АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынгәы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит Иаарту жәларбжьаратәи атурнир «Гаргь Аиааирагаҩы Ихраҿа».

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иалагеит таитәи абокс азы Иаарту жәларбжьаратәи атурнир «Гаргь Аиааирагаҩы Ихраҿа».

Аицлабрақәа мҩаԥысуеит 10-11 шықәса зхыҵуа аҷкәынцәеи аӡӷабцәеи,  12-13, 14-15 шықәса зхыҵуа арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, 16-17 шықәса зхыҵуа аиуниорцәеи 18-40 шықәса зхыҵуа ахацәеи рыбжьара.

Атурнир рхы аладырхәуеит Аԥсны, Ермантәыла, Белоруссиа, Урыстәыла (Даӷьсҭан, Донецктәи Жәлартә Республика, Чечентәыла, Краснодартәи атәылаҿацә, Лугансктәи Жәлартә Республика, Москватәи аобласть, Новороссииск, Ставропольтәи атәылаҿацә) рҟынтәи 270-ҩык аспортсменцәа

Атурнир аӡбаҩ Хада – урыстәылазегьтәи акатегориа аӡбаҩ Арут Коваленко.

 


Read 167 times - Ахәаша, 26 Ԥхынгәы 2024 18:45
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.