Убас, ақыҭа ауааԥсыра амҩа аиҭашьақәыргыларазы аҵыхәтәан анапхгара рыҟны рнеира ашьҭахь, Аҳәынҭқарра Ахада ажәа риҭеит ари азҵаара хымԥада ишыӡбахо азы.
Алхас Ҷыҭанаа Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит имҩаԥгоу аусуразы. Акаҭран зықәҵоу амҩа аура иартәоит 2,5 километра, аҭбаара — 5 метрак. Уи иажәақәа рыла, амҩа аиҭашьақәыргылара мҩаԥысуан жәамш рыҩныҵҟа. Заа аӡымҩангагақәа алган, раԥхьа абӷанҷ ықәыԥсан, ириашан, убас егьырҭ азыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥган.
Аслан Бжьаниа иара убас Ешыра ақыҭа Администрациа ахада Ҭамара Аҩӡба-Езыгәбаиа, ақыҭауаа, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥызго аиҿкаара ахаҭарнакцәа драцәажәеит.
Ақыҭауаа Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит акыраамҭа иззыԥшыз арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара ахьалыршахаз азы, аҳәара ҟарҵеит аидара дуқәа мҩанызго амашьынақәа рныҟәара аԥкразы. «Амҩа аркьаҿуеит ҳәа ари амҩала ицоит Ешыратәи анефтбазахь амҩа иқәу автоцистернақәа зегьы. Убри иахҟьаны амҩақәа бжьысуеит», - ҳәа иҳәеит ақыҭаҟны инхо В. Ладариа. Аслан Бжьаниа Аҟәа араион ахада инапы ианиҵеит ари азҵаара Аҳәынҭавтоинспекциа адырра рыҭаны, аԥкразы иақәнагоу адыргақәа рыргыларазы.
Аҟәа араион Шыцкәара аҳаблаҟны амҩа аиҭашьақәыргыларазы ареспубликатә биуџьет аҟнытә иазоужьын 59 млн мааҭ. Аҳәынҭҿаҵа нанагӡон Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Амҩа-ргыларатә комбинат».
Аҳәынҭқарра Ахада арҽеиратә усурақәа рхаҭабзиара аҳаракреи аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы иамоу аҵаки азгәаҭаны рымҩаԥгашьа бзиоуп ҳәа рыхә ишьеит.