
pressadmin-2
Аминистрцәа Реилазаара аҿы Бедиатәи аныхабаа аҟәырӷ аиҭашьақәыргылара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама адинмаҵзуҩцәа – аиереи Виссарион, аиереи Долмаҭ, аиеромонах Давид дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Ари аиԥылара иара убас иалахәын аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Гарри Сангәылиеи аргыларатә еилазаара аиҳабы Руслан Цәеибеи. Урҭ Бедиатәи аиашахаҵаратә Уахәама аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит.
Аконтроль-хылаԥшра усбарҭақәа зегьы русура аиҿкаареи рымҩақәҵареи рзы афинансқәа Рминистрра аҟны аус зуо Аконтрол-ревизиатә Усбарҭа 2023 шықәсазы 19 контрольтә усмҩаԥгатә мҩаԥнагеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит.
«2023 шықәсазтәи афинансқәа рминистрра аусура аихшьалақәа рыла ицәгьам ҳәа ахәшьара асҭоит. Убри аан ҳара зегьы ҳҿаԥхьа иқәгылоуп иӡбатәны иҳамоу ауснагӡатәқәа жәпакы. Аҳәынҭқарразы афинансқәа рҵакы дууп. Ирацәаӡоуп зыӡбаразы афинанстә леишәагьы аиӷьтәра зҭахны иҟоу, насгьы урҭ рыҟазааразы иӡбам аекономикатә, асоциалтә проблемақәа», -ҳәа иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.
2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраагӡатә фонди Аминистрцәа Реилазаареи аҟнытә хәҭақәак рыла ҳтәылауаа 181 млн мааҭ рҟынӡа рзоужьрала ацхыраара рыҭан.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит Ахада ицхыраагӡатә фонд, аиҳабыра рыцхыраагӡатә фонд, егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыҟнытә социалла ихьчам ауааԥсыра ирыҭоу ацхыраара аус.
Иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз социалла ихьчам ауааԥсыра адгылареи ацхыраареи рыҭара абиуџьеттә система хадара злоу аныхтәқәа рахь иаҵанакуеит, ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рзы аҳасабрба ҟаҵо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
«2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраагӡатә фонди Аминистрцәа Реилазаареи аҟнытә хәҭақәак рыла ҳтәылауаа 181 млн мааҭ рҟынӡа рзоужьрала ацхыраара рыҭан. Ус еиԥш ацхыраара зауз 2 011-ҩык рҟынӡа инаӡоит».
Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәеи атәылахьчара Аминистрреи рбиуџьеттә финансыркра хәҭа-хәҭала аизҳара мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит.
2020 шықәса инаркны Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәеи атәылахьчара Аминистрреи рбиуџьеттә финансыркра хәҭа-хәҭала аизҳара мҩаԥысуеит.
3 шықәса рыла, 2020 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа, атәылахьчара Аминистрра азы аныхтәқәа 357 млн. мааҭ рҟынтәи 716 млн. мааҭ рҟынӡа иазҳаит. 2024 шықәсазы иарбоу Ахылаԥшырҭа афинансыркра 730 млн. мааҭ рҟынӡа иазԥхьагәаҭоуп», - ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Аҟәа ақалақь Наӡаӡе лымҩала амашәыр зхылҿиаар алшо аҩны аҟынтәи ауааԥсыра даҽаџьара рнырхара азы 284 млн. мааҭ азоужьхеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит.
Аҟәа ақалақь Наӡаӡе лымҩала амашәыр зхылҿиаар алшо аҩны аҟынтәи ауааԥсыра даҽаџьара рнырхара азы 2023 шықсазы 284,6 млн. мааҭ азоужьхеит, ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рзы аҳасабрба ҟаҵо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. .
«Ҷыдала иаԥҵаз акомиссиа аԥҵан, иарбоу аҩны аҿы инхоз зегьы ирыхәҭаз ашәатәқәа рызшәан. Аԥаратә хархәагақәа Аҟәа ақалақь Ахадара абиуџьет ахь инашьҭхон, анаҩс ауааԥсыра дара иахьырзыманшәалоу акоммерциатә банкқәа рҿы ахаҿытә ԥхьаӡара рзаартрала ирзоужьхон. 108-ҩык ауадақәа зтәыз аԥара роуит», – ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.
Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра аринахысгьы абылра иацәынхаз асахьақәа рреставрациа амҩаԥгара аганахьала Аԥсны ацхыраара аҭара иазхиоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смырԥҳеи Урыстылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимовеи ҭелла реиҿцәажәара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Динара Смыр Ольга Лиубимова Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ахәҭа аиҳарак абылра инамаданы Аԥсны иаиуз ацхырааразы иҭабуп ҳәа лалҳәеит.
«Ҳара ҳреспублика иуадаҩу амомент аҿы ианыҟала аамҭазы ҳзықәшәаз арыцҳара аҿы Шәара иҳашәҭаз адгылареи ацхыраареи рзы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит», – ҳәа илҳәеит Динара Смыр.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа усуратә визитла Москваҟа дцеит.
Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациаҟны имҩаԥысраны иҟоуп амчхаратә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа злахәу аиԥыларақәа.
2023 шықәсазы Гәдоуҭа араион аҿы ашәҟәы иҭагалахеит 96 цәгьоура, иаартын - 88.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура аихшьаалақәа ирызкын аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут ашәахьа, ажьырныҳәамза 29 рзы Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥигаз анҭыҵтәи аусуратә еилатәара.
Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Зосма Гыцба иажәақәа рыла, 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалахеит 96 цәгьоура, урҭ рахьынтә иӷәӷәоу ацәгьоурақәа – 31. Иаартуп 88 цәгьоура ( 91,6%).
Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусеилыргаратә ҟәшеиҵа аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аусеилыргарахь иаднакылеит 41 шьаус, еилыганы аӡбарҭахь идәықәҵан 30 шьаус.
Ауаажәларратә шәарҭадара амилициа Амаҵзура ацхыраарала имҩаԥган 150 аӡбаратә процессқәа, урҭ рахьынтә 60 акультура-массатә усмҩаԥгатәқәа. Еиқәыршәоуп 288 административтә пкаанҵақәа.
Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аусзуҩцәа аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы иаадырԥшит 5708 амҩатә ԥҟарақәа реилагара. Ижәны амашьына аԥсҟы акразы еиқәыршәан 390 административтә пкаанҵа. 218-ҩык автотранспорттә хархәага аныҟәцаразы азин аршаҳаҭга рымхуп.
Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк иахьаҵанакуа амҩа ҿыбгеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Риҵатәи ареликтә милаҭтә Парк иахьаҵанакуа амҩа 29-тәи акилометр аҿы иҿыбгеит.
«Ахҭыс ҟалеит ашьыжьымҭан. Аха асааҭ 12:00 рзы амҩа аадыртуеит. Риҵатәи ареликттә милаҭтә Парк аусзуҩцәа амҩа арыцқьара иаҿуп», - ҳәа Аԥсныпресс акореспондент диҿцәажәо адырра ҟаиҵеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә Парк аиҳабы Адамыр Багаҭелиа.
Аслан Бжьания атәыла аҵарауаа ҿарацәа дырԥылеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәаза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аҳәынҭқарра Ахадеи аҵарауаа ҿарацәеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иаҵанакуа аинститутқәа хаҭарнакра рзызуа аҵарауаа ҿарацәа идикылеит.
Аиԥылара иалахәын иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ахада Зураб Џьапуа.
Аҳәынҭқарра Ахада аҵарауаа ҿарацәа аԥсшәа раҳәо, Аԥсны аҳәынҭқарратәраҟны аҭҵаарадырра инанагӡо ароли иаанакыло аҭыԥи азгәеиҭеит.
«Аҳәынҭқарра – шәарҭа ыҟамкәа, ҳҵас бзиақәа рықәныҟәарала ҳаҿиара ахьымҩаԥысуа ҳаҩноуп. Ҳара уаҵәтәи амш шәарҭа амамкәа иааирц азы мчыс иҳамоу ҳдыруазароуп. Абри атәы рҳәалароуп аҭҵаарадырра аусзуҩцәа», - иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Иара убас аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит аҭҵаарадырреи аекономикеи реимадара атәы. «Иҳамоу еилкаатәуп, ари аимадара ҭышәынтәалазарц азы иҟаҵатәу, аекономикаҟны иҟоу апроблемақәа рыӡбара иазкызарц азы. Аекономикатә суверенитет алыршара – зегь ирыцку уснагӡатәны иҟазароуп», - иазгәеиҭеит иара.