«Феридун Аҟәысба аԥсуа диаспора иԥхьагылоу ахаҭарнак Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҿы аԥсуа диаспора еидызкыло ихадоу ауаажәларратә еиҿкаара аԥҵара ахыҵхырҭаҿы дгылан. Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа аԥсуа тематика иадҳәалаз аусмҩаԥгатәқәа зегьы ирылахәхон, Ҭырқәтәыла еиԥш, Аԥсныгьы ахьӡ наган, ҳаҭыр-пату ақәны иҟан. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Феридун Аҟәысба иуацәеи иҭынхацәеи дыздыруаз зегьи гәалсрала ирыдышшылоит. Аԥсны иара Аԥсадгьыл апатриот иашаны дыргәаладыршәалоит», - ҳәа иазгәаҭоуп Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра иҟанаҵаз адышшыларатә цҳамҭа аҿы.
Иԥсҭазаара далҵит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ԥыхьатәи анапхгаҩы Феридун Аҟәысба.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 78-шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ԥыхьатәи анапхгаҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара акавалер Феридун Аҟәысба (Аксои).
Зыдунеи зыԥсахыз Феридун Аҟәысба иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылеит аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
«Феридун Аҟәысба Ареспублика Аԥсни Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа диаспореи рыбжьара аимадара арҿиара аус аҿы илагала дууп. Иара ҩ-ҽҳәарак Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа дахагылахьан. Иара изныкымкәа иҭоурыхтә ԥсадгьыл даҭаахьан.... Аԥсуа жәлар аҵеи иаша, ауаҩы разы, ауаҩы аамсҭашәа Феридун Аҟәысба игәалашәара наунагӡа ҳгәаҵаҿы иаанхоит», – ҳәа иаҳәоит аџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәра азы Аҳәынҭқарратә Еилакы идәықәнаҵаз адышшыларатә цҳамҭа аҿы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы гәалсра дула ирыдыркылеит Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа раԥхьатәи ахантәаҩы Феридун Аҟәысба (Аксои) иԥсҭазаара алҵра азы ажәабжь.