АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынгәы.2024

Очамчыра араион аҿы инхо ахаҵа цәгьашақә атәым мазара ақәхра азы ахара идҵоуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Амца ацраҵарала атәым мазара аԥхасҭатәреи ақәхреи рзы ахара идҵоуп 1987 шықәса рзы ииз, Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа иатәу, аха аамҭала Гагра араион аҿы инхо  Хубуҭиа Џьино Даур-иԥа. Уи ииблыз амазара ахәԥса аицҵалыҵ  1 млн. 200 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.

Џьино Хубуҭиа ззин еилагоуи иареи ирыбжьалаз аимак-аиҿак ашьҭахь, аҵх иҽалагӡаны Ԥсахара ақыҭан иҟоу уи лыҩны аҵакыраҿы днеины  1 литрак абылтәы ихы иархәаны уа игылаз автомашьына Toyota Crown Athlete амца ацреиҵеит.   Убри аан иара убас уи ааигәаа игылаз даҽаӡәы  имашьынагьы амца акит.  Анаҩс Џьино Хубуҭиа аҭыԥ аҟынтәи иҽиӡеит.

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи еицхырааны имҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатә иабзоураны Хубуҭиа Џьина дааныркылеит. Уи дбаандаҩыртәит. Аусеилыргара мҩаԥнагоит Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша.     


Read 154 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.