АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынгәы.2024

Аԥснытәи аспортсменцәа – еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәыз.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 26 рзы Париж ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоуп ҳазҭоу ашықәс азы ихадоу адунеизегьтәи аспорттә хҭыс – ҩажәижәахатәи аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа. «Шәааи ахәмаррақәа мҽхакы ҭбаала иааҳартым» (фр. ouvrons grand les jeux) – убас ауп Париж ақалақь аҿы имҩаԥгахо XXXIII аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рофициалтә девиз ишиашоу еиҭаганы ишаҳәо.  Ари аҩыза алозунг ала Аолимпиада-2024 аиҿкааҩцәа, ахәҭакахьала инаҵшьны иазгәарҭар рҭахын Ахәмаррақәа азинеиҟарара, аинклиузивра, ахкырацәара апринципқәа ҳасаб рзуны амҩаԥгара рыҽшазыршәо.  Аха иахьа иумбар залшом, Аолимпиада ус ажәаны мацара «зегьы рзы зегьы рыхәмарра» ҳәа азуҳәар шалшо.

Ҳара ҳтәыла аспортсменцәа ртәыла ахьӡала аолимпиатә хәмаррақәа рылахәхара азы алшара шрымамгьы, иаҳгәалаҳаршәар ҳҭахуп изныкымкәа аолимпиатә ҩаӡарақәа згахьаз ҳаспортсменцәа рыхьӡқәа.

Уаанӡа имҩаԥысуаз Аолимпиатә хәмаррақәа ирылахәыз Аԥснытәи аспортсменцәа рыбжьара иҟоуп – иналукааша аспортсменцәа – аԥснытәи аспорттә школқәа рааӡамҭацәа. Убас:

Станислав Лиугаило – анапылампыл азы Асовет Еидгыла еизгоу акоманда ажәылаҩ, 1964 шықәсазы Токио ақалақь аҿы имҩаԥысуаз  XVIII аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рчемпион;

Виктор Санеев – асоветтә атлетика ласы аспортсмен, Европа ачемпион (1969, 1974 шш.), аҭоурых аҿы уаҳа зда ыҟам хԥаны иҟоу аԥара аҿы хынттәны аолимпиатә чемпион (Аолимпиатә хәмаррақәа 1968, 1972, 1976 шш.), 1980 шықәсазы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз XXII аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа  рҿы араӡнытә аԥхьахә згаз;

Владимир Дорохов – анапылампыл азы Асовет Еидгыла еизгоу акоманда ажәылаҩ (1975 – 1982 шш), адунеи ҩынттәи ачемпион (1978, 1982 шш.), адунеи Ахраҿа ҩынтәны изгахьаз (1977, 1981 шш.), Европа ԥшьынтәны ачемпион (1975, 1977, 1979, 1981 шш.), Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза (1978 ш.), 1980 шықәсазы Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз  XXII аԥхынтәи Аолимпиатә хәамррақәа рчемпион;

Борис Никитин – асоветтә аӡысаҩ, Европа ачемпион (1958 ш.), Асовет Еидгыла аспорт азҟаза (1956 ш.), 1956 шықәсазы Мельбурн ақалақь аҿы имҩаԥысуаз XVI аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аџьазтә медал аиура зҽаԥсазтәыз;

Никита Симониан – еицырдыруа ашьапылампыласҩы, акырынтә Асовет Еидгыла ачемпион, ашьапылампыл азы Асовет Еидгыла Ахраҿа згахьаз, Асовет Еидгыла зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза (1954 ш.), 1956 шықәсазы Мельбурн ақалақь аҿы имҩаԥысуаз XVI аԥхынтәи Аолимпиатә хәамаррақәа рчемпион;

Саида Гәынба – аҟыбаҩ злаз атлетика ласы аспортсменка, Асовет Еидгыла ҩынтәны ачемпионка (1978, 1979 шш.), 1980 шықәсазы  Москва ақалақь аҿы имҩаԥысуаз XXII аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы араӡнытә медал згаз;

Денис Царгәыш – хынтәны адунеи ачемпион (2009, 2010, 2014 шш.), Европа хынтәны ачемпион, (2010, 2011, 2012 шш), Урыстәылатәи Афедерациа зҽаԥсазтәыз аспорт азҟаза, 2012 шықәсазы Лондон ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аԥхынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа рҿы аџьазтә медал згаз.


Read 116 times - Ахәаша, 26 Ԥхынгәы 2024 19:25
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.