
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Аԥсны атәылауаа рыԥсҭазаара аҩаӡара ахаҭабзиара ишиашоу иадҳәалоу амчхара амахәҭақәа зегьы 2024 шықәсазтәи русураҟны ихадоу ахырхарҭақәа азгәеиҭеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Имҩаԥысит Аиҳабыра алахәцәеи араионтә Администрациақәа рхадацәеи злахәыз аилацәажәара
Ажьырныҳәамза 26 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аиҳабыра алахәцәа, араионтә Администрациақәа рхадацәа, Апарламент адепутатцәа, аӡбаратә уаажәларра ахаҭарнакцәа алархәны инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥигеит, ҳәа адыра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа: Аибашьратә шәарҭадара ахьчара - атәыла анапхгареи ауааԥсыреи рзы акрызҵазкуа зҵаароуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада - Арбџьармчқәа рыдҵаҟаҵаҩ хада дазыӡырҩит атәылахьчара аминистрра 2023 шықәсазтәи аусура алҵшәақәеи ҳазҭоу ашықәс азы иазԥхьагәаҭаны ирымоу ауснагӡатәқәеи.
Атәылахьчара аусбарҭа Ахада адырра ҟаиҵеит арбџьар мчқәа аибашьратәи аоперативтә ҽазыҟаҵарақәеи шымҩаԥысуазы, аԥсуа ар рыҿиара ахырхарҭа хадақәеи рзы.
«Аибашьратә шәарҭадара ахьчара - атәыла анапхгареи ауааԥсыреи рзы акрызҵазкуа зҵаароуп. Украина ицо, аҭыԥ змоу арратә ҭагылазаашьа ҳасаб рзуны аибашьра ахацыркразы иҟоу аҭагылазаашьа есааира иацлоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада, убри аан, инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла арбџьар мчқәа разыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра хымԥадатәны ишыҟоу.
Владимр Ануа адырра ҟаиҵеит арбџьар мчқәа ҳаамҭа иақәшәо атехникалеи бџьарлеи ишеиқәшәоу, адгьылҵакыратә хьчара аштабқәа шеибыҭоу, иара убас арратә инфраструктура шеиӷьтәу азы.
Аслан Бжьаниа азҵаара шьҭихит арезервтә бригадақәа русбарҭақәа рышьақәыргыларазы. "Ҳара акраамҭа уи ҳазнеиуан. Уажәазы иаԥҵоуп аибашьраан ақалақьқәеи араионқәеи рыдгьылҵакырақәа рыҟны еиҿкаахо арезервтә бригадақәа быжьбеи аполки. Арҭ абригадақәа аҭынч аамҭазы еснагь аус рулоит, аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит, иазԥхьагәаҭоу аҿҳәараан арратә зырхиара рымазаауеит",-иҳәеит иара, Адҵаҟаҵаҩ хада иҭабуп ҳәа иаҳәо ари азҵаара адгылара ахьаиҭо азы.
Аԥсны Алхратә Комиссиа Хада Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы Азакәан аиҭакрақәа ралагалара азы ажәалагала ҟанаҵоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 29 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы аҳәынҭқарра-зинтә политика азы инарҭбаау аилатәара мҩаԥысит.
Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, адепутатцәа Аԥсны Алхатә Комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьаниеи уи иколлегацәеи – АКХ алахәылацәа Инна Кәарҷиеи Алиас Бранӡиеи иҟарҵаз аинформациа иазыӡырҩит. Иарбоу аинформациа «Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы» аконституциатә закәан иадҳәалоуп.
Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аруаҩҿыцқәа Рыԥсадгьыл ахьчаразы арратә ҭоуба шьҭарҵеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура аруаҩҿыцқәа Рыԥсадгьыл ахьчаразы арратә ҭоуба шьҭарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Аруаҩҿыцқәа иреиҳаӡоу аҩаӡара аҿы аусмҩаԥгатәқәа ирылахәхалоит, анапхгаратә хыбрақәа рҿаԥхьа аҳаҭыртә карулра нарыгӡалоит.
Аԥсадгьыл ахьчаразы аҭоуба иаԥхьеит Аҟәатәи, Гәылрԥшьтәи, Гәдоуҭатәи, Очамчыратәи араионқәа рҟынтәи аруаҩҿыцқәа.
Асолдатцәа зегьы ибзиоу маха-шьахалатәи азыҟаҵара рымоуп. Аӡәырҩы иреиҳау аҵара рымоуп.
«Абри аминуҭ инаркны арԥыс амилаҭтә интересқәа рыхьчаҩны, Аԥсадгьыл ахьчаҩны даагылоит», – ҳәа арратә ҭоуба ашьҭаҵара иазку ацеремониа аҿы иҳәеит Аҳәынҭқарратә ахьчара Амаҵзура хазы игоу арота акомандаҟаҵаҩ Рашит Ҭаркьыл.
Ацеремониа ахатәы еилазаара шьаҿаеиқәшәала рыиасрала ихыркәшахеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра: абылрацәыхьчаратә шәах ахархәара ҟалазҭгьы, иаанхаз асахьақәагьы реиҭашьақәыргылара алымшо иԥхасҭахон.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра Аԥсны аинформациатә ҵакыра аҿы еиԥш уи анҭыҵгьы ицәырҵуа иалагаз, ажьырныҳәамза 21 ауха Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҟынтәи асахьақәа ахьышьҭаз Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра амзысқәеи ахҟьаԥҟьақәеи рганахьала ацәажәарақәа ахҳәаа ҟанаҵеит.
Акультура аусзуҩцәа џьоукы абылра еиҳа ирласны ирцәазар ауан, уи арцәараан абылрацәыхьчаратә шәах ахархәара аиузҭгьы ҳәа ргәаанагарақәа рҳәеит.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура ауаажәларреи иарбоу азҵаара иазинтересу ауаа зегьи иднардыруеит иџьбароу ахимиатә маҭәашьарны иҟоу абылрацәыхьчаратә шәах абылтәи ахьшьтәи рымцакра аанкылараан, мамзаргьы амҩа-транспорттә машәыр хҭысқәа раан иааихаз амашьынақәа амца рымкырц азы мацара рхы иадырхәо ауп. Абылрацәыхьчаратә шәах асахьатә галереиа аҿы ахархәарала асахьақәа зегьы реиҭашьақәыргылара алымшо рыхасҭатәра ахь икылнагон. Убасҵәҟьа ирыԥхьаӡоит урыстәылатәи ареставраторцәагьы.
Аминистрцәа Реилазаара аҿы ацәыргақәҵатә зал аусура аиҭалагара азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амилаҭтә галереиа аҿы иҟалаз абылра ахҟьаԥҟьақәеи ацәыргақәҵатә зал ҩаԥхьа аусура аиҭалагареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа рылацәажәара иазкын иахьа имҩаԥсыз атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахаҭарнакцәеи реиԥылара, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла Анапхгара апресс-маҵзура. Аиԥылара рхы аладырхәит иара убас акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыри апрокурор Хада Адгәыр Агрбеи.
Апрокурор Хада аиԥылара иалахәыз ишеилдиркааз ала, ахҭыс ахьыҟала аҭыԥ аҿы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы хыркәшахаанӡа, иара убри ала абылра зыхҟьаҵәҟьаз амзызқәа шьақәыргылахаанӡа агалериа ауадақәа ррыцқьареи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгареи рҟынтәи аҽаанкылара ахәҭаны иҟоуп. Адгәыр Агрба иажәақәа рыла, аԥсуа ган иҟанаҵаз аҳәарала, урыстәылатәи аспециалистцәа азинхьчаратә усбарҭақәа ацхыраара рырҭараны иҟоуп.
Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова абылра иацәынхаз асахьақәа рреставрациа аҿы ацхырааразы иҭабуп ҳәа леиҳәеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова лыхьӡала иҟалаз абылра иахҟьаны Аԥсны Амилаҭтә галереиа асахьатә фонд ацәыӡра инамаданы иҟалҵаз адгылара азы аџьшьаратә шәҟәы дықәиҵеит.
Ашәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ареспублика Аԥсны Анапхгара ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи иҭабуп ҳәа шәасҳәоит Аԥсны Амилаҭтә галереиа аҿы иҟалаз абылра инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра аԥснытәи рколлегацәа ганрацәала ирырҭаз адгылара азы.
Иҟалаз арыцҳара иахҟьаны иблит Аԥсны жәлар рзы акырӡа зҵазкуаз акультуратә ҭынха – иналукааша аԥснытәии урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа русумҭа шьахәқәа. Ҳара зыԥшра ҟамҵакәа ҳмилаҭтә трагедиа иаҳзаанагаз ҳхьаа ахьҳацеиҩышәшаз азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит.
Аԥснытәи артистцәа Рахманинов Иҩны аконцертә зал аҿы қәҿиарала иқәгылеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москва ақалақь, Рахманинов Иҩны аконцертә зал аҿы қәҿиарала имҩаԥысит Аԥснытәи артистцәа рконцерт. Аконцертә программа ааиртит Аԥсны зҽаԥсазтәыз артист, аскрипкарҳәаҩы Виктор Абрамиан-Ешба. Анаҩс иқәгылеит анагӡаҩ-ҿарацәа – Москватәи аконсерваториа аҟны иҟоу анагӡаратә ҟазара Академиа астудентцәа: апианинорҳәаҩы Лана Адлеиба, Каи Хупориа, Виктор Абрамиан-Ешба иҵаҩы, альтарҳәаҩы Пиотр Бердников.
Ахәаԥшцәа иатәнатәит Софиа Сақаниа лыбжьы, лара Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артистка, Аԥсны жәлар рартистка Алиса Гыцба лаԥшьгарала имҩаԥгаз II Жәларбжьаратәи амузыкатә конкурс аҿы Гран-при лгеит.
Аԥснытәи акаратистцәа Шәача имҩаԥысуаз атурнир аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 29, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 27-28, 2024 шықәсазы Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысит Косики Карате азы Урыстәылазегьтәи атурнир «Алада Ахраҿа». Атурнир еиҿкаахеит ақалақьтәи ауаажәларатә еиҿкаара «Шәача ақалақь астильзегьтәи акарате Афедерациа». Уи напхгара аиҭоит Дымчак Иван Алеқсандр-иԥа. Иара убас аусмҩаԥгатә амҩаԥгараҿ ацхыраара ҟанаҵеит Шәача ақалақь абаҩарҵәыратә культуреи аспорти рзы Аилак.
Атурнир рхы аладырхәит Урыстәлатәи Афедерациа арегионқәа 10 рҟынтәи: Донецктәи Жәлартә Республика, Ростов-на-дону, Ростовтәи аобласт, ақалақьқәа Липецк, Москва, Москватәи аобласть, уҳәа Афедералтә Округ Хада зегьы аҟынтәи 500-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.
Косика карате Афедерациа апрезидент, Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Демис Адлеиба напхгара зиҭоз Аԥсны еизгоу акоманда Шәача ақалақь астильзегьтәи акарате Афедерациа апрезидент Иван Дымчак иҟаиҵаз ааԥхьаала ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала атунир иалахәхеит.
Аԥсны еизгоу акоманда иалалеит Аҟәа ақалақь аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа косики карате асекциа аспортсменцәа.
Аспортсменцәа еиндаҭлон «ката», «кумите», «нунчаку-кумите», уҳәа адисцплинақәа рҿы. Аԥснытәи аспортсмен ҿарацәа ахьтәы медалқәа ҩбеи аџьазтә медалки ранашьахеит.
Ахьтәы медалқәа ранашьахеит Ерик Хоџьоиани Иарна Марганиа, аџьазтә медал – Сеиҭ Дгебиа.
Хә-ҳаԥыки адгьылаҵантәи аӡиаски Аԥсны ирыԥшааит урыстәылатәи аспелиологцәа.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 25, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу хә-ҳаԥыки адгьылаҵантәи аӡиаски Аԥсны ирыԥшааит Урыстәылатәи аспелиологцәа. Абри азы арадио Sputnik аефир ала адырра ҟаиҵеит аспелиолог Геннади Самохин.
«Ҳара аҭыԥантәи ауааԥсыра ишҳаҵарҳәаз ала, Чагрыԥшь аҳаблаҿы ҳаԥык ҳаԥшааит, уи 60-тәи ашықәсқәа раахыс ирдыруан, иҟалап еиҳа заанаҵгьы ирдыруазҭгьы. Ҳара уахь ҳалбааит, иаҳбеит уи даара аинтерес шаҵаз, аӡиас хәыҷгьы шыиасуа. Ҳалагеит ааигәа иҟоу арегион аҭҵаара. Ари арегион аҿы иҟоуп 20 инарзынаԥшуа аҳаԥқәа, ҳара ҳаанӡа ирдыруаз 15 ракәын», - ҳәа еиҭеиҳәеит Ганнади Самохин.
Иҳаԥшааз аҳаԥқәа рҟынтәи зегьы иреиҳау аҵаулара 300 метра рҟынӡа инаӡоит, егьырҭ 15- 27 метра рҟынӡа инаӡоит. Аха уи аҵарауаҩ иазгәаҭарала, алгамҭатә наӡараӡам, даара иҟалар алшоит урҭ рҵаулара акыр еиҳазаргьы.