АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Ԥхынгәы.2024

Резо Занҭариа Аԥсны Аҳәынҭқарра Мрагыларатәи ахәҭа асоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы азакәан апроект азы: «Ари ажәалагала — аекономикатә ҿиара азы иреиӷьу авариантқәа иреиуоуп».

Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа – «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект авторцәа дреиуоуп.

Аԥхьаҩцәа ирыдаагалоит Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы иарбоу апроект алацәажәара иазкны имҩаԥысыз аусуратә еилатәара аҿы уи иқәгылара.

Резо Занҭариа: Ҳара иахьа ҳазлацәажәо азҵаара адунеитә економика аҿы зынӡа иҿыцӡам. Ҳара зегьы иаадыруеит иара шаҟа хра злоу алҵшәақәа аанарԥшыр ауа атәы. Апарт-отельқәа — ари атуристтә усхкы аҿы акыр зҵазкуа инструментны иҟоуп, уи иааизакны аҳәынҭқарра еиԥш, уи иахьыҟоу арегион азгьы ахашәалахәы аанагоит. Иарбоу азакәан апроект хра злоу аганқәа ртәы аӡәгьы даҽазнык изеиҭаҳәара аҭахӡам, уи аполитикатә ҟазшьа аҵаҵара хықәкыс иҟамзар. Аполитизациа араҟа зынӡа иаҭахны иҟаӡам.

Иарбоу апроект хра злоу аганқәа аазырԥшуа аргументқәа рацәаны иҟоуп. Иаажәгозар тәылак апарт-отельқәа мап рцәызкыз? Иаагозар, Кипр ахатәы биуџьет 30-40% рыла аизырҳара алнаршеит абас еиԥш иҟоу аинвестициақәа раҳасабала. Атуристтә усхкы аҟны ихадоу хә-инструментк мацара ыҟоуп. Зегьы реиҳа ахашәалахәу зцу — уи еища абиуџьет алагалақәа алазгало, аиҳарак иуникалу аԥсабаратә ҭагылазаашьақәа змоу арегионқәа рҿы иҟоу асанаториақәа роуп. Уи аҩыза аҭагылазаашьақәа ахьыҟам аԥсшьарҭа ҩнқәеи атуристтә базақәеи дыргылоит. Аҟәеи Гагреи ақалақьқәагьы ас еиԥш иҟоу апроект анагӡара иазинтересуп.

Азакәан апроект аҿы иарбоуп аиҿкааратә уснагӡатәқәа зегьы. Ҳара апарт-отельқәа рыргылара алшара ҳалацәажәоит, анагӡаратә мчрақәа ракәзар, егьырҭ аспектқәа реиҿкаара рхахьы иргоит.  Ашәарҭарақәа зегьы ҳасаб рызуп. Азакәан апроект апартаментқәа раахәара атәылауаҩра аиура азин азԥхьагәанаҭаӡом ҳәа иарбазар, ҳара уи агәыҩбара ҳазцәырнамгозароуп.  Ари ҳара ҳзы ихадоу аргументны иҟоуп, уи инҭкааны иарбоуп аусшәҟәы аҿы.  Аҭыԥантәи ахадарақәа ҭыԥқәак рҿы аргыларазы азин ҟарымҵозар, уи иаанаго уаҟа аргыларақәа ҟалаӡом ҳәа ауп. Анхаратә закәанеидкыла аԥхьаҟа аргылара аԥҟарақәа шьақәнаргылалоит. Уаҳа иаҳҭахи нас ҳара?

Сара агәра ганы сыҟоуп — ари ажәалагала — аекономикатә ҿиара азы иреиӷьу авариантқәа иреиуоуп. Ҳара арегионқәа адгылара раҳҭароуп. Ҿырԥштәыс иаагозар — зеиӷьаҟам ала аҭыԥантәи аҭагылазаашьа атәы здыруа Очамчыра араион ахада иқәгылара. Ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа адгылара аҭахуп. Сара схаҭа араион аҿы сынхоит, схаҭагьы избоит ауааи аинвестициақәеи разымхара шҳамоу.

Апартаментқәа азакәан ишьақәнаргыло амҽхакқәа ирҭагӡаны ианыргылахо ашьҭахь апрограмма хыркәшахоит. Иҟалар алшоит ари апроцесс аамҭа рацәа амҽханакыргьы, зегьы ишаадыруа еиԥш, апартаментқәа рыргылара зҭаху агәараан иқәгыланы иаабом. Ҭҟәарчал ақалақь аҿы, иаагозар, сара макьаназы апарт-отельқәа рыргылара иазхиоу ҳәа аӡәгьы дызбаӡом. Аха ус иҟоу аинвесторцәа цәырҵыр, усҟан урҭ ацхыраара рыҭатәхоит, иманшәалоу аҭагылазаашьақәа рзаԥҵатәхоит.  Адунеи зегьы аҿы аинвестициақәа ралагаларазы иманшәалоу аҭаглазаашьақәа аԥырҵоит, ҳаргьы убас иҟаҳҵалароуп.  

Шәааи хшыҩзышьҭрала ари азҵаара ҳазхәыцны ҳекономика аҿиара иахәаша аӡбамҭа иаша ҳадаҳкылап».

Ԥхынгәымза 11 рзы Жәлар Реизара-Апарламент аҿы имҩаԥысыз Апарламент адепутатцәеи араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәеи реиԥылара рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аконституциатә Ӡбарҭа ахантәаҩы Диана Ԥлиа, апрокурор Хада Адгәыр Агрба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом  Кәарҷиа, Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа ахантәаҩы Саида Быҭәба, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ  Сергеи Шамба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ  Зураб Қаџьаиа, атәыла Анапхгара алахәылацәа. 

 

 

 

 

 

 

 


Read 118 times - Аҩаша, 23 Ԥхынгәы 2024 00:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.