Аспециалистцәа реиҭазыҟаҵареи рзанааҭтә дыррра аҩаӡара ашьҭыхреи рзы Ареспубликатә Центр;
Анарҭҵаареи афольклористикеи рыҭҵаарадырратә Центр;
Аинформациа-ԥхьаӡаратә Центри Апресс-центри;
Жәларбжьаратәи аҟәша;
агазеҭ «Аԥсуа университет».
Аҵараиурҭа аҭоурых аҟынтәи фактқәак:
1936 шықәсазы иаушьҭын Аинститут раԥхьатәи аушьҭымҭацәа.
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра алагаанӡа Аинститут аҿы аус ауан быжь-факультетк: афизика-математикатә, абызшәеи алитературеи рфакультет, аҭоурых, агеографиа, аԥсабарадырра, аҳәаанырцәтәи абызшәақәа, абаҩарҵәыреи аспорти рфакультетқәа. Аинститут аҿы аҵара рҵон 2076-ҩык астудентцәа, аус руан – 103-ҩык.
500-ҩык инареиҳаны астудентцәеи арҵаҩцәеи Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәын, 160-ҩык аорденқәеи амедалқәеи ранашьоуп.
1946 шықәсазы Аинститут аҟны абарҭ азанааҭқәа рыла аспирантура аартын: аматематикатә анализ, афизикатә географиа, Асовет Еидгыла аҭоурых, иҿыцу аҭоурых, ақырҭуа бызшәа, ақырҭуа литература.
1954 шықәсазы абызшәеи алитературеи рфакультет аҿы иаартын аԥсуа сектор, араҟа разыҟаҵара иалагеит аԥсуа школқәа рзы аспециалистцәа.
1956 шықәсазы иаԥҵан аԥсуа бызшәеи алитературеи ркафедра, акафедра анапхгаҩыс дҟалеит Ҭамара Платон-иԥҳа Шьаҟрыл.
1983 шықәсазы ауниверситет акорпус ҿыц аусура иалагеит (уажәы – Ажәанба имҩа аҩ. № 9).
1989 шықәсазы ААУ амилаҭтә ҟазшьа ала аиҟәшара ҟалеит. Қырҭтәыла Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵарала ААУ ақырҭуа сектор абазаҿы иаԥҵан Қарҭтәи аҳәынҭқарратә Университет Аҟәатәи аҿга.
1992-1993 шш. Аԥсуа жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан 94-ҩык ААУ астудентцәеи арҵаҩцәеи Аԥсадгьыл ахьчара рхы ақәырҵеит.
Абҵарамза 1993 шықәсазы ААУ аусура еиҭашьақәыгылахеит ԥыхьатәи Асубтропикатә нхамҩазы Қырҭтәылатәи Аинститут ахыбра аҿы.
ААУ Евразиатәи ауниверситетқәа Рассоциациа иалалеит. 2006 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада С.У.Багаԥшь «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет автономтә статус аҭаразы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит;
2015 шықәсазы ААУ Оксфордтәи Академиатә Еидгыла ахь ирыдыркылеит, Ауниверситет аректор Алеко Гәарамиа ари Аидгыла Ахеилак алахәылас далхын.
2016 шықәсазы аҵараиурҭа апедагогикатә факультет аҟны иаатит аҟазарақәа рыҟәша.
2018 шықәсазы иаатит 200-ҩык зкуа ААУ астудентцәа реиланхарҭа ҿыц. Жьҭаарамза 7, 2022 шықәсазы ААУ аҵарауаа Рхеилак аӡбамҭала аҟазарақәа рыҟәша аҟазарақәа рфакультет ҳәа иԥсаххеит.
2023 шықәсазы ААУ аҿы «академиатә хор адирижиор» ҳәа иҿыцу азанааҭҵара аатит.