
pressadmin-2
Илеиз аӡымҭҟьар афымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рымҩангагақәа ааха рынаҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 5 нызықь кубометр инарзынаԥшуа аӡымҭҟьар ҩарқәа леит амҽыша ауха, жәабранмза 4 рзы акацар «Дагомыс – Лоо» иахьаҵанакуа.
«Адәыӷбақәа рныҟәара аанкылара анаҩс, аӡымҭҟьар ҩарқәа рлеира аинтернет аиқәыршәаҩцәа рфымцамхылдызтә цәқәырԥақәа рцәаҳәеизак ааха анаҭеит. Убри инамаданы аҩнытәии амобилтәии аинтернет аусураҿы аиԥҟьарақәа цәырҵуеит.
Арепатриациеи аинвалидцәеи рфондқәа рбиуџьетқәа рзы азакәан апроектқәа аҩбатәи аԥхьарала адкыларазы абжьгара ҟаҵоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Арепатриациа Афонд 2024 шықәсазы абиуџьет азы», «1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рбиуџьетнҭыҵтәи аҳәынҭқарратә Фонд 2024 шықәсатәи абиџьет азы» азакәан апроектқәа ирылацәажәеит ашәахьа, жәабранмза 5 рзы абиуџьети акредиттә еиҿкаарақәеи ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы апарламенттә Еилакы аҿы.
Аилак ахантәаҩы Дмитри Маршаниа имҩаԥигоз аилатәара ахь ааԥхьара рыҭан асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, 1992–1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа рбиуџьетнҭыҵтәи аҳәынҭқарратә Фонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба, Арепатриациа Афонд ахантәаҩы Енвер Чамагәуа.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив Игорь Ахба ииублеи идырныҳәалеит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, 75-шықәса ихыҵра азгәеиҭоит аԥсуа дипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҿы раԥхьатәи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II, III аҩаӡара акавалер Игорь Ахба.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив аиубилиар идныҳәалеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
«Ишәыдышәкыл Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аколлектив ахьӡала Шәара шәира Амш инамаданы гәык-ԥсыкала иҟаҵоу адныҳәаларақәа!
Даара иҳаракны ахә ҳшьоит аԥсуа дипломатиа ашьақәгылараҿы Шәара шәлагала, зыҩаӡара ҳараку шәзанааҭдырреи шәус гәк-ԥсыкала азнеиреи.
Шәара еиҵашәааӡеит иахьагьы Зыԥсадгьыл амаҵ азызуо иакымкәа-иҩбамкәа адипломат ҿарацәа рабиԥара.
2024 шықәсазы апрограмма «Ақыҭанхамҩа аҿиара» ала аграртә сектор аҿиара иазку апроектқәа рынагӡара азы ареспубликатә биуџьеҭ аҿы иазԥхьагәаҭоуп 150 млн. мааҭ.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҳаҩсыз амчыбжь азы ақыҭанхамҩа аминистр Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит 2023 шықәса раантәи ақыҭанхамҩа аҿиаразы хықәкылатәи зыҿҳәара кьаҿыз апрограмма шхыркәшоу азы. Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инарҭбааны аҳасабырба ҟаиҵеит 2023 шықәса рзы иазоужьыз аԥарахархәара шаҭаз азы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аинвестициазы ишьақәнарӷәӷәаз 100 млн. мааҭ иабзоураны, аусбарҭа 99,9 млн. мааҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра агроааглыхратә комплекс ихадароу асекторқәа рыҿиараҟны рхархәара алнаршеит, ҳәа адырра ҟаиҵеит Беслан Џьопуа.
Аҳасабырба ала, ақыҭанхамҩа ахырхарҭа хадақәа ируаку - аҵиааӡара иазоужьын 37, 5 млн. мааҭ, ҷыдала, 48,9 нызқь еиуеиԥшым аиҭаҳатә хкқәа раахәаразы, уахь иаҵанакуеит 25.381 шьапы амандарин, 114, 5 гектар, ари уаанӡа хархәара змамыз адгьыл ақәаарыхра алнаршеит. Иара убас, аиҭаҳатәқәа ҿыцқәа рыхьчаразы аанда акәыршазы иаахәан аҵәҩанқәеи, аихатә даҷи.
Беслан Џьапуа иажәақәа рыла, арахәааӡара иазоужьын 13,6 млн.мааҭ, уи иалнаршеит анхамҩақәа рахь арахә рыҭара, иара убас ашьхымӡақәеи ашьхақәеи раахәара, убриала ашьхааӡара аус адгылара аҭоуп.
Аԥсыӡааӡара знапы алаку анаплакқәа рыцхыраара иазоужьын 2 млн. мааҭк, аԥсыӡ наплакы иадҳәалоу амаҭәарқәа раахәарагьы убрахь иналаҵаны.
Афинанстә цхыраара ҟаҵан иара убас аҵиаақәа рыхьчаразы, аарыхратә техникатә база аԥҵареи арҿиареи рзы, имаҷу амеханизациа ахархәагақәа раахәаразы, иара убас аветеринартә маҵзурақәа рзы ареагентқәа раахәаразы.
«Арҭ ауснагӡатәқәа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩатә аархыра технологиала аиқәыршәареи ашәарҭадареи рыҩаӡара ашьҭыхра иацхрааит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит ақыҭанхамҩа аминистр.
Ақыҭанхамҩа аҿиара апрограммаҟны иҟоу аихьӡарақәа зыдҳәалоу ақыҭаҟны зхатә ус иаҿу ауаа рхыԥхьаӡара иахьазҳаз мацара акәӡам, Аԥсны Аҳәынҭқарра аграртә сектор аҟны иара убас ааглыхратә лшарақәа рыцҵара азгәаҭоуп.
«Ари алыршахеит ақыҭанхамҩатә аарыхра хықәкылатәи адгылара аҭареи атехнологиа ҿыцқәа ралагалареи ирыбзоураны. Ақыҭанхамҩа аминистрра еиқәыԥхьаӡоу ауснагӡатәқәа рынагӡарала аҿҳәара ду змоу алҵшәа бзиақәа ирықәгәыӷуеит», – ҳәа иазгәаҭоуп аминист иҟаиҵаз аҳасабырба аҟны.
Абри инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра ақыҭанхамҩа аминистрра 2024 шықәсазы иазԥхьагәанаҭоит аграртә сектор аҿиара иазку апроектқәа рынагӡара. Аминистрцәа реилазаара аҿы 29.12.2023 шықәсазы ирыдыркылаз Ақәҵарала абарҭ ахықәкқәа ирзоужьуп 150 млн мааҭ.
Данил Допуеи Дамеи Кархалааи зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Алада Урыстәылатәи Аокруг Аԥхьахәгара аҿы аԥхьахәқәа ргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Данил Допуа аиааира игеит, Дамеи Кархалаа – араӡнытә аԥхьахә игеит 2009-2011 шықәсазы ииз арԥарцәа рыбжьара имҩаԥысыз зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Алада Урыстәылатәи Аокруг Аԥхьахәгара аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Урыстәылатәи Афедерациаҿы раԥхьатәи Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба 75-шықәса ихыҵит.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа аԥсуа дипломат, ауаажәларратә усзуҩ, аҳәынҭқарратәии жәларбжьаратәии азин азы аспециалист, Урыстәылатәи Афедерациаҿы раԥхьатәи Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Мураҭ-иԥа Ахба 75-шықәса ихыҵит.
Игорь Ахба диит жәабранмза 5, 1949 шықәсазы Аҟәа ақалақь аҿы.
Дрылгеит М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә Университет азиндырратә факультет, Асовет Еидгыла Анаукақәа Ракадемиа иатәу аҳәынҭқарреи азини Ринститут «Аҳәынҭқарратәии жәларбжьаратәии азин» азанааҭ ала.
Игорь Ахба В. И. Ленин ихьӡ зху Асовет Еидгыла Аҳәынҭқарратә библиотека аҿы анаукатә усзуҩыс аус иуан, иара убас Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Асовет аппарат ареферентс.
Игорь Ахба – Москва иҟоу аԥсуа культура аилазаара «Нарҭаа», иара убас аԥсуа газеҭи мҽышалатәи аԥсуа школи аԥҵаҩцәа дреиуоуп. Иарбоу аилазаара иабзоураны ԥхынҷкәынмза 1989 шықәса инаркны Москва ақалақь аҿы аҭыҵра иалагеит агазеҭ «Алашара», анаҩс «Абхазский вестник».
45 шықәса раԥхьа Аҟәатәи арҵаҩратә Институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ҳәа еиҭарҿиан.
Аҟәа. Жәабранмза 5, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 45 шықәса раԥхьа, жәабранмза 5, 1979 шықәса рзы А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи арҵаҩратә Институт Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет ҳәа аиҭарҿиара мҩаԥысит.
1979 шықәсазы Арҵаҩратә Институт аҳәынҭқарратә Университет ҳәа аиҭарҿиара - ари аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалҵшәаны иҟалаз аҭоурыхтә хҭыс ауп.
Ауниверситет раԥхьатәи аректорс дҟалеит аҭоурыхҭҵааратә наукақәа рдоктор Зураб Вианор-иԥа Анчабаӡе.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет 1932 шықәсазы иаартыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт ашьаҭала еиҿкаан. 1932 шықәсазы Аԥсны аҵарадырра Жәлар Ркомиссиариат Ақәҵарала иаартын М.Горки ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә Институт, уи раԥхьатәи адиректорс дыҟан Андреи Максим-иԥа Ҷоҷуа. Х-факультетк: агро-биологиатә, афизика-математикатә, ауаажәларра-литературатә факультетқәа рыҟны аҵара рҵон 85- ҩык астудентцәа. Аинститут аҿы зынӡа иҟан х-кафедрак, аус зуаз рхыԥхьаӡара 17-ҩык рҟынӡа инаӡон.
Иахьатәи амш азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иҟоуп 9 факультетк:
афизика-математикатә, абиологиа-географиатә, аҭоурыхҭҵааратә, афилологиатә, азиндырратә, (аиуристтә), аекономикатә, арҵаҩратә, агро-нџьныртә, аҟазарақәа рфакультет, иара убас 42 кафедра, араҟа абакалавриат, аспециалитет , амагистратура, аспирантура, уҳәа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла акадрқәа разыҟаҵара аҩаӡаратә система анагӡара мҩаԥысуеит;
2 500-ҩык инареиҳаны астудентцәа, аҳәаанырцәтәиқәагьы уахь иналаҵаны, араҟа аҵара рҵоит;
Адиссертациатә хеилакқәа аус руеит; анаукатә ҭҵаарақәа реиҳарак аматематика, абиологиа, аекологиа, аԥсуаҭҵаара иазку адисциплинақәа, археологиа, апедагогика, уҳәа ирызкуп. Ауниверситет аҿы аус ауеит Д. И.Гәлиа ихьӡ зху абиблиотека;
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу азкызаара змоу Ацентр аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рсистема алагаларазы ажәалагала ҟаҵоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы аҿы «Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан аиҭакрақәа ралагаларазы» азакәан апроект иахәаԥшит. Аусшәҟәы Аԥсны ашәарҭадара аусбарҭақәа рсистема аусура аиӷьтәра иазырхоуп.
Иарбоу азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит:
- Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Иҷыдоу азкызаара змоу Ацентр аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа рсистема алагалареи уи азинтә шьаҭа ашьақәыргылареи;
- Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә отриад «Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа» ҳәа ахьӡ аԥсахра.
Аилацәажәара ашьҭахь апарламенттә Еилакы аҿы иарбоу азакәан апроект иааиуа Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьарала адкыларазы абжьгара аҟаҵаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аминистрцәа Реилазаара аҿы Аԥснытәи агәыманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Д.Гәлиа Иҩны-амузеи, Бедиатәи аныхабаа рҿы зыԥшра ҟамҵакәа инагӡатәу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи агәыманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Д.Гәлиа Иҩны-амузеи, Бедиатәи аныхабаа рҿы зыԥшра ҟамҵакәа инагӡатәу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылацәажәара иазкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имҩаԥигаз аилатәара.
Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара аҿы иара убас Амилаҭтә сахьатә галерееи уи аусзуҩцәеи аамҭала иахьыҟалаша аҭыԥ аԥшаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥыза-министр Ареспубликатә Унитартә Наплакы Шьаҭанкылатәи Аргылара Аусбарҭа «Аԥсныргылара», Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аусбарҭа абоиектқәа рҿы инеины иҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны еиҳа зыԥшра ҟаиҵаӡакәа инагӡатәу ауснагӡатәкәа шьқәыргыланы ажәалагалақәа реиқәыршәара азы анапынҵақәа риҭеит.
Амилаҭтә галереиа аиқәырхоу асахьақәа рконсервациа актәи ахәҭа хыркәшахеит.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи ареставраторцәа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иҟалаз абылраан еиқәхаз асахьақәа реиқәырхара актәи аетап хдыркәшеит. Абри азы Sputnik-Аԥсны акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа.
«Урыстәылатәи ареставраторцәа Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахыбра амца анакыз зеиқәырхара алшаз аусумҭақәа аус рыдулара хдыркәшеит. Абри аамҭала арестовраторцәа ирылшеит 80% сахьа аконсервациа рзура. Раԥхьатәи аусурахь иаҵанакуеит ашәыгақәа, ақәнышқәа уаҳа иԥхасҭамхарц азы аконсервациа рзура. Арестовраторцәа ахьынҭәаашьҭу аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа аусумҭақәа еиҳа инарҵауланы аус рыдуларазы рыдкылара иақәшаҳаҭхар, уахь ишьҭтәны иаҳшьо асахьақәа алаҳхуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ареставрациатә усурақәа Аԥсынгьы имҩаԥысуеит. Араҟагьы иҟоуп аԥхасҭа зауыз асахьақәа реиҭашьақәыргылара азы иҷыдоу адыррақәа змоу хҩык аҟазауаа. Уи азы дара ирзыманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа иҳәеит Амилаҭтә галереиа адиректор.