АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист Заира Ҵәыџьба лиубилеи азгәалҭоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа лиубилеи азгәалҭоит Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз ажурналист,   Аԥсны ажурналистцәа Реидгылеи ажурналисттә Еидгыларақәа Жәларбжьаратәи аконфедерациеи   рлахәыла Заира Иасон-иԥҳа Ҵәыџьба.

Заира Иасон-иԥҳа Ҵәыџьба диит ԥхынгәымза 28, 1949 шықәса рзы. Лара далгеит Ҟазантәи аҳәынҭқарратә Университет ажурналистика афакультет.  

1968 – 1971шш. ақ. Ҟазань иҭыҵуаз агазеҭ  «Советская Татария» аҿы, 1973 - 1980 шш. – Гәдоуҭатәи араионтә газеҭ «Бзыԥ» аҿы аус луан.

1980 шықәса инаркны 1987 шықәсанӡа  – агазеҭ «Советская Абхазия» Гәдоуҭеи Гагреи араионқәа рҿы ахатәы корреспондентс аус луан, 1987 шықәса инаркны 1991 шықәсанӡа – ари агазеҭ алитературеи аҟазареи рыҟәша аиҳабыс аус луан.

1991 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа аус луеит агазеҭ «Республика Абхазия» аҿы. Лара агазеҭ аҳәаанырцәтәии аҩныҵҟатәи аинформациеи  рыҟәша аиҳабысгьы агазеҭ апарламенттә коррепондентсгьы дыҟоуп.

1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аан Заира Ҵәыџьба аибашьратә хҭысқәа ирызкны аматериалқәа лыҩуан, амацәаз иҭакыз Ҭҟарчал ақалақь ахь дцаны аҭыԥ аҿы аинформациа еизылгон.

Ԥхынҷкәынмза, 2001 шықәса инаркны нанҳәамза, 2003 шықәсанӡа Заира Ҵәыџьба  Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аҿы аԥыза-министр ипресс-маӡаныҟәгаҩыс, амассатә информациа ахархәагақәа рзы ареферентс аус луан.  

Заира Иасон-иԥҳа лзанааҭдырра аҩаӡара ҳараки лнапы злаку ажурналисттә усура  абзиабареи ҭакԥхықәрала азнеиреи рыла далыркаауеит. Лара лнапы иҵыҵхьоу агазеҭтә публикациақәа тематикала реиԥшымзаара азгәоумҭар залшаӡом – акультура, ақыҭанхамҩа, аекономика, атәыла аҩныҵҟатәии адәныҟатәи аполитика, аибашьреи аҭынчреи,атәыла ашәарҭадареи рызҵаарақәа.

Агазеҭ «Республики Абхазия» Гәдоуҭа араион аҿы иҷыдоу акорреспондент, аиубилиар лҩыза гәакьа Марина Габриа  Заиреи лареи реиҩызара шхацыркыз атәы еиҭалҳәеит:

«Заиреи сареи ҳаиҩызара абар шьҭа 39 шықәса ахыҵуеит.  1985 шықәсазы сара Гәдоуҭа, агазеҭ «Советская Абхазия» ахатәы корреспондентс аусура салагеит. Араҟоуп Заиреи сареи ҳахьеибадырызгьы. Уи усҟан ари аусхкы аҿы аԥышәа бзиа лоухьан. Исгәалашәоит, лара зны наунагӡа исхамышҭуа абас еиԥш ажәа салҳәеит: «Сара игәасҭо салагеит, атекст аҿы исыҩраны ишыҟаз еиԥшҵәҟьа сцәажәо сшалагаз». Усҟан сара лара илҳәаз сыхшыҩ азцеит, абар шьҭа, ашықәсқәа маҷымкәа ишцахьоугьы, схаҭагьы ари аусхкы аҿы аԥышәа цәгьамкәа ишсырҳахьоугьы, еслыскаауеит, атекст аҿы исыҩраны ишыҟаз еиԥшҵәҟьа сышцәажәо. Уи зегьы зыбзоуроу Заира Иасон-иԥҳа лоуп».  

«Заира аиашазы зус бзиаҵәҟьаны издыруа, зеиӷьаҟам, иаамсҭашәоу ауаҩы, гәык-ԥсыкала иҟоу аҩыза иаша лоуп.  Абзиараҿы еиԥш ауадаҩрақәа раан уи абар шьҭа акыр шықәса раахыс дсывагылоуп. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны сыԥсҭазаараҿы иҟалахьоу маҷӡам, еиуеиԥшым ахҭықәа срықәшәахьан, аха Заира есымша сааигәара дгылан, ацхыраареи адгылареи сылҭон. Заира Иасон-иԥҳа –  зыуаҩреи зыламыси ԥырашәа змам уаҩуп. Сара насыԥ сыман ҳәа исыԥхьаӡоит ас еиԥш ауаҩы, зхатәы гәаанагара, зхатәы ҟазшьа змоу, хьаҳә-хьачарада  аиаша иадгыло сыԥсҭазаараҿы дахьсызцәырҵыз. Ҳара имаҷымкәа аматериалқәа еицынаҳагӡахьан. Сара 40 шықәса раԥхьа уи илҿысҵаашаз рацәан, гәахәаралагьы ас еиԥш исоуз алшара схы иасырхәон, иасырхәоит иахьагьы, – ҳәа еиҭалҳәеит Марина Габриа. –   Идуӡӡаны иҭабуп ҳәа ласҳәарц сҭахуп Заира сыԥсҭазаараҿы дахьсызцәырҵыз, исылҭаз хәызмаӡам адгылареи илҿысҵааз аԥышәеи рзы. Гәык-ԥсыкала илзеиӷьасшьоуит зегьы раԥхьаӡа иргыланы агәабзиара, агәамч, арҿиаратә еихьӡарақәа, аԥхьаҩцәа рзы еиҳа ирацәаны аматериалқәа, иара убас аԥсҭазаараҿы еиԥш аусуреи рҿы ахирра!» 

Заира Ҵәыџьба лколлега, ажурналист Иулиа Соловиова Заира дылдыруеит 1984 шықәса раахыс.

«Ҳара ҳаибадырит сара Москватәи Аҳәынҭқарратә Университет саналга ашьҭахь агазеҭ «Советская Абхазия» ахь аусура ҳәа санааи. Араҟа аус луан Заира. Лара усҟан аҟәшақәа зегьы рҟынтәи анапынҵақәа налыгӡон, уи мышктәи леихшанҵа аҿы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла иҟан  26- 30 пункт. Уамашәа иубаша, лара уи зегьы қәҿиарала анагӡара дахьӡон.

Уаанӡа сара исаҳахьан Заира ҳәа захьӡу  ажурналистка қәыԥш лыӡбахә. Раԥхьа лара Шәара ҳәа слацәажәон, избан акәзар лара аԥышәа бзиа змаз журналистны дыҟан, аха нас еилыскааит лара лҟазшьа аҷыдарақәа ишреиҳау ауаҩы изааигәара, аамсҭашәара, уи зынӡа илыламызт аҽырхаззалара. Сара уи даара иџьасшьон. Лара аусураҿы аамҭак ала дагьыџьбаран дагьыҳалалын. Исыздырӡом арҭ аҟазшьақәа реилагӡара шлылшоз.  Иазгәасҭарц сҭахуп, Заира атрибуна аҟынтәи лықәгыларақәа зегьы раан сара есымша ари ауаҩ лзы агәадура сызцәырҵуеит, уи лцәажәашьа, лхәыцшьа, лгәаангара ауаа рызнагашьа зегьы ауникалра рыҵоуп. Уи есымша иахәҭоу ажәақәа рхархәашьа дақәшәоит, убри аан хьаҳәхьачарада аиаша дадгылоит. Заира ауаа еилылхӡом, уи лзы ауаа зегьы еиҟароуп.  Убри аан лара апатриотизмра злоу уаҩуп. Лара даара бзиа илбоит лыжәлар, лыжәлар –   уи раԥхьаӡа иргыланы ауаа роуп, милаҭла изеиуазаалакьы, маҵзурас иааныркылозаалакгьы, ихуҷума-идуума, зегьы акоуп.

Сара даара бзиа избоит хәылбыҽхала уи слыдтәаланы лыҿцәажәара. Лара даара иразу, зыҿцәажәара гәахәароу уаҩуп. Заира лафны «ашьанҵа иаҩызоу» ҳәа лзырҳәоит.  Иуадаҩуп «ашьанҵа иаҩызоу» аԥҳәыс лхаҿсахьа ухаҿы аагара, аха лара даара иӷәӷәоу аҟазшьа змоу, аиаша иҟоу шыҟоу изҳәо, убри аан иҳалалу, ақьиара злыжжуа уаҩуп.  Заира – ауаҩы-аекспедициа, аҭҵааҩы лоуп. Уи лгәаартреи ақьиара зныԥшуа лыблақәеи иаадырԥшуа рацәоуп», – ҳәа илҳәеит лара.

Аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аколлектив гәак-ԥсыкала Заира Иасон-иԥҳа илыдырныҳәалоит лиубилеи, илзеиӷьаршьоит агәабзиара, аԥсуа ишықәснҵыра ду, анасыԥ, лырҿиаратә усураҿы ақәҿиарақәа.

 

 

 

 

 

 

 


Read 176 times - Амҽыша, 28 Ԥхынгәы 2024 14:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.