АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынгәы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы иаатит Жәларбжьаратәи арт-фестиваль «Абхазия. Total soul».

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Апроект раԥхьатәи усмҩаԥгатәны иҟалеит  - ахәаша, ԥхынгәымза 26 рзы Аҟәатәи абааш аҵакыраҟны археологиатә ажрақәа рымҩаԥгара. Урҭ мҩаԥыргеит Аҳәынҭқарратә Университет астудентцәеи аспирантцәеи ахәыҷқәеи. Уи напхгара риҭон аҭоурыхтә факультет адекан Алик Габелиа. Ажрақәа рхы аладырхәит қәрала еиуеиԥшым ахәыҷқәа. Афестиваль ахәыҷтәы программа акуратор Руслан Амҷба ишеиҭеиҳәаз ала, археологиатә  ҭҵаарақәа асааҭ 8 инаркны 11 аҟынӡа имҩаԥысуеит.  

«Ажрақәа ирылахәуп ахәыҷқәа, астудентцәа-археологцәа дара аус шулатәу ддырбалоит. Сгәанала, уи ахәыҷқәа рзы ихәарҭоуп. Нас иԥшаахо аматериалқәа аус рыдааулоит. Ихадароу дара аинтерес рызцәыргароуп. Ахәыҷқәа анышәаԥшьӡы иалху амаҭәарқәа рыԥшааит. Иубаратәы иҟан дара аинтерес кны аусура ишаҿу. Ас еиԥш иҟоу апроектқәа ахәыҷқәа аҭоурых разҿлымҳара иацхраауеит, уи акырӡа аҵанакуеит Аԥсадгьыл ахь абзиабара рылааӡара аус аҿы», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Архиологиатә жрақәа напхгара аиҭон ААУ аҭоурыхтә факультет амагистратура астудент Нарҭ Смыр. Иара иколлегацәа хәыҷқәа археологиа ахь аинтерес дыркра илшеит.  Иара урҭ ирзеиҭеиҳәеит еиуеиԥшым аинструментқәа ртәы, идирбеит урҭ ииашаны рхархәашьа, азҵаарақәа рацәаны рҭак ҟаиҵеит, иара убас ашәарҭадара атехника ақәныҟәара ахылаԥшра аиҭон. Аҭаацәагьы аганахь иаанымхаӡеит. Урҭ Нарҭ  Аҟәатәи абааш иазкны акыр аинтерес зҵаз алекциа дырзаԥхьеит.

Ажрақәа рышьҭахь зегьы аарыԥхьеит амшьамбақьала ахь. Араҟа ҷыдала иргылаз астолқәа ирықәын анышәаԥшьӡы аԥҽыхақәа рнаҩс урҭ еидҷабланы ирылхыз амаҭәарқәагьы. 

Араҟа еизаз ирзеиҭарҳәеит Аԥсны археографиеи аҭоурыхи рзы аинтересс зҵоу адыррақәа ртәы.

Арт-фестиваль аҩбатәи ахәҭа ихадоу усмҩаԥгатәны иҟалеит ахыҷқәа рыла амҿи акартони ирылхны аԥсуа галера аргылара. «Аӷба» акреативтә ҭеиҭыԥш аиуит.

Жәларбжьаратәи арт-фестиваль «Аԥсны. Total soul» ареспубликаҿы имҩаԥысуеит ԥхынгәы 26 - 28 рзы. Мҽхакыҭбаала акультуратә уснагӡатәқәа ахьымҩаԥысша ҭыԥк аҳасабала Аԥсны аӡыргароуп хықәкыс иамоу.

Афестиваль аидеиа аԥшьызгаз иреиуоуп зымҽхак ҭбаау ахҭысқәа рыпродиуссер Дариа Бикбаевеи ашәҟәы «Зыхьӡ нагоу Аԥснытәи аҳәса» ацавтор, акультура-усутә плошьадка «Гәыма» анапхгаҩы  Хьыбла Возба.  

 


Read 103 times - Ахәаша, 26 Ԥхынгәы 2024 20:36
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.