АЖӘАБЖЬҚӘА

30.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭахь аусуратә ҭаара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭан иҟоу абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә Ԥыԥшырҭа ахатәы еилазаара рԥылараҿы Лев Кәыҵниа  изаамҭанытәиу аусқәа рцашьеи иҟоу аҭагылазаашьеи рзы адырра ирҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.

«Ақыҭа агеографиатә ҭагылазаашьеи, уи иадҳәаланы иҷыдоу аҭагылазаашьақәа  аоперативра рызхьаԥшра аганахьала иҟоу аҷыдарақәеи ҳасаб азуны, Лев Кәыҵниа  Ԥсҳәытәи абылрацәыхьчара-еиқәырхаратә Ԥыԥшырҭа аҿы амедицинатә маҵзура аҩаӡара ашьҭыхра азы аӡбамҭа идикылеит», – ҳәа иазгәаҭоуп ацҳамҭа аҿы.

Убри азы аԥыԥшырҭа ирласы амедицинатә цхыраара амашьына ала еиқәыршәоуп, иара убас аԥыԥшырҭа аштат инацҵаны иалагалахоит афелшер, амашьынарныҟәцаҩ, аҷаԥшьаҩы-адиспетчер  рмаҵураҭыԥқәа.

Ԥсҳәы ақыҭа ахада диԥыло Ареспублика Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр ақыҭаҿы иҿыцу абылрацәыхьчара-еиқырхаратә хәҭа аргылара азҵаарақәагьы дрылацәажәеит. 


Read 83 times - Ахаша, 31 Ԥхынгәы 2024 20:24
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.