Ааӡаб зхызгаз, аџьамыӷәа цәгьа збаз аибашьраҟны, атыл аҟны, апартизантә отриадқәа рҿы 1945 шықәсазы аӷа иахьиҿагылаз, аҵыхәтәан уи дԥыххаа дықәырҵеит.
Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп аҿыхара иалагаз анацизм аиааиразы. Уалԥшьаны иҳадуп Аиааирахь инагаз амҩа хьанҭа иарбанзаалак шаҳаҭра азызуа, Аџьынџьтәылатә еибашьра афырхацәа ргәымшәара атәы зҳәо аиҷаҳара, аҭоурых аиашара азықәԥара, асовет жәлар афашизм аиааира иазку рҭоурых аицакра аҿагылара.
Акыр иаԥсоу аветеранцәа! Ҳхырхәоит шәгәымшәареи иаашәырԥшыз ахачҳареи рҿаԥхьа. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиара, агәамч, шәгәы иахәо, шәгәы ҟазҵо ахҭысқәа рацәахааит.
Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Аиааира ду ахыԥша шәыцзааит есқьынгьы ҳ- Аԥсадгьыл ахьӡала аихьӡара ҿыцқәа раарԥшраҟны.