АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынгәы.2024

Аслан Бжьаниа ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа  ареспублика араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа Аҳәынҭқарра Ахада иҿаԥхьа уаанӡа ирыҭаз анапынҵақәа рынагӡашьа азы аҳасабырба ҟарҵеит.

Аилатәара иара убас рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба.  

 


Read 168 times - Ахәаша, 26 Ԥхынгәы 2024 18:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.