АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Лаҵара.2024

Ахӡырымгареи абаҩхатәреи дырҿырԥшыганы иҟаз: 110 шықәса ҵит Шәарах Ԥачалиа диижьҭеи.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 110 шықәса раԥхьа диит актиор, адраматург, арежиссиор, Асовет Еидгыла жәлар рартист, аԥснытәи амилаҭтә апрофессионалтә театр раԥхьатәи аусзуҩцәа иреиуаз Шәарах Ԥачалиа (1914–2000 шш.).

Ирҿиарамҩа алагамҭа

Заԥхьаҟа иартисхараны зынасыԥ иалаз Шәарах Ԥачалиа диит лаҵарамза 20, 1914 шықәсазы, Аԥсны, Гәдоуҭа араион Аацы ақыҭан.. Араҟоуп ихәыҷра ашықәсқәа ахьихыигаз. Ашколтә театралтә қәгыларақәа, иҩызцәеи иареи ашьапылампыл реицасра, ахәмаррақәа… Усҟан ари Аацытәи ақыҭаҷкәын адунеи аҟны еицырдыруа, Асовет Еидгыла Жәлар рартистны дҟалоит ҳәа ухаҿы иузаагомызт.

Шәарах Ԥачалиа иактиортә мҩа алагеит 1931 шықәсазы. Усҟан Шәарах далгоит Аҟәатәи адраматә студиа, араҟа уи ирҵаҩцәа дреиуан еицырдыруаз аԥсуа милаҭтә культура аусзуҩ нага Кондрат Ӡиӡариа, анаҩс аҵара иҵон В. И. Домогарови К. Ф. Ӡиӡариеи рыҟны. 1939 шықәсазы Шьоҭа Русҭавели ихьӡ зхыз Қарҭтәи атеатр иатәыз атеатртә студиа далгеит.

Артист аԥсуа ахәаԥшҩы иареи раԥхьаӡа реибадырра ҟалеит 1931 шықәса рзы. Усҟан иара, зынӡа иқәыԥшыз астудент, Самсон Ҷанба иқәыргыламҭа «Кьараз» аҿы ароль хадақәа руак дыхәмарит. Ҳәарада, актиорра илахь ианын уҳәар ҟалоит, инаигӡоз арольқәа зегьы идыршаҳаҭуан абаҩхатәра ду шилаз. Иаԥхьаҟа изыԥшын хыԥхьаӡара рацәала арольқәа – атеатр аҟны еиԥш, акино аҿгьы.

1931–1961-тәи ашықәсқәа, нас 1966 шықәса инаркны Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа – Самсон Иаков-иԥа Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр актоирси арежиссирси дыҟан. 1976 шықәса инаркны 1988 шықәсанӡа Аԥсуа драматә театр адиректорс аус иуан. 150 инарзынаԥшуа еиуеиԥшым арольқәа дыхәмарит.

 «Ахәаԥшыҩ уи игәра игон»

Шәарах Ԥачалиа иколлегацәа ишыргәаладыршәо ала, уи уианиабадырлак ашьҭахь иаразнак еилукаауан иара актиорс аҟалара илахьынҵаны ишыҟаз. Иара аԥсуа публика даара бзиа дырбон, имеихсыӷьуаз анапеинҟьарақәа рыла дрыдыркылон, дагьынаскьаргон. Аиҳарак ахәаԥшцәа ргәаҿы иаанхеит уи инаигӡаз Иаго ироль, Шекспир ипиеса «Отелло» аҟны ихадоу аперсонажцәа ируаӡәкыз.

«Шәарах убас дыхәмаруан, уи ироль угәаҵанӡа инамӡар ауамызт. Ахәаԥшыҩ уи деиликаауан, ахәаԥшыҩ уи игәра игон», – ҳәа аинтервиуқәа руак аҿы еиҭалҳәеит Аԥсны жәлар рартистка, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр аԥҵаҩы Софа Агәмаа.

«Иара ихәмарра сара раԥхьаӡа акәны избеит зынӡа саныӡӷабыз. Усҟан иара дызлаз атеатралтә гәыԥ агастрольқәа рыманы Аԥсны ақыҭақәа ирҭаауан, сара усҟан Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭан сынхон. Актиорцәа ҳзааит ҳәа ансаҳа, сҩызцәеи сареи аспектакль ахь ҳцеит», - ҳәа илгәалалыршәоит лара.

Аԥсны Жәлар рартист Шьалуа Гыцба, аспектакль «Отелло» ахәаԥшразы Асовет Еидгыла егьырҭ ареспубликақәа рҟынтәи иаауан ҳәа иазгәеиҭеит, уи атәы рыҩуан Асовет Еидгыла еицырдыруаз атеатралтә критикцәа, Шәарах Ԥачалиа  ихәмарра ахәшьара ҳаракы арҭон.   Иааизакны, Ԥачалиа асценаҿы 150 инареиҳаны арольқәа наигӡеит. Асценаҿы ақәгылара адагьы, уи 1939 шықәса инаркны аспектакльқәа ықәиргылон, убасгьы атеатр азы иҩхьан апиесақәа, иаҳҳәап: «Ачара ду», «Гәында».

1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы шықәсқәак аус иуан Ижевск, уа Удмуртиатәи адраматә театр арежиссиорс дыҟан, иара убас, напхгара аиҭон Ҭҟәарчалтәи ашахтиорцәа ртеатр.

Гьаргь Гәлиа ицхыраарала, усҟан Аԥсны аҟазара аусқәа рзы ахеилак аиҳабыс аус зуаз, Шәарах Ԥачалиа Москва И. М. Раевски иҟны Атеатралтә ҟазара Аҳәынҭқарратә Институт (ГИТИС) арежиссиор икурсқәа дрылгоит.

Шәарах Ԥачалиа Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩыс дыҟан. 1970-тәи ашықәсазы афилармониа аҟны иаԥҵаз аминиатиурақәа ртеатр «Чарирама» ашьаҭаркыҩцәа дыруаӡәкхеит, иара убасгьы, атеатр актиорс дыҟан, амоноспектакльқәа иманы дықәгылон. Аминиатиуратә театр арепертуар аҟны иҟан Д. Гәлиа, Б. Шьынқәба, И. Папасқьыр, М. Лакрба, Гь. Гәлиа, Шь. Ҷкадуа, А. Аргәын. П. Бебиа, Џь. Аҳәба, Н. Ҳашыг, А. Возба уҳәа аӡәырҩы рҩымҭақәа.

Шәарах Ԥачалиа  иоуп иаԥызҵаз Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиатә театр, насгьы ашьаҭаркҩыси анапхгаҩыси иҟаз.

Шәарах Ԥачалиа «Ачара ду» (1942), «Гәында» (1957), «ԥсра зқәым», «Мазлоу зегьы злоу», «Иҭахаз ақыҭа», «Салуман» уҳәа авторс дрымоуп. Акомедиа «Гәында» ықәыргылан Ужгород Закарпаттәи Украина амузыка-драматә театр асцена аҟны. Шәарах Ԥачалиа ҩ-шәҟәык – «Сара сзанааҭи» «Актиор имҩеи» авторс дрымоуп.

1940 шықәсазы  Шәарах Ԥачалиа Аԥснытәи АССР Жәлар рартист ҳәа ахьӡ. 15 шықәса рышьҭахь, 1955 шықәсазы - Қырҭтәылатәи ССР Жәлар рартист ҳәа. 1966 шықәсазы Ԥачалиа дхынҳәуеит С. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ахь, 1976 шықәса инаркны 1988 шықәсанӡа уи атеатр хадара азиуан.

Шәарах Абзагә-иԥа Ԥачалиа иԥсҭазаара далҵит 2000 шықәсазы. Анышә дамадоуп Аԥсны ауаажәларратә усзуҩцәеи ашәҟәыҩҩцәеи Аҟәатәи рпантеон аҟны.

Шәарах Ԥачалиа иааигәаны дыздыруаз зегьы рзы илеишәа шыцәгьаз, ихахьы иигоз аҭакԥхықәрагьы шырацәаз, аламыс змаз, зуси зажәеи еимадаз, аҟыбаҩ ду злаз, зтеатр бзиа избоз уаҩны дшыҟаз атәы азгәарҭоит.

Иџьбараз, абаҩхатәра дуи, аламыси, ауаҩреи злаз Шәарах Ԥачалиа ухаҿы дааугарц азы иуҳәаша аепитетқәа рацәаӡоуп. Арҭ зеиӷьаҟам аҟазшьақәа рыла ихарҭәаахоит ахӡырымгареи абаҩхатәреи дырҿырԥшыган иҟаз иналукааша ауаҩы – Шәарах Ԥачалиа ихаҿсахьа.

Иара еиҵагыло абиԥарақәа рзы иҭынхеит хәызмаӡам зхатә ҟазшьа змоу, акы иуцәаламҩашьо аԥсуа театри акиноуи рдунеи.   

 

 

 


Read 224 times - Ашәахьа, 20 Лаҵара 2024 20:22
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.