Аппаратқәа рконфискациа мҩаԥыргеит. Урҭ зегьы аамҭалатәи ашьҭаҵарҭа ахь инаргеит. Иарбоу аус азы аматериалқәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыргареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.
16.Лаҵара.2024
Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы иааныркылеит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа.
Аҟәа. Лаҵарамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазалхратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аконтрабандеи аҳазалхратә цәгьоурақәеи рҿагылара азы аҟәша аусзуҩцәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа зхы хаз, Аԥсны атәылауаҩ Деинеки Е.И. Машин зыԥсҟы икыз автомашьына Mercedes-Benz S320 ааныркылеит.
Амашьына агәаҭараан уи аҩныҵҟа иҭаҵәахыз амаининг аппаратқәа Whatsminer M30S хԥа рыԥшааит.