Аҟәа. Лаҵарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш 79-шықәса аҵра иазку акциа «Ԥсра зқәым аполк» мҩаԥысит аԥшьаша, лаҵарамза 9 рзы Аҟәа ақалақь аҿы.
Раԥхьа акциа иалахәыз еизеит Ахақәиҭра Ашҭа аҿы. Анаҩс Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Аофициалтә Хаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов зхадараҿы дыҟаз аколонна Дырмит Гәлиа имҩала, анаҩс Леон имҩаду ала Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа ала идәықәлеит. Аиасра Идырым асолдат ибаҟа аҿаԥхьа иаанкылеит. Амҩан аколонна иацлон ауаа.
Амш бзиан, иԥхарран, амшын аҟынтәи аԥша ҟәанда асуан, ацыганцәа ракәзар, урҭ иҟоу аҭагылазаашьа рхы иархәаны ауаа ирыдыргалон абираҟқәеи арратә символика зну анкьаԥышҭақәеи. Акциа иара убас иалахәын зынӡа зықәра маҷӡаз ахәыҷқәагьы. Урҭ арратә форма ршәын. Ааигәа-сигәа иҟоу акаҳуажәырҭақәа рҟынтәи игон арратә аамҭақәа рзы иҩыз апартриоттә ашәақәа.