АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынгәы.2024

Очамчыраа ақалақь Амш аламҭалазы асанитартә акциа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақь Амш азгәаҭаа аламҭалазы Очамчра ақалақьзегьтәи аекологиатә санитартә усмҩаԥгатә мҩаԥыргеит. Ашьыжь шаанӡа инаркны аусурақәа ирылагеит араион Ахадара, абиуџьеттә еиҿкаарақәа рхаҭарнацәеи зықалақь бзиа избоу ауааԥсыреи.

Амшира Очамчыра инарҭбааны иазгәанаҭараны иҟоуп ԥхынгәымза 13 аҽны. Ари амш аҽны ақалақь иазыԥшуп хыԥхьаӡара рацәала асасцәа: Аԥсны Анапхгара, аҳәаанырцәтәи аделегациақәа аиашьаратә қалақьқәа рҟынтәи ахаҭарнакцәа.

Араион Ахадара атуризми жәларбжьаратәи аимадарақәеи амассатә информациа ахархәагақәа рымадареи рзы аҟәша аиҳабы Дмитри Кобахьиа аилыргаратә усҩаԥгатә шымҩаԥысуаз атәы еиҭеиҳәеит.

«Аҩны аԥшәма асасцәа раара дшазыԥшу, иҽшазыҟаиҵо еиԥшҵәҟьа ҳаргьы ҳҽеилҳаргоит, ҳҽазыҟаҳҵоит, избан акәзар ари ҳара зегьы ҳаҩны, ҳақалақь гәакьа ауп. Иахьа доусы илшоз ала ацхыраара ҟаиҵеит. Анапхгаҩцәа, урҭ рхаҭыԥуаҩцәа, аусзуҩцәа, зегьы еиԥшны еидгыланы аус руан», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Ақалақь Амш аламҭалазы аекологиатә санитартә акциа амҩаԥгара шьҭа Очамчыра ауааԥсыра рзы хра злоу традицианы ишьақәгылеит. Иагьа иуадаҩзаргьы, ишоуразаргьы, аха зегьы араион ахада Беслан Бигәаа иҟаиҵо ааԥхьара иадгылоит, аусурақәа активла рхы аладырхәуеит.  Азеиԥш ус акыр аҵанакуеит аиҳабацәа рзы еиԥш аиҵбацәагьы рзы.

«Ари ҿырԥшы бзиоуп еиҵагыло аҿар рзы. Уи ақалақь гәакьа бзиа ишбатәу, ишацхраатәу днарҵоит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Кобахьиа.


Read 219 times - Аҩаша, 16 Ԥхынгәы 2024 12:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.