АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гагра араион   афымцаҳа макьаназы амашәыр зхылҿиааша аҭагылазаашьа амоуп.

Пицунда ақалақьи Алаҳӡы аҳаблеи рҿы звольҳараку цәаҳәак-цәаҳәак аҿыхуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч».

Бзыԥ аҳабла аҿы афымцала аиқәыршәара инагӡаны еиҭашьақәыргылоуп.

Гагра араион ахәҭак амшцәгьа иахҟьаны лашарада иаанхеит. Убас, Гагра ақалақь аҿы аҩнқәа рыгәраҵақәа аӡы ахьрыҵалаз иахҟьаны фымцалашарада иаанханы иҟоуп Абазгаа рымҩала игылоу аҩнеихагылақәа.   

«Афымцала аиқәыршәара аиҭашьақәыргылара иазку аусурақәа  ирылагоит аӡы анцалак ашьҭахь Аха макьаназы аԥсабаратә ҭагылазаашьа шыуадаҩу иаанхоит, акырџьара аӡы анеира иаҿуп.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа ҳазҭоу 2023-тәи ашықәс, жәымз ирылагӡаны имҩаԥгаз аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Telegram-канал «Очамчыра-информ».

«Ииасуа ашықәс аҿы зегьы реиҳа ихадоу проблеманы иҟоу акамшьиа акра иадҳәалоу асезон иахәҭоу аҩаӡараҿы иахьзыиамсыз ауп. Уи иахҟьаны, Очамчыра араион абиуџьет аҿы 80 миллион мааҭ инарзынаԥшуа азымхара шьақәгылеит»,  –  ҳәа иазгәеиҭеит Очамчыра Администрациа ахада.

Иааизакны, ахырхарҭақәа зегьы рыла арбагақәа реиӷьтәра шыҟоу умбар залшо. Ақалақь аиқәыршәазаара иазку аусурақәа мҩаԥысуеит, акоммуналтә маҵзурақәа рҭаххрақәа рзы иҷыдоу атехника аахәара алыршоуп.

Аҟәа. Абҵарамза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы  апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс, абҵарамза 29, асааҭ 06:00 инаркны 22:00 сааҭ рҟынӡа Шәача ақалақь аҿы амашьынақәа рныҟәара аԥкрақәа алагалахоит.  

Иарбоу аԥкрақәа хә-тоннаки уи инареиҳаны шьҭызхуа аидарамҩангага машьына дуқәа роуп изыдҳәалахо. Уахь иаҵанакуеит иара убас Аԥснынтәи Урыстәылатәи Афедерациахь ицо амашьына дуқәагьы. Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы «хыхь иарбоу аԥрақәа амашьыналасқәеи Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуа хазхаҭалатәи ахаҿқәа аҵанакӡом» ҳәа адырра ҟанаҵоит.

«Убри инамаданы, заанаҵы шәныҟәарақәа рмаршрутқәеи раамҭеи азԥхьагәашәҭаларц азы аҳәара ҟаҳҵоит», - ҳәа иазгәаҭоуп аҳәынҭқарратә ҳазылхзратә Еилакы иҟанаҵо адырраҭара аҿы.

Аҟәа. Абҵарамза 27, 2023. Апсныпресс. Иӷәӷәоу быжьбалк рҟынӡа инаӡоз амшынеисра ҟалеит Гагра ақалақь акваториа иахьаҵанакуа.

Амшын аԥшаҳәа иаҵанакуа аинфраструктура, ахатәы ҩнқәа ӷәала ааха роуит.  Амшын ацәқәырԥара иахҟьаны  аӡхагаларатә станциақәеи атрасформатортә станцеиҵақәеи аӡымҩангага хадеи аӡы рыҵалеит.

Гагра ақалақь Аиқәырхара-ԥшааратә Отриад аԥсеиқәырхаҩцәа иҟалаз амшцәҟьа ахҟьаԥҟьақа рықәгара иаҿуп. Ԥыҭҩык ауаа аӡы зҵалаз аҭыԥқәа рҟынтәи ревакуациа мҩаԥгахеит.

Иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра бааԥсы иахҟьаны хәҭакахьала Аҟәа ақалақь аҿы ахатәы ҩнқәак ааха роуит. Ҩыџьа ауаа аӡы зҵалаз аҭыԥқәа рҟынтәи ревакуациа мҩаԥгахеит. Аҳҭнықалақь аҿгьы аԥсеиқәырхаҩцәа иҟалаз амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара иазку аусмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аконституциа амш инамаданы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Ишәыдысныҳәалоит аҳәынҭқарратә ныҳәа - Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциа Амш!

Аҟәа. Абҵарамза 26, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит ҳтәылаҟны ихадарақәоу аныҳәақәа ируаку Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа амш!

1994 шықәса абҵарамза 26 рзы ирыдыркылаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа аҳәынҭқарра изинтәу аполитикатәи аекономикатәи ҿиара уасхырс иаиуит. Ҳҳәынҭқарра азакәан хада шьақәгылоуп Ҳаԥсадгьыл иахьатәи аԥсҭазаареи уаҵәтәи аԥеиԥши рзы иҳаду аҭакԥхықәрала. Ҳара уи аҵакы еиқәырханы абиԥара ҿыцқәа рызнагара ҳалҳашароуп.

Аҟәа. Абҵарамза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба ажурналист, арежиссиор, УАУ Ажәабжьқәа ркорреспондент Дмитри Статеинов иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит.

 

Адышшылараҿы иҳәоуп:

 

«Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатцәа рыхьӡала гәалсра дула ҳрыдышшылоит, рхьаа рыцеиҩаҳшоит Дмитри Статеинов иуацәеи иҭынхацәеи, иҩызцәеи, иколлегацәеи.

Акыр шықәса раахыс Дмитри Статеинов иколлегацәа-ажурналистцәеи иареи Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысуаз асессиа аилатәарақәа ҭихуан. Иусушьа, ҭакԥхықәрала аус иазнеишьа ала Дмитри Статеинов зегьы дрылуакаауан.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны-урыстәылатәи аҳәаа аҿы иааныркылеит 19 тонна инареиҳаны  закәаншьаҭада Аԥсныҟа зыиагара рҽазыршәоз атауар, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедеациа Афедералтә ҳазылхратә Маҵзура Аладатәи аҳазылхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Аҳазылхратә гәаҭараан Краснодартәи аҳазылхырҭа иатәу Ганрацәалатәи автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Адлер» аҿы иаанкылан Урыстәылантәи Аԥсныҟа иаауаз аидарамҩангагатә машьына «MAN”.  Аидара мҩанызгоз аҳазылхратә усбарҭа ахь инеигеит амашьынеи уи иҭаз аидари ирыцыз адокументқәа. Урҭ иарбаз ала, амашьына иақәыз  180 ааҵәа аџьықәреи акәын.

Аха иарбоу аидарамҩангага амобилтә аинспекциа-гәаҭаратә Комплекс (МИДК) ахархәарала аҳазылхратә гәаҭараан иаарԥшхеит 650 ааҵәа аполимертә хаҳәҷҷа. Уи аидара иацыз аусшәҟәқәа рҿы иарбаӡамызт. Ари аидара азеиԥш капан  19 тонн  иреиҳахеит.

Аҟәа. Абҵарамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Абҵарамза 25 рзы, Жәларбжьаратәи амчмырхара аҿагылара Амш аҽны аусура иалагоит есышықәса еиҿкаахо «Аҳәсеи аҳәсахәыҷқәеи рганахьала амч ахархәара аҿагылара иазку 16-мыш ирҭагӡоу жәларбжьаратәи акампаниа».

Аԥсны аҳәса Рассоциациа ауаажәларра рыҩныҵҟа амчмырхара аҿагылареи иарбоу апроблема разхьарԥшреи иазку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭаны иамоуп.  

Сынтәа акампаниа амҩаԥгара аҳәаақәа рҭагӡаны, Аԥсны аҳәса Рассоциациа абарҭ аусмҩаԥгатәқәа еиҿнакаауеит:

Аҟәа. Абҵаамза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа Венесуела Ахада Николас Мадуро  Иира Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иҳәоуп:

«Шәаҳаракыра! Шәира Амш инамаданы Аԥсны жәлар зегьы ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи ишәыдышәкыл гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәалара.

Шәара шәыԥсҭазаара зегьы шәыжәлар ринтересқәа ирызкуп, гәык-ԥсыкала шәыԥсадгьыл амаҵ азыжәуеит, Венесуела ахаҭа акәзар – аиашара, асоциалтә прогресс, ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара рзы иҿырԥшыганы иҟоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.