
pressadmin-2
Андрей Погосов: Аӡиудо азы Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа рылахәхара акыр аанагоит ҳаспортсменцәа рзы.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аспорттә Клуб «Алмаз» акоманда 15 шықәса зхымҵыц арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара аӡиудо азы Ахәыҷтәы лига «Триумф Energy» Урыстәылазегьтәи аицлабрақәа I атур иалахәхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа.
Аицлабрақәа мҩаԥсуан ажьырныҳәамза 18 -20 рзы ақалақь Армавир аҿы. Аӡиудо азы аԥснытәи арԥарцәа ркоманда акомандатә еиԥыларақәа хәба мҩаԥыргеит. Аспорттә Клуб «Алмаз» аспортсменцәа иреицлабуан Урыстәыла иреиӷьу акомандақәа иреиуаз акомандақәа. Актәи аиԥылараҿы дара ирыцлабуан Волглградынтәи акоманда, аиааирагьы ргеит, анаҩстәи ԥшь-еиԥыларак рҿы – Армавир, Анапа, Новороссиск, Краснодар акомандақәа иреицлабуан. Аԥсны акоманда арҭ аицлабрақәа ҩынтәны ирылахәхоит.
Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҿы имҩаԥысит згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа рааӡара атемала анаука-практикатә семинар.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 24 рзы Аҟәатәи ацхыраагӡатә школ аҿы «Згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәа қәҿиарала рсоциализациа амҩаԥысра азы аџьатә зыҟаҵара рыҭареи рааӡареи» атемала жәларбжьаратәи анаука-практикатә семинар мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа.
Асеминар аалыртит Аҳҭнықалақь Ахадара аҵара Аусбарҭа аиҳабы Асҭанда Ҭаркьыл. Лара ас еиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгареи аҳәаанырцәтәи аспециалистцәа рԥышәа рымадареи иаҵоу аҵакы ахадара азгәалҭеит, асеминар иалаху зегьы хра злоу аусуреи ақәҿиарақәеи рзеиӷьалшьеит.
Ацхыраагӡатә школ адиректор Викториа Ҭаркьыл асеминал иалахәыз ашол аҿы аҵара-ааӡаратә усура шышьақәгылоу атәы рзеиҭалҳәеит.
«АЗиД» абылтәы аужьҭра еиҭалагеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәы еилазаара «АЗиД» аофициалтә саит аҿы абылтәы зҭаз авагонқәа аҳәаа иахыҵны Аԥсныҟа иалалеит ҳәа адырра ҟаҵоуп. Убри инамаданы, иахьа, амш аҩбатәи азыбжа азы етап-етапла «АЗиД» Абылтәыҭаҭәарҭатә Станциақәа раартреи абылтәы аужьҭреи ирылагоит. Иара убас акорпоротивтә клиентцәа рыхсаалагақәа рхарҭәаара азы азыҳәамҭақәа рыдкылара иалагоит.
Абоксиор Харитон Агрба индаҭлаҩ иҽииԥсахит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 10 рзы абоксиор Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы диԥылоит аԥышәа змоу урыстәылатәии адунеитәии атитулқәа рыпретендент Ваге Саруханиан (20-3-2, 4 КО). Икариера иалагӡаны Ваге Саруханиан Џьованни Страфона, Игнасио Мендос, Карлос Кордобу, уҳәа реиԥш иҟоу зыхьӡ нагоу абоксиорцәа дрыцлабхьеит, убас ала уи аԥышәа ду шимоу азгәаҭатәуп.
2023 шықәса аҩныҵҟа Аҟәа араион аҿы 36 цәгьоура ҟалеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы имҩаԥгаз аусура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкын Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аҿы имҩаԥысыз аусуратә еилатәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша аиҳабы Русҭам Бжьаниа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2023 шықәсазы Аҟәа араион аҿы ашәҟәы иҭагалан 36 цәгьоура. Урҭ рахьынтә иаартын 32 цәгьоура (88,9%). 2022 шықәсазы иҟалеит 40 цәгьоура, иаартуп– 35.
Иӷәӷәоу ацәгьоурақәа 12 ҟалеит иҳаҩсыз 2023 шықәсазы, иаартуп – 9. 2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 11 иӷәӷәоу ацәгьоурақәа, иаартуп – 8.
Еиҵахеит атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭара иҭазыргыло ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара.
2023 шықәсазы араион аҿы ашәҟәы иҭагалан атәым мал аӷьычра иадҳәалоу ацәгьоурақәа ҩба.
Араион аҿы изакәанымкәа абџьар ахархәара, изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсра, амбжьахра, уҳәа реиԥш иҟоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аиҵахара убаратәы иҟоуп, ҳәа иазгәеиҭеит Русҭам Бжьаниа.
Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет асаит аҿы иаатит асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа ионлаин-цәыргақәҵа.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет аофициалтә саит аҿы иаатит Аԥсни Урыстәылеи асахьаҭыхыҩцәа Реидгылақәа алахәыла, асахьаҭыхыҩ Руслан Габлиа иҭыхымҭақәа ронлаин-цәыргақәҵа «Аибашьцәа рпортретқәа».
«Иарбоу онлаин-цәыргақәҵа Ареспублика Аԥсны акультура Аминистрреи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет иԥшааху аҟазарақәа Ринститут асахьаркыра-графикатә факультет арҵаҩцәеи русеицураҿы раԥхьатәи шьаҿаны иҟалоит», - ҳәа иаҳәоит Москватәи аҳәынҭқарратә педагогикатә Университет аофициалтә саит адаҟьа аҿы.
Атәылахьчара аминистр Владимир Ануа арратә хәҭақәа ринспекциатә гәаҭара мҩаԥигоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Владимир Ануа арратә хәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи атәылахьчаратә Хылаԥшырҭа ашьҭаҵарҭақәеи рҭагылазаашьа агәаҭара мҩаԥигоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Аинспекциатә гәаҭара ахықәкы хаданы иҟоуп: арратә нхарҭақәа реиқәыршәазаара агәаҭара, аруаа рыбзазаратә ҭагылазаашьеи архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи рырратә зыҟаҵара аҩаӡареи ргәаҭара.
Урыстәылатәи ареставраторцәа ргәыԥ ажьырныҳәамза 25 рзы Аԥсныҟа иаауеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 20 – 21 ауха Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгылара иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иҟалаз абылра иацәынхаз асахьақәа рхыԥхьаӡареи урҭ рҭагылазаашьеи, иара убас асахьақәа ррестоврациа мҩаԥызго атәы ахаша, ажьырныҳәамза 24 рзы ажурналистцәа ирзеиҭалҳәеит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Сариа Маршьан.
Уи лажәақәа рыла, еиқәхаз асахьақәа ахьнагаз С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр ареквезиттә зал аҿы абар ҩымшуп урҭ реиқәыԥхьаӡара мҩаԥысуеижьҭеи. Реиқәырхара алыршахеит 200 инарзынаԥшуа асахьаҭыхыҩцәа Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габлиа, Виссарион Ҵәыџьба рсахьақәа. Асахьақәа рышәҟәҭагалара ашьҭахь И.Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека ахь ииагахоит.
Аминистрцәа Реилазаара аҿы Адоуҳа-иашахаҵаратә центр «Вятский Посад» ахада иԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идикылеит Адоуҳа-иашахаҵаратә центр «Вятский Посад» ахада Геннади Цуркови Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама ахада Виссарион Аплиааи.
Аиԥылараҿы аиашахаҵаратә, иааизакны акультуратә традициақәа реиқәырхареи реихаҳареи рганахьала аусеицура аперспективақәа ирылацәажәеит.
Аслан Бжьаниеи Џьансыхә Нанбеи аҩаша абылтәы зҵаара аӡбаразы Москваҟа ацара ргәы иҭоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 24, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьазы агәынамӡара зызцәырҵыз абылтәы еилазаарақәа рхаҭарнакцәа Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿаԥхьа еизеит.
Дара рахь дцәырҵит аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба.
«Ишыжәдыруа еиԥш, ҳара ҳҿы абылтәы инамаданы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа зегьы, атәыла анапхгарагьы уахь иналаҵаны, агәҭынчымра рызцәарнагеит. Ари Апарламент аплошьадка аҿы аԥснытәи абылтәытә еилазаарақәа рхаҭарнакцәеи адепутатцәеи ҩынттәи реиқәшәара ауп. Ареспублика анапхгара ари азҵаара аӡбаразы иалшо зегьы ҟанаҵоит. Ҳара баша ари азҵаара ахала иӡбахоит ҳәа ҳазыԥшӡам, ҳара иҳалшо ала уи аӡбара ҳҽазаҳшәоит. Аҩаша (ажьырныҳәамза 30 рзы – аред. АП азгәаҭара) Аҳәынҭқара Ахада Аслан Бжьаниеи сареи Москваҟа ҳаиццараны ҳаҟоуп. Уаҟа Урыстәыла анапхгара иалоу ахаҿқәеи ҳареи иарбоу азҵаара налаҵаны хадара злоу егьырҭ аҳәынҭқарратә зҵаарақәагьы ҳрылацәажәараны ҳаҟоуп», – ҳәа иҳәеит иара.