АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи атеатрқәа апрограммақәа «Агастроль дуқәа», «Ҳара-Урыстәыла» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.  Абри атәы л-Telegram-канал аҿы илҳәеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова.

«273 театри 65 рҿиаратә коллективқәеи  ҳара  2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭаны иҳамоу Урыстәылазегьтәи агастрол-концерттә план иалахәхараны иҟоуп. Апрограммақәа «Агастроль дуқәа», «Ҳара-Урыстәыла» аҳәаақәа ирҭагӡаны артистцәа ирҭаараны иҟоуп Аԥсны, Ермантәыла, Ҟазахсҭан 283 қалақьи аиланхарҭатә пунктқәеи», – ҳәа илҳәеит Ольга  Лиубимова.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 19 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа аҳазалхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы иаанкыланы игәарҭеит Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс  Оганесиан К.В зыԥсҟы лкыз автомашьына, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.

Амашьына асалон аҿы ирыԥшааит Аԥсны акцизатә дыргақәа змамыз 2 200 цыра рҟынӡа аҭаҭын аалыҵқәа.

Атуар рымхуп. Иарбоу административтә зинеилагарала аматериалқәа зегьы Аԥсны аҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыгарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сибратәи Афедералтә округ аҿы аинырразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп Нодар Шьониа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр. 

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша.

Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭаразы, ахәаахәҭра-економикатә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырҿиаразы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша.

Аусбарҭа напхгара аиҭоит ҳџьынџьуаҩ Геис Аль-Харки.

Аконсултә ҟәша азинмчрақәа ирыҵанакуеит агәраргагақәа риашара ашьақәырӷәӷәара:

-Шьамтәыла ахархәаразы Аԥсны ирыҭо адокументқәа риашара ашьақәырӷәӷәара;

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи  Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи  русзуҩцәа аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз 700-ҩык ааныркылеит.

Иаанкылаз атәылауаа  Аԥсны Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ  190 «Аҳәаахьчаратә зона аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара», ахәҭаҷ  1902 «Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟа амшынтә ӡымҽхаки атерриториалтә мшыни рҿы аҳәаахьчаратә режим аилагаразы» инарықәыршәаны административтә хьырхәра иақәыршәоуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура асаит аҿы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа атерритоиалтә Усбарҭа 2023 шықәсазы инанагӡаз аоператив-маҵзуратә усура аихшьаалақәа ирызкын атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Гагра араион аҿы имҩаԥигаз анҭыҵтәи аилатәара.   

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура азы ажәахә ҟаиҵеит Аусбарҭа анапхгаҩы, амилициа аполковник Денис Аиба.

Заанаҵтәи аусеилыргара аҟәшеиҵақәа рыла аусеиҿкаара хыркәшаны аӡбарҭахь идәықәҵан 55 шьаус, урҭ рахьынтә 29 рыла  азыӡбақәа рыдыркылеит. 2023 шықәсазы административтә хьырхәра иақәыршәан  686-ҩык атәылауаа, 59-ҩык – анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыдкыларазы уахь иналаҵаны.

Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 130 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 117.  Ацәгьоурақәа раартра 90% рҟынӡа инаӡоит.

Ашәҟәы иҭагалаз 130 цәгьоура рҟынтәи  иӷәӷәоу ацәгьоурақәа – 44, урҭ рахьынтә иаартуп 32.

2022 шықәса аҩныҵҟа ашәҟәы иҭагалан 145 цәгьоура, иаартын 125, даҽакала иуҳәозар  -86,2%.

Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аҿы иарбоуп 38 аԥшааратә усқәа, урҭ рыла иаанкылоуп  4-ҩык; хабарда ибжьаӡыз – 16-ҩык, зхаҭара шьақәыргылам аԥсцәа – ҩба. 

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи русзуҩцәа Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 арҭҟәацга аҵоуп ҳәа имцырку адырра аҟаҵара асхема аадырԥшит.

Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2, иара убас Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу ахәаахәҭратә Центр «Вавилон» арҭҟәацга рыҵоуп ҳәа имцырку адырра аҭара азы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан дшьақәыргылан, анаҩс иҭаацәа ицны Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахь днаган зықәра наӡам Аԥсны атәылауаҩ.

Ишеилкаахаз ала, атерроризм акт азы еижьагоу адырра аҟаҵараҿы игәҩароу атәылауаҩ иарку ателеграм-канал иҽаҵаиҩит, уи амодераторцәа Аԥсны анҭыҵ иҟоуп. Анаҩс иареи иарбоу ателеграмм-канал амодераторцәеи асоциал ҳа ала активла аимадара рыбжьарҵеит.   

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа карате киокусинкаи (кумите) азы  Волгоградтәи аобласт иаарту аицлабрақәа «Сталинград Ахраҿа» рҿы аԥхьахәқәеи аиааирақәеи ргеит.

Атурнир  мҩаԥысуан ажьырныҳәамза  21 рзы Волгоград ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәит  20 командақәа рҟынтәи 300-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа.  Ареспублика Аԥсны ахьӡала иқәгылеит  Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа ҩ-ҟәшак: Агәыӡера аҳабла аҟынтәии Очамчыра ақалақь «Аклуб Абраскьыл» аҟынтәии – 27-ҩык аспортсменцәа. Атурнир аихшьаалақәа рыла аԥснытәи аспортсменцәа актәи аҭыԥқәа жәаба, аҩбатәи аҭыԥқәа быжьба, ахԥатәи аҭыԥқәа хԥа ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иаха иҟалаз абылра ашьҭахь Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҟынтәи ахәҭа хәыҷы еиқәхеит.

Уи Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Висарион Ҵәыџьба, Голава, Ҭачулиа, Минасиан, уҳәа егьырҭ  асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа роуп. 

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа ажьырныҳәамза 21 ауха Ацәыргақәҵатә зал Хада амца закыз аилкааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.

Урҭ уажәы ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы раԥхьатәи аматериалқәа еидыркылоит, амцарцәара-техникатә експертиза азгәаҭоуп.

Иҟоу адыррақәа рыла,  ахыбра амца акит ашьыжь шаанӡа, асааҭ 03.30 инарзынаԥшуа.

Абылра зыхҟьаз еиуеиԥшым амзызқәа ҭырҵаауеит, гәҭакрала амца ацраҵарагьы уахь иналаҵаны.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.