АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Ԥхынгәы.2024

Аԥсышәала ицәажәо аудиошәҟәқәа хәба рӡыргара мҩаԥысит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы аԥсышәала ицәажәо аудиошәҟәқәа хәба рӡыргара мҩаԥысит. Абри азы адырра ҟалҵеит Аусбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳа.

«Ҳара ҳусбарҭа, еиҭагоу аклассикеи иоригиналу ахәыҷтәы литературеи уахь иналаҵаны, ахәыҷтәы литература аҭыжьра иазку аусура мҩаԥнагоит», - ҳәа еиҭалҳәеит лара.

Гәында Кәыҵниаԥҳа, иахьа аудиодискқәа шьҭа уиаҟара актуалра рыманы иҟаӡам, аха аудиошәҟәы аформат апопулиалра аҵоуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Иҭҳажьуа ашәҟәқәа зегьы рахь аудиошәҟәқәа ацҭҳажьуеит, избан акәзар иҟоуп ауаа зхатәы бызшәала аԥхьашьа ззымдыруа. Уи хымԥадатәиуп иара убас ахәыҷқәа аԥсышәала ацәажәара раҳарц, игәныркыларц азы. Аудиошәҟәқәа абжьы ахарҵоит ҳара ҳактиорцәа, иара убри ала ҳара, ус иуҳәар ауазар,  атекст аҳареи ҳбызшәа иамоу аԥшӡареи абеиареи анырреи рзы  алшара аԥаҳҵоит», - ҳәа илҳәеит лара.

Аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭеилакы аусура, раԥхьа иргыланы атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш  –  еиҵагыло аҿар ирзырхоуп.  

«Ишыжәдыруа еиԥш, уажәы даара иполулиарны иҟоуп асоциалтә ҳақәа, убри аҟнытә ҳара а-телеграм канали а-иутуб-канали раартра азы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит. Араҟа иубар алшоит еицырдыруа аԥсуа поетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи иаԥырҵаз ахәыҷтәы жәеинраалақәеи алакәқәеи.  Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ахәыҷқәа рзы аинтерес зҵоу аҿыц лагалақәа рыҟаҵаразы», -ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Гәында Кәыҵниаԥҳа.

Аудиошәҟәқәа аус рыдырулон арҿиаратә коллектив. Уи аилазаараҿы аредактор хада Гәында Кәыҵниа лнаҩс иҟоуп абжьырежиссиор  Алхас Марколиа, апроект анапхгаҩы Гәында Сақаниа, арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа, иара убас атеатр актиор ҿарацәа.

Ааигәа аҳәынҭқарратә бызшәатә политика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы аԥсшәахь еиҭагоу  Г. Х. Андерсен илакәқәа актәи аизга аҭыжьра мҩаԥнагеит, уажәы аҭыжьразы аҩбатәи ахәҭа архиара иаҿуп.  Гәында Кәыҵниа, 2025 шықәсазы аԥсуа мультфильм аҭыхра азы аԥаратә хархәагақәа разԥхьагәаҭара азы агәҭакқәа ыҟоуп ҳәа  иазгәалҭеит.

Абжьырежиссиор Алхас Марколиа апроект аиҿкааҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит, уи иаҵоу аҵакы ахадарагьы азгәеиҭеит.

Аӡыргараҿы арежиссиор Виачеслав Аблоҭиа апроект аҿы алахәхара азы иоуз ааԥхьара гәахәарыла идикылеит, насгьы акоманда зегьы аусура даара игәаԥхеит ҳәа еиҭеиҳәеит.

«Сара иаразнак исҳәеит аԥышәа змоу актиорцәа, апрофесионалцәа сҭахуп ҳәа, избан акәзар аԥышәа змам актиор қәыԥшцәа аус рыцура маҷк иуадаҩуп ҳәа. Аха сара даараӡа сзеигәырӷьо, арҭ ауаа қәыԥшцәа иаразнак аусура рҽаларгалеит, ашьхыцқәа реиԥш тәамҩахә ҟамҵа аус руа иалагеит: уаныҩналозаалагьы – доусы уск-уск иаҿын», - ҳәа игәалаиршәеит иара.

Гәында Сақаниа апроект ахықәкы хадас иҟаз аԥсуа бызшәеи алитературеи рбеиара, аетнос аӡыргара акәын ҳәа  инаҵшьны иазгәалҭеит.  

«Ҳара ҳзы ари еихьӡара дууп, зеиӷьаҟам алшара ахьҳамоу «ахәыҷтәы канал» ҳәа ҿыӷәӷәала иззуҳәар ҟало ҳ-YouTube-канал ацхыраарала   аԥсуа бызшәа ҳара ҳашьҭахь иааиуа рзы еиԥш, иааизакны зхатәы бызшәа бзиа избо, изаҳар зҭаху зегьы рзы аилкаара маншәаланы иҟалартә аҟаҵара», - ҳәа илҳәеит лара. 

 

 

 

 

 


Read 274 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.