АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынгәы.2024

Уахыки-ҽнаки рыла 12- ҩык ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз иахҟьаны амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымырхит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киут хаҭала ихылаԥшрала Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рҿы ареидқәа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-лассы иҟало иалагаз аԥстәбара зцу амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа инарымаданы, ареспубликатә мҩадуқәа рҿы амҩаҿы аныҟәара ашәарҭадара аҩаӡара ашьҭыхра иазырхоу ареидтә усмҩаԥгатәқәа рӷәӷәоуп.

Автоҳәынҭинспекциа аусура ахылаԥшра азҭо, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, амҩа-транспорттә машәырқәа реиҳарак ижәны, мамзаргьы анаркотиатә маҭәашьарқәа рыдкыланы амашьына аԥсҟы зкуа амашьынарныҟәцаҩцәа рхарала иҟалоит ҳәа иазгәеиҭеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа  ас еиԥш иҟоу амашьанарныҟәцаҩцәа , иара убас зыламыс кьаҿу, аусуразы ихымԥадатәиу алицензиа ада апассаџьырцәа мҩанызго ауаажәларратә транспорт аныҟәцаҩцәа раарԥшра рҽазыршәоит.

Ԥхынгәымзазы ихацыркыз ареидтә усмҩаԥгатә аҵх агәанынӡа имҩаԥысуан. Уи иалагӡаны еиқәыршәахеит административтә зинеилагарақәа рзы 238 пкаанҵа. Иҳараку ахараԥсақәеи амашьырныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымхразы аԥҟарақәеи  шышьақәыргылоугьы амашьынарныҟәцаҩцәа уеизгьы ижәны амашьына аԥсҟы шыркыц иркуеит.

Иацтәи амш иалагӡаны 12 - ҩык ижәны амашьына аԥсҟы ахьыркыз иахҟьаны амашьынарныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымырхит. Хә-машьынак рымхуп, урҭ аҭагылазаашьақәа зегьы реилкаара мҩаԥысуанаҵы ахараԥсатә ргыларҭа ахь инагоуп.  

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут амашьынарныҟәцаҩцәа рахь амҩатә ԥҟарақәа рықәныҟәареи аҭакԥхықәра аарԥшреи рзы аахьара ҟаиҵеит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иазԥхьагәанаҭоит ареспубликатә трасса аҿы 50 рҟынӡа  афото-видео камерақәа рышьақәыргылара. Авидеокамера  ҿыцқәа еиужьу ацәаҳәа адыргақәа рхысра, иԥгалоу ацәаҳәа ахь аиасра  рнылоит, иара убас аԥсҟы кны аҭел ала ицәажәо, мамзаргьы ашәарҭадара амаҟақәа змам ауаа аанарԥшлоит.  Уажәы иарбоу административтә зинеилагарақәа «напышьашәала» раарԥшра мҩаԥысуеит. Аха аҵакыра зегьы амҽхакра азы аусзуҩцәа-аинспекторцәа азхаӡом.

Аԥхынтәи аамҭахәҭа азы еиҳа ақәыӷәӷәара аиуоит ҳреспублика атуристә гәашәқәа ҳәа ирыԥхьаӡо – Гагра ақалақьи уи акәша-мыкәшеи.  Араҟа аштат инагӡаны иахьеидкылам азы Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа инормакым арежим ала аус рулар акәхоит.

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут идҵа ала, ареидтә усмҩаԥгатәқәа аринахысгьы рымҩаԥгара иацҵахоит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра агәҽанызаара ҟанаҵоит ареидқәа рхықәкы хаданы ишыҟоу атәылауаа ргәабзиареи рыԥсҭазаареи ахьчара. 


Read 292 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:05
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.