
pressadmin-2
Наталиеи Христинеи Симониаа Аҿыбӷаҟазара-спорттә Клуб «Виват Россия» аԥхьахәқәа ргаразы аконкур азы аицлабрақәа рҿы аиааира ргеит.
Аҟәа. Жәабранмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Наталиеи Христинеи Симониаа Аҿыбӷаҟазара-спорттә Клуб «Виват Россия» аԥхьахәқәа ргаразы аконкур азы амуниципалтә еицлабрақәа рҿы аиааира ргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.
Христина аҽыҩ Колумбус дақәтәаны, ҩ-фазак рыла ишьақәгылаз амаршрут ала, 130 см. рҟынӡа инаӡо аҳаракыраҿы иҟаз ақәырҟьа ахыԥараан актәи аҭыԥ аанылкылеит.
Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны» аҿы Ленинград ақалақь анемецтә блокада аҟынтәи ахақәиҭтәра 80-шықәса ахыҵра иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.
Аҟәа. Жәабранмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, жәабранмза 2 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу «Москва Аҩны» аҿы Ленинград ақалақь анемецтә блокада аҟынтәи инагӡаны ахақәиҭтәра 80-шықәса ахыҵра иазкны агәаларшәаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит.
А. П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи 14-тәи абжьаратәи ашколи Даур Бигәаа ихьӡ зху Гәылрыԥшьтәи абжьаратәи ашколи аиҳабыратәи аклассқәа рҵаҩцәа Идырым асолдаҭ ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, анаҩс Москва Аҩны аҿы еиҿкааз алекциеи афотоцәыргақәҵеи ирҭааит.
Аблокада иҭакыз Ленинград ақалақь азы алекциа ала ашколхәыҷқәа рҿаԥхьа дықәгылеит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, адоцент, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет Урыстәыла аҭоурых акафедра аиҳабы Резо Кациа.
Аминистрцәа Реилазаараҿы Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Д.Гәлиа Иҩны-амузеи, Бедиатәи аныхабаа рҿы зыԥшра ҟамҵакәа инагӡатәу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут, Д.Гәлиа Иҩны-амузеи, Бедиатәи аныхабаа рҿы зыԥшра ҟамҵакәа инагӡатәу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рылацәажәара иазкын атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб имҩаԥигаз аилатәара.
Аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилатәара аҿы иара убас Амилаҭтә сахьатә галерееи уи аусзуҩцәеи аамҭала иахьыҟалаша аҭыԥ аԥшаара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аԥыза-министр Ареспубликатә Унитартә Наплакы Шьаҭанкылатәи Аргылара Аусбарҭа «Аԥсныргылара», Аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аусбарҭа абоиектқәа рҿы инеины иҟоу аҭагылазаашьа ҭҵааны еиҳа зыԥшра ҟаиҵаӡакәа инагӡатәу ауснагӡатәкәа шьқәыргыланы ажәалагалақәа реиқәыршәара азы анапынҵақәа риҭеит.
Урыстәыла акультура Аминистрра аделегациа Аԥсны Амилаҭтә галереиа аҿы иҟалаз абылра иацәынхаз асахьақәа рҭагылазаашьа ахәшьара арҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. И.Е. Грабарь ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи асахьаҭыхра ҭҵаарадырра-реставрациатә Центр ахаҭарнакцәа, Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырра-реставрациатә Институт, Третиаков ихьӡ зху агалереиа, Аурыс музеи рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылоу ареставраторцәеи аспециалистцәеи ргәыԥ Аҟәантәи ихынҳәит. Урҭ Аԥсны идуу асахьақәа рфотофиксациа мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра а-Telegram-канал.
Иара убас аекспертцәа аколлекциа ахәҭак аҭагылазаашьа азы алкаа ҟарҵеит, аиҳарак ааха зауз 60 усумҭа рҟынӡа аус рыдырулеит. Уи иабзоураны урҭ анаҩстәи рыԥхасҭахара аанкылара алыршан.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәа рминистр агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәылатәи Арабтә Республика аҿы ҿыц иҟаҵоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәылатәи Арабтә Республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә иҟоу аџьынџьуаа русқәеи рминистр Феисал аль-Микдад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҳҭнықалақь Ахадара ақалақь аҿы иҟоу афымцамҩангагақәа рҭагылазаашьа атехникатә аудит аҟаҵара азԥхьагәарҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара азы аоперативтә Штаб ҳазҭалаз ашықәс аҿы раԥхьатәи аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.
Аилатәара аҿы ԥхынҷкәынмзазы имҩаԥгаз ареидтә усмҩаԥгатәқәа ирыбзоураны афымцамч ахархәара еиҳа армаҷра шалыршахаз азгәарҭеит.
Аилатәара аҿы аенергетикцәа ақалақь аҿы афымцамч ахархәара амҽхак аиҵатәра иаҟараны афымцацәаҳәақәа рықәсра иахҟьаны иҟоу атехникатә цәыӡқәа аарԥшхоит ҳәа иазгәарҭеит. Убас афымцамч ахархәаҩ иҟынӡа анагара алыршахаанӡа шықәсык ала иацәыӡуеит 100 млн киловатт/сааҭ инареиҳаны.
Аилацәажәара иалахәыз ражәақәа рыла, афымцамҩангагақәа рмодернизациа афымцамч ахархәара арбагақәа рбалансркра алнаршоит.
Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы ианҵоу Иаппарат аҿы Ауаажәларратә Хеилак аԥҵоуп.
Аҟәа. Жәабранмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы ианҵоу Мактина Џьынџьалԥҳа лыдҵа инақәыршәаны аԥшьаша, жәабранмза 1, 2024 шықәсазы Ахәыҷы изинқәа рыхьчара знапы ианҵоу Иаппарат аҿы Ауаажәларратә Хеилак аԥҵоуп.
Ҿыц иаԥҵоу аструктура аконсультациатә цхыраара мҩаԥнагалоит, аинициативақәа адгылара рынаҭалоит, иара убас ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара иазку азҵаарақәа ирыдҳәалоу еиуеиԥшым аспектқәа рыла ажәалагалақәа ҟанаҵалоит.
Ауаажәларратә Хеилак ахантәаҩыс дҟаҵоуп Москватәи аԥсуа дисапора Анапхгараҭара алахәыла Инна Барчан.
Жәабранмза 1 азы имҩаԥысит Ахеилак актәи аилатәара. Уаҟа хадара злоу аусура ахырхарҭақәеи аусура аплани ирылацәажәеит.
Акриптовалиута араҳаразы аиқәыршәагақәа рыиагара ԥхьдырҟәҟәааит аҳазылхратә ҭыԥ «ԤСОУ» аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳазылхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы автомашьына ВАЗ-21063 агәаҭараан Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аусзуҩцәа ирыԥшааит амхрагьы мҩаԥыргеит хә-маининг аппаратқәа «AvalonMiner 1346», иара убас акорпусттә ԥшаҩнарсгақәа хәба.
Амилаҭтә сахьатә галереиа аҩбатәи аихагыла ҳазҭоу ашықәс азы еиҭашьақәыргылахоит.
Аҟәа. Жәабранмза 2, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Пушкин имҩала иҟоу Амилаҭтә сахьатә галереиа аҩбатәи аихагыла ҳазҭоу ашықәс азы еиҭашьақәыргылахоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит акультура Аминистрра апресс-маҵзура.
Ареспублика Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб идҵа ала Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩа аҩны №8 ала иҟоу Амилаҭтә сахьатә галереиа ахыбраҿы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарратә еилазаара «Аԥсныргылара» адиректор Хада Руслан Тәанба абылра иацәынхаз аусумҭақәа рышьҭаҵара азы агалереиа ахыбра аҩбатәи аихагыла аиҭашьақәыргылара азы хадара злоу аԥхьанатә инагӡахо ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит:
«Аԥыза-министр инапынҵала ҳара ахыбра аҭагылазаашьа гәаҳҭарц иахьа арахь ҳааит. Ари ҳаԥхьаҟа Амилаҭтә сахьатә галереианы иҟалараны иҟоу ауп. Уажәы ҳара иалаҳхараны ҳаҟоуп абылра иацәынхази асахьақәеи иаархәараны иҟоу аусмҭақәеи ахьышьҭаҵахо, насгьы агалереиа аусзуҩцәа ахьыҩнатәо ҩба-хԥа уада.
Уажәы апроект-харџьынҵатә документациа аиқәыршәара мҩаԥысуеит, аекспертиза мҩаԥгахоит. Уи зегьы ҳара ҳазҭоу ашықәс иалагӡаны имҩаԥаагароуп. Макьаназы ҳара актәи аихагыла аҿы ҩба-хԥа уада еиқәҳаршәароуп. Уи ауп аԥхьанатә иҟаҳҵараны иҟоу».
Аслан Бжьаниа: ҳара иаԥаҳҵароуп 50 нызықь рҟынӡа аусуратә ҭыԥқәа.
Аҟәа. Жәабранмза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпрсс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аекономика аҿиара хадара злоу ахырхарҭақәа аликааит.
Уи: атуристтә индустриа; асубтропикатә қыҭанхамҩа; атранспорттә логистикатә ҳақәа; ақыҭанхамҩатә аалыҵ аусдуларатә ааглыхра ауп.
«Ҳара раԥхьа иргыланы иаҳҭаху - аԥсабара ахьчареи аекологиатә нормақәа реиламгареи роуп», - ҳәа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган аекономика Аминистрра 2023 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рзы иҟалҵаз аҳасабырба даназыӡырҩ ашьҭахь иҳәеит Аслан Бжьаниа.