АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 20-21 рзы аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи иҟарҵаз адгыларала ирыцҵахеит традициала имҩаԥгахо ашахматқәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы реитингтә еицлабрақәа «Алашара – иқәыԥшу агәыӷырҭақәа». Урҭ рхы аладырхәит 90 - ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа.

8 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Ҭҟьебучаа Давид (ақ.Аҟәа), Гәылариа Емили (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит  – Хьынҭәба Глеб (ақ.Гәдоуҭа), Папба Адель (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит – Хуснутдинов Димир (ақ. Аҟәа), Адлеиба Амели (ақ. Аҟәа).  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова Аҟәа ақалақь, Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра трагедиоуп ҳәа ахылҳәааит, уи иара убас Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы цхыраарас иҟанаҵара иазхәыцуеит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

«Аҟәа аиашазы атрагеддиа ҟалеит. Аԥснытәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳазхәыцуеит иарбан цхыраароу иҟаҳҵаша …», – ҳәа л-Telegram-канал аҿы илыҩит Ольга Лиубимова.

Ажьырныҳәамза 21 ауха Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны Амилаҭтә галереиа афонд маҷк ада зегьы блит.  Ари ахыбраҿы иҟаз ԥшьнызықь инареиҳаны асахьақәа рҟынтәи мацара еиқәхеит 150 рҟынӡа асахьақәа. Амца иалаблит Алеқсандр-Шервашиӡе иусумҭақәа зегьы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 150 рҟынӡа асахьақәа еиқәхеит Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра аҿы, ҳәа «Абаза-ТВ» акорреспондентцәа дрыҿцәажәо илҳәеит Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.  

Уи Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Висарион Ҵәыџьба, уҳәа егьырҭ  асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа роуп.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҟоу адыррақәа рыла, ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы амца иалаблит ԥшьнызықь инареиҳаны асахьақәа. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит атәыла акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.

«Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд зегьы блит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп иахьа.  Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҩбатәи аихагылаҿы иҟан Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа, 4000 екземплиар инареиҳаны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо 300 рҟынӡа Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа...  Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иатәыз асахьақәа зегьы блит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Иҟалаз ахҭыс амилаҭтә культура азы ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо, акала иузхамырҭәаауа ацәыӡ ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Динара Смыр.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Аҳасабыркрақәа Рцентр» (Банк ЦМР Абхазия) Ареспублика Аԥсны асахьаркыратә ҭынха акала иузхамырҭәаауа ацәыӡ азы ажәабжь гәалсра дула иаднакылеит.

Ажьырныҳәамза 21 ауха иҟалаз Ацәыргақәҵатә зал Хада амцакра иахҟьаны иара убас  Аҟәа, Лакоба имҩа, аҩны №31 аҿы иҟоу абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Аҳасабыркрақәа Рцентр» аофисгьы  ааха аиуит.

Аҷыдалкаатә ҭагылазаашьа иахҟьаны абанк аусура еиԥҟьаӡом.

Ажьырныҳәамза 22 инаркны Абанк «Аԥсны Жәларбжьаратәи Аҳасабыркрақәа Рцентр»  аклиентцәа рҿаԥхьа иамоу аҭакԥхықәрақәа абжьааԥнытәи арежим ала инанагӡалоит абри  аҭыӡҭыԥ ала: ақалақь Аҟәа, Леон имҩа, аҩны  №17.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, ашьыжь шаанӡа, асааҭ ԥшьба инарзынаԥшуа, Лакоба имҩала игылоу ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра амца акит. Амцарцәара иалахуп Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра амцарцәаратә гәыԥқәа фба.

Амцеи алҩеи амҽханакит ҩ-еихагылакны иҟоу ахыбра ахыб иахьаҵанакуа, ҳәа иазгәеиҭеит ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы аус зуа Аԥсныпресс акореспондент.  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа абылра ахьыҟалаз Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны дыҟан. 

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭеиҳәеит атәыла Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аҷаԥшьаҩ ишҟа ахҭыс азы адырра шыҟалаз 03:38 сааҭ рзы. Амца арцәара иалахәын Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшьынтә амцарцәаратә бригадақәа 11. Ашыжь асааҭ 7 рзы амца арцәара алыршан. 

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иаха иҟалаз абылра иахҟьаны, Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ацәыӡит.

«Сара сыла иабо сызхаҵаӡом, сҵәыуоит. Ари рыцҳара дууп. Амцарцәаҩцәа ражәақәа рыла, амцакра ҟалеит ахыбра ахыб аҿы.  Икьаҿу афымцацәаҳәақәа реидылара ҟалазар ҟалап. Асахьақәа зегьы блит. Ари иузхамырҭәаауа ацәыӡқәа роуп ҳара ҳзы. Аԥсуа культура иаиуз азарал ахә ашьара уадаҩуп», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Амилаҭтә сахьатә галереиа адиректор Сурам Сақаниа.

«Зегьы блит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҩбатәи аихагыла аҿы иҟан Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа, 4000 Екземплиар инареиҳаны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан 300 рҟынӡа Алеқсандр  Чачба-Шервашиӡе иҭыхымҭақәа. Ари акала иузхамырҭәаауа цәыӡуп Аԥсны амилаҭтә культура азы.  Сара сылаӷырӡқәа сырхәаҽуеит ацәажәарагьы сцәыуадаҩуп», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо илҳәеит атәыла акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара  Смыр.

Аҟәа ақалақь аҿы аҵх агәазы Лакоба имҩала игылоу  Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра амца акит.Ахҭыс шыҟалаз азы Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь адырра ҟалеит асааҭ 03:38 рзы. Амца арцәара иалахәын Аҟәа, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра ақалақьқәа рҟынтәи 11 амцарцәаратә гәыԥқәа. Ашьыжь, асааҭ быжьба инарзынаԥшуа амца арцәара алыршахеит.

Нанҳәамза 20, 1963 шықәсазы Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Реилазаара Аҟәа ақалақь аҿы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿга аҳасабала  Асахьатә галереиа аԥҵара азы аӡбамҭа аднакылеит.

Агалереиа аԥҵара ихы алаирхәит аҟазара акыр ҳаҭыр ақәызҵоз, аҟәатәи аҳақьым Езекиель Лазар-иԥа Фишков.  Иара агалереиа ҳамҭас иаиҭеит иҩны ахәҭак (Пушкин имҩала игылаз аҩны № 24), иара убас 60 сахьа.  Езекиель Фишков иколлекциа аҿы иҟан — Б. Петров, В. Контариова, О.Сегаль, уҳәа  иналукааша аурыс сахьаҭыхыҩцәа раԥҵамҭақәа. Дара Аԥсны иаҭаахьан ХХ ашәышықәса алагамҭазы.

Хәажәкырамза 17, 1964 шықәсазы иҟалаз агалереиа аартра азы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа  М. Ешба, О. Брендель, И. Цомаиа, В. Иванба, уҳәа егьырҭ аӡәырҩы рырҿиамҭақәа агалереиа ҳамҭас иарҭеит. Азалқәа хԥа рҿы ицәыргақәҵан 100 сахьаки 20 аскульптуратә усумҭеи.

Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа агалереиа афондқәа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыла еиҳа-еиҳа ихарҭәаахон.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа ашьыжьымҭан израильтәи ар х-ракетак рыла Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск, Меззе  аҳаблаҿы игылоу ԥшь-еихагылакны иҟоу аиланхарҭаҩны иалахысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.  

Иазгәаҭатәуп, аиланхарҭаҩны зырбгаз Израиль аганахьала аракетатә агрессиа ахьыҟалаз аҭыԥи Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахьыҟоу ахыбреи 150 метра рыбжьоуп.  

Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Маҳаммад Али Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рҟынтәи аӡәгьы ааха имоуӡеит ҳәа адырра ҟаиҵоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынӡба  Сириа иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа иазааигәоу Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Амедиацентр.

«Хамеигӡара ҟамҵаӡакәа зус назыгӡо ҳдипломатцәа ашәарҭара иҭагылеит. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа аҵак ду змоу агуманитартәи жәларбжьаратәи азинқәеи реиԥҟьара ашҟа икылнагоит, жәларбжьаратәи ашәарҭадареи аизыҟазаашьақәеи рышьаҭа шьақәнарҟьоит. Ҳара уи даараӡа ҳақәыӡбоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.