Убри инамаданы сара аиҳарак иџьасшьо иара азҵаара ахаҭа инҭкааны акәымкәа, иарбоу азакәан апроектқәа иалагалоу апкрақәа зегьы ахшыҩзышьра рымҭакәа глобалла азҵаара алацәажәара ҳахьҽазаҳкуа ауп. Аус аҿы ари азҵаара аполитикатә цәаҩа аманы иҟалеит. Исзеилкааӡом, иацы анхарҭатә хыбрақәа рыҭиара иадгылоз ауаа иахьа ашәарҭара ҳәа акгьы зҵам азакәан апроект иаҿагыланы иахьцәажәо.
Араҟа ишьҭыхын азҵаара аинфраструктура азхиара аганахьала. Шәааи иаартны иаҳҳәап. Гагра ақалақь аҿы аинфраструктура азхиазма ари аҟара аобиектқәа рыргылареи раартреи азы? Мап. Иахьа ҳтәыла мраҭашәаратәи аган иахьаҵанакуа зқьыла атуристтә обиектқәа ыҟоуп.
Ҳара ҳазлацәажәо Мрагыларатәи Аԥсны иахьаҵанакуа 28 обиеект ауп. Мрагыларатәи Аԥсны иҟоу аинфраструктура уи иазышьҭыхуам ҳәа аҳәара ииашамзар ҟалап.
Абесалом Алықьса-иԥа Кәарҷиа (Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы. АП) иажәахә аҿы сара схаҿы иаанхаз абас еиԥш ажәақәа иҳәеит: «Ҳара иаҳҿагылоу ауаа ԥхьаҟа аҿиарамҩа ҳаныларц рҭахӡам».
Шәааи ҳазхәыцып, иҟаҳҵеи ҳара аинерциатә ҿиарамҩа анылара азы? Ҳара есыҽны аус аауеит, иахьа ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рҿаԥхьа иқәгылоу еиуеиԥшым ауадаҩрақәа риааира ҳҽазаҳшәоит. Аха ҳара иахьа иҳамоу аекономикатә ҭагылазаашьа алҵра азы ҳауаажәлар ирыдаагалар ҳалшои? Аҭак еилкаауп.
Атәыла анапхгара зыдгалара мҩаԥнаго азҵаарақәа рыӡбара акәзар, ахәҭакахьала Аҳәынҭқарра Ахада аҳаирбаӷәаза аганахьала зыдгалара мҩаԥиго азҵаара... Иаартны исҳәоит, сара иарбоу апроект адгылара азҭаз акомандеи Апарламенти зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит.
Иахьа иарбоу апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны 130 –ҩык ҳтәылауаа усурала еиқәыршәоуп. Иаанхаз 50 нызықьҩык ирзаауазеи? Ҳашԥарыцхраари урҭ? Проектк аҿы ҳаангылома, мамзаргьы аҿиара амҩа ҳаԥшаауо?
Аӡәгьы иҳәаӡом, абри ада уаҳа акгьы ҳахәаӡом, абри апроект мацароуп ҳтәыла аекономика арӷәӷәара зылшо, уи ауп аекономикатәи аполитикатәи ашәарҭадара алзыршо ҳәа. Ҳара ԥхьаҟа аҿиарамҩа ҳанылароуп, иҟаҳҵахьо аҿы ҳаанымгылароуп. Ҳтәыла аҿы аекономикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра иазырхоу апроектқәа рынагӡара ҳазхиазароуп».