы аматериалқәа рцәыргақәҵа рхы аладырхәит.
Ацәыргақәҵа рхы аладырхәит адунеи 14-тәыла рҟынтәи 600 еилазаара инареиҳаны. Аусмҩаԥгатә алахәылацәа Агроааглыхратә комплекс (АПК) аҿы иҿыцу ацәырҵрақәа ԥшь–ҟәшакны еихшаны рыдгалара мҩаԥыргоит: ақыҭанхамҩатә техникеи уи аԥсахга хәҭақәеи, агрохимиатә аалыҵи ажәлақәеи, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҵәахреи аус адулареи рзы аиқәыршәагақәеи амаругақәеи, иара убас аӡақәаҭәареи арԥхагақәеи рзы амаругақәа.
Ацентр аспециалист Ҭемыр Мықәба ацәыргақәа алахәхара атәы еиҭеиҳәеит:
Апроект «Акультуратә Цҳа: Урыстәыла – Аԥсны» ҩ-жәларык рытрадициақәеи рҵасқәеи релкаара азы ааԥхьара ҟанаҵоит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы аусура иацнаҵоит ацәыргақәҵатә експозициа. Уи ахықәкы хаданы иҟоуп Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара акультура-ҵарадырратә диалог ашьақәыргылара, иара убас ақалақь ауааԥсыреи асасцәеи аурыс культура аԥшӡареи абеиареи рырдырра. Аусмҩаԥгатә Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра адгыларала Автономтә Икоммерциатәым Аиҿкаара Иаарту аҵарадыра Ацентр «ПРОсвет» еиҿнакааз апроект «Акультуратә Цҳа: Урыстәыла – Аԥсны» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.
«Апроект анагӡара азы ихадоу астимулқәа ируакхеит ауаажәларра рыԥсҭазааратә шьақәгылара аусхкқәа зегьы рыла Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара ессаира изызҳауа аусеицура амҽхак. Уи анаука, аҵарадырра, акультура, уҳәа аусхкқәа рҿы аганқәа еиҳа изырааигәо ажәалагала ҿыцқәеи аԥшьгарақәеи реиқәыршәара иазкхоит», - ҳәа иазгәарҭоит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа.
Гагра араион аҿы аӡхагаларатә агрегатқәак ԥсахтәхоит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч», Аҟәа ақалақь Ахадара, Гагра араион Ахадара анапхгараҭара ахаҭарнакцәа алархәны, абҵарамза 26 – 27 ауха Аԥсны, Амшын Еиқәа аԥшаҳәа аҿы иҟалаз амшцәгьа ахҟьа-ԥҟьақәа рықәгара иадҳәалоу азҵаарақәа дрылацәажәеит.
Быжь балк рҟынӡа инаӡоз ацәқәырԥеисра аԥшаҳәа иаҵанакуа аинфраструктуреи ахатәы ҩнқәеи ӷәӷәала ааха анаҭеит. Аӡы рыҵалеит атрансформатортә станцеиҵақәеи аӡхагаларатә станциақәеи, иара убас Гагра ақалақь еиԥш Пицунда ақалақьи Алаҳаӡы ақыҭеи аӡрыжәтә, афымцалашара, уҳәа рыла реиқәыршәара асистема аиԥҟьарақәа аиуит.
Донбасс иҭахаз ҩыџьа ҳџьынџьуаа рыԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа рыԥсадгьыл ахь иааргеит Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз, 1992 шықәсазы ииз Дасаниа Шамил Анӡор-иԥеи, 1988 шықәсазы ииз Ачба Марзакан Зураб-иԥеи рыԥсыбаҩ.
Иҭахаз рыԥсыбаҩ Гагра араион Цандрыԥшь аҳаблеи Гәдоуҭа араион Приморское ақыҭеи инхо рҭаацәа ирырҭеит.
Гагра араион аҿы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны 47 ҭӡы аӡы рыҵалеит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз аҵх азы иҟалаз быжь-балк рҟынӡа инаӡоз амшынеисра иахҟьаны, Гагра 32 ҭӡы аӡы рыҵалеит, Пицунда – 8, Алаҳаӡы ақыҭан – 7 ҩны, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
Гагра ақалақь Аиқәырхара-ԥшааратә Отриад аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәхра иадҳәалоу аусурақәа нарыгӡоит. Аусурақәа рхы аладырхәуеит хаҭалатәи аилазаара иатәу 28-ҩык.
Абҵарамза 29 рзы амш еилгоит, маҷк аԥсҭҳәақәа хылоит.
Аҟәа. Абҵарамза 28, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, абҵарамза 29 рзы, Аԥсны Амшын Еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа ихьшәашәоу аҳауа зцу антициклон анырра аиуоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы Агидрометеорологиа аҟәша.