АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынгәы.2024

Аӡрыжәтә азымхара апроблема аӡбара иаҿуп Гал араион аҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал араион Шьашьыкәара ақыҭан арезервтә ӡхагаларатә станциа аргылара иадҳәалоу аусурақәа ахыркәшарахь инеит.  Уи араион ӡыла аиқәыршәараҿы иҟоу аиԥҟьарақәа рыпроблема аӡбара алнаршоит.

«Акыр аамҭа Гал ақалақь аҿы ӡыла аиқәршәара апроблема ыҟан. Ҿыц иргылахо аӡхагаларатә станциа араион ауааԥсыра иҭышәынтәалоу ӡыла аиқәршәара рнаҭоит. Ихадоу астанциа аҿы аиԥҟьара ҟаларгьы, уи автоматла (ахала) аусура иалагоит, иара убри ала аӡы аашьҭра аганахьала апроблемақәа акыр иармаҷуеит», - ҳәа иҳәеит гал араион Ахадара афинанстә Усбарҭа аиҳабы Ҳаџьараҭ Аӡынба.

Идыргылахьеит аӡхагаларатә станциа ахыбра, ишьақәыргылоуп амқьаҭқәа зықәыргылахо аиха-бетонтә шьаҟақәа, асовет аамҭа азы ижыз 11 ҵеиџь рҟынтәи 4 еиҭашьақәыргылоуп. 

«Ҵеиџьк аусура иалагахьеит, уи иаанашьҭуа аӡы амҽхак ҳара акыр иаҳзыманшәалоуп. Иара убас иаахәан ишьҭоуп ихымԥадатәиу аҵантәии адәныҟа ирхоуи аӡхагалагақәа, хара имгакәа, иааиуа ҩымчыбжь иахымгакәа урҭ Аԥсныҟа иаагахоит.  Ари астанциа арезервтә ҵакы адагьы, ӡыла аиқәыршәара асистема аҿы иахәҭоу ақәыӷәӷәара ашьақәыргылара азы иназыцҵоу ахархәара аманы иҟалоит», – ҳәа изаамҭанытәиу апроцесс дахцәажәо иазгәеиҭеит анардкыларатә еиҿкаара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «ДАНА» ахаҭарнак Саид Сангәлиа.

Араион Ахадара ахаҭарнакцәа ишазгәарҭаз ала, аргыларатә усурақәа ирылагаанӡа аӡы ахкы агәаҭарақәа мҩаԥган, уи асанитартә нормақәа зегьы ишрықәшәо шьақәырӷәӷәахеит.

Иара аӡхагаларатә станциа ахьыргылахо аҭыԥ ахаҭа акәзар, уаанӡа уаҟа иӡбаараны иҟан, аха аԥслымӡ-бӷанҷтә еилаԥса ахархәарала адгьыл аҿыгҳара ашьҭыхра иадҳәаланы имҩаԥгаз аусурақәа ирыбзоураны араҟа аринахыс аӡы ақәлараны иҟаӡам. Ишьақәыргылахо асистема 100 кубометр рҟынӡа зкуа амкьаҭ  аус анаруеит,  анаҩс уаантәи аӡы ахалацарала адәахьтәи аӡхагалақәа рҟынӡа инеилоит, уаантәи ақалақь аӡеиқәыршәагатә система иалалоит.

Апроект анагӡара ҳаамҭазтәи амаҭәахәқәеи амаругақәеи рхархәарала имҩаԥысуеит, зыгәҭаӡа 160 мм. рҟынӡа инаӡо апластик иалху ашәырақәагьы уахь иналаҵаны.  Ас еиԥш агәҭаӡа змоу аӡымҩангагатә шәырақәа ралхра машәыршақә иҟамлаӡеит.   Уи аӡы алсралшара еиӷьнатәуеит, арҭ ашәырақәа аметалл иалху раасҭа еиҳа акыр ицоит.

Астанциа аусура иалагоит, Гал ауааԥсыра рзы раԥхьатәи аӡы аанашьҭуеит ҳазҭоу ашықәс нанҳәамза нҵәаанӡа.  

Иарбоу апроект ахарџьынҵа 13 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Уи афинансыркра мҩаԥысуеит Гал араион абиуџьет аҟынтәи Ареспубликатә биуџьет  аҟынтәи иазоужьхо адотациақәа рыла.


Read 282 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:03
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.