АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынгәы.2024

Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк иахьаҵанакуа мҽхакы ҭбаала арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит.

Аҟәа Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә парк ахь инеиуа амҩа аҿы арыцқьаратә усурақәа мҩаԥыргеит. Апарк абнахылаԥшҩы хада Ҭенгиз Џьергениа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо имҩаԥгаз аусурақәеи иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит.

Ҭенгиз Џьергениа иажәақәа рыла, Гагтәи аӡхыҽҽа ахь инагоу 20 км. рҟынӡа иҟоу амҩа аҿы арыцқьаратә усурақәа иҷыдоу атехниа ахархәарала имҩаԥысуан ҳәа иазгәеиҭеит. 

«Аусурақәа есышықәа имҩаԥысуан, аха уажәы уи амҽхак еиҳа еиҳахеит. Ари даара акыр аҵанакуеит атуристцәа рзы, иара убас ҳмашьынарныҟәцаҩцәагьы рзы. Ари аҟара ауаа ахьаауа аҭыԥ аҿы иҭшәоу амҩақәа рҿы дара-дара еизыԥшлар акәхон, уи аамҭа рацәа рцәагон, иаргәамҵуан. Шьҭарнахыс уи аганахьала изеиԥшразаалак  уадаҩра ыҟаӡам», – ҳәа еиҭеиҳәеит иара.

Амҩа арыцқьара иадҳәалоу аусурақәа  рымҩаԥгара азнаказы иахыргар акәхеит. Аӡиас аԥшаҳәа аҿы амш хбарраны иҟан, ашьхараҿы акәзар, лассы-лассы ақәа ауан.  Иахьазы Пшыц ахырхарҭала Кәыџба-Иаштхәатәи абнахылаԥшра аҟынӡа  30 км. аҟынӡа амҩа рыцқьоуп.  Апарк абнахылаԥшҩы хада ари ауснагӡатә аҵак ду заҵаз атәы еиҭеиҳәеит. Араҟа адольменқәа, аҳаԥы, аидарагага ԥсахырҭатә пункт ахьыҟоу атуруисттә маршрут ыиасуеит.

«Абар ҩымшуп ҳара Ауадҳара аганахьала амҩа апланркра, аварахьтәи анаарақәеи  аӡҩаршьҭрақәеи ррыцқьара ҳалагеижьҭеи.  Уи ашьҭахь Пыв аҩхаа ахь ҳхы ҳархоит. Сара сгәаанагарала, ҳазҭоу амыз нҵәаанӡа ҳара апланркра хыркәшаны аусурақәа рынагӡарахь ҳаиасуеит», - ҳәа иҳәеит иара.


Read 296 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.