Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, ԥхынгәымза 26 рзы, С. Иа. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр ахыбраҿы Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәеи ауаажәларреи злахәыз аилатәара мҩаԥысит. Уи ареспублика аҿы аҵыхтәантәи аамҭазы ишьақәгылаз ауаажәларра политикатә ҭагылазаашьа иазкын.
Аизара рхы аладырхәит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, Абыргцәа Рхеилак алахәылацәа, еиуеиԥшым аполитикатәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.
Аизара аҿы иқәгылеит Аԥсны абыргца Рхеилак ахантәаҩы Апполон Думаа, Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба, Аԥсны аинтеллигенциа Рассоциациа анапхгаҩы Нодар Ҷанба, акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, ААУ аҟазара афакултет адекан Ныгәзар Логәуа, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Гәырам Гәымба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Кан Кәарҷиа, ауаажәларратә еиҿкаара «Аԥсуа жәлар реиҿкаара» анапхгаҩы Адгәыр Арӡынба, Аԥсны Афырхацәа Леуан Миқаиеи Вианор Аршбеи.
Еизаз ԥхынгәымза 25 рзы Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы «Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхраз ауснагӡатәқәа рзы» азакәан апроект архынҳәразы инапы зҵеиҩыз аусшәҟәы иалацәажәеит.
Ари аусшәҟәы рыдыркылазҭгьы - Аԥсны ахьыԥшымра ҳцәыӡыр шалшоз, аԥсуа демографиеи ареспублика аекологиеи рзы ашәарҭара шыҟалоз, уи адагьы, атәылаҿы ас еиԥш иҟоу апроектқәа рзы иахәҭоу аинфраструктура ыҟаӡам ҳәа азгәарҭон аизараҟны иқәгылоз.
Еизаз иара убас агәынамӡара аадырԥшит анапхгаратә хыбрақәа иаарыкәыршаны аихатә баагәара аргылара инамаданы. Аҭоурыхҭҵааҩы Гәырам Гәымба Аԥснытәи аҳәынҭқарреи аԥсуа жәлари ринстересқәа ирҿагыло азакәан апроектқәа рыхәаԥшра алмыршара азы есымша аус зуа акоординациатә Хеилак аԥҵара азы ажәалагала ҟаинеит.
Еизаз Атәыла Ахада апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргалара мап ацәкразы азакәан апроект ахәаԥшразы Жәлар Реизара-Апарламент ахь ирыдигаларц азы аҳәамҭа ҟарҵеит.