АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынгәы.2024

Аминистрцәа Реилазаара аҿы ареспубликатә биуџьет ахарџь ала аобиектқәа реиҭашьақәыгылареи рыргылареи иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб 2024 шықәсазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи аԥаратә хархәагақәа рыла зеиҭашьақәыргылареи зыргылареи мҩаԥгатәу аобиектқәа рсиа ала иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рылацәажәара азы аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аҟәа ақалақь ала имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рфинансыркра  азеиԥш еицҵалыҵ 30 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит;

Гагра араион аҿы   – 12 млн. 500 нызықь мааҭ;

Гәдоуҭа араион аҿы  – 21 млн. 545 нызықь мааҭ;

Аҟәа араион аҿы – 2 млн. 890 нызықь мааҭ;

Гәылрыԥшь араион аҿы –  6 млн. 100 нызықь мааҭ;

Очамчыра араион аҿы – 8 млн. 961 нызықь мааҭ;

Ҭҟәарчал араион аҿы - 7 млн. 201 нызықь мааҭ; 

Гал араион аҿы  –  1 млн. 250 нызықь мааҭ.

2024 шықәсазы иназыцҵоу асиа ала ареспубликатә биуџьет ахархәагақәа рыла Аҟәа ақалақь аҿы аобиектқәа рыргылара, реиҭашьақәыргылара, рреконструкциа азы аусурақәа рфинансыркра  16 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит;

Гагра араион аҿы –  2 млн 504 нызықь мааҭ;

Гәдоуҭа араион аҿы – 11 млн.​ 760 нызықь мааҭ;

Аҟәа араион аҿы – 30 млн. 474 нызықь мааҭ;

Гәылрыԥшь араион аҿы – 7 млн. 722 нызқь мааҭ;

Очамчыра  араион аҿы  –  4 млн.​ 184 нызықь мааҭ;

Ҭҟәарчал араион аҿы –  9 млн. 205 нызықь мааҭ;

Гал араион аҿы  –  5​ млн. 663 нызықь мааҭ.

Зынӡа ихадоуи иназыцҵоуи асиақәа рыла имҩаԥгаз аусурақәа рфинансыркра аицҵалыҵ  178 млн. 717 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.

Еиҭашьақәыргылахо аобиектқәа рхыԥхьаӡраҿы иҟоуп – ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, акультура аобиетқәа, иара убас ацҳақәеи автомҩақәеи ӡыла аиқәыршара аистемақәеи.   Аԥаратә хархәагақәа рзоужьхоит иара убас аҩнқәа рааигәара иҟоу аҵакырақәагьы реиқәыршәазаара азы.

Аусуратә еилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аԥыза-министр, аекономика аминистр Кристина Озган, шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара азы Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.

 

 

 

 

 

 


Read 188 times - Ахәаша, 26 Ԥхынгәы 2024 21:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.