АЖӘАБЖЬҚӘА

22.Ԥхынгәы.2024

Алеқсандр Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарра Мрагыларатәи ахәҭа асоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы азакәан апроект дадгылоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект дадгылоит.

Иарбоу апроект алацәажәара иазкны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аҿы имҩаԥысыз аилацәажәара аҿы дықәгыло, аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб иҳәеит:

«Сара аиԥылара амҩаԥысшьа сгәаԥхеит, уи анырра бзиа снаҭеит. Ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа, сара сгәаанагарала, аимак-аиҿак зцу азакәан апроектқәа рылацәажәара азы мацара акәӡам изхымԥадатәиу.  Уи анагӡаратә мчра адагьы азакәанԥҵаратә мчрагьы рзы ииашоу аӡбамҭақәа рыдкылара аҿы ицхыраагӡаны иҟалоит. Сара агәра ганы сыҟоуп, иааизакны ҳара ҳгәаанагара акоуп ҳәа уҳәаратәы ишыҟоу. Ҳара ҳазгәдууп, џьара уадаҩрақәак ыҟазаргьы, адемократиатә ҳәынҭқарра аҿы ҳахьынхо.  Ҵоуп, лассы-лассы  ҳдемократиа аҭышәынтәалара аҳәаақәа ирхысуеит, аха уигьы цәгьаӡам – уи аҿиараҿы ицәырҵуа аамҭалатәи ауадаҩрақәа роуп. Ҳара доусы ҳгәаанагара аартны еибаҳҳәартә аҭагылазаашьа ҳамоуп.

Шәара зегьы ҷыдала ахшыҩзышьҭра зышәҭо ари азҵаара иамоу акәама-маҵақәак ҳрылацәажәап. Сара раԥхьаӡа иргыланы абас еиԥш азҵаара схы иасҭар сҭахуп: иацы иҟаз Аԥснытәи Асоветтә Социалтә Республика ахатәы лшарала инхоз республиканы иҟазма? Ахатәы лшарақәа рхархәарала акәызма уи атәылауаа рныҟәгара шеиҿнакаауаз? Уи аганахьала ииашам агәаанагарақәа рацәоуп.  Афатәи ажәтәи Аԥсны иҭнажьуаз 12% ракәын. Ааглыхра аалыҵ акәзар 6% рҟынӡа.  Егьи зегьы абантәиаауаз?

Аԥсны анапхгара ас еиԥш иҟоу апроектқәа рыдгаларала ажәлар раҳаҭыр аларҟәра иашьҭоуп ҳәа ацәажәарақәа ыҟоуп. Сара азин сышәҭозар, инықәырԥшшәа акәзаргьы, ари азҵаара салацәажәар сҭахуп. Ажәлар раҳаҭыр ланмырҟәӡои акагьы аҽамԥсахӡакәа шеишықәса иаауазар? Уи уаҵәы, уаҵәашьҭахь зҽахьыгӡара алымшо иахьа ирыцәцаз афеида акәны иҟалар? Заҳҭнықалақь 2508-шықәса ахыҵыз аҳәынҭқарра ажәлар аҳаҭыр аларҟәра акәӡами нас уи?

2524 шықәса зхыҵуа ақалақь аҿы инхо очамчыраа раҳаҭыр аларҟәышьас иамоузеи? Уи зырҵабыргуа, Сергеи Мирон-иԥа (Шамба) сажәақәа шьақәирӷәӷәоит, археологиатә ҭҵаарақәа ыҟоуп.  Ас еиԥш ишьаарҵәыраз аибашьраҿы аиааира згаз ажәлар раҳаҭыр аларҟәышьас имоузеи? Аҳаҭыр шԥалаурҟәуа Митридат VI Евпатор заҳҭнықалақь аҿы иԥхьахьаз ажәлар?

Амазарабзанхара аҿиара амазароуп. 400 миллион мааҭ ақәхарџьны Гагратәи ашкол аиҭашьақәыргылара зыбзоурахада? Алеқсандр Николаи-иԥа Ткачиов. Иазгәаҭатәуп, аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иҳаҩсхьоу аамазы аҭуџьарцәа, аишьцәа Шапшаловаа идыргылаз ахыбра аҿы ауп иахьымҩаԥгаз. Гагратәи абизнес ахала ишьақәгылеит ҳәа ҳҳәар ауама?

Гагра араион ауааԥсыра алагаратә капитал рымазма ари аҟара хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа рыдкыларазы аҭыԥқәа рыргылара азы? Еилкаау усуп, мап, уи аинвестициақәа роуп. Нас урҭ мап рцәаҳкуама? Дасшәырба ауаҩы аинвестициақәа мап рцәызкуа. Ари аҩыза ахахьы аагара цәгьоуп.

Иҟаҳҵои нас ҳара Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа араионқәа рганахьала? Шәеиҳараҩык сара сеиԥш Ҭҟәарчал лассы-лассы шәаҭаамлозар акәхап. 2005 шықәса раахыс сара Мрагыларатәи Аԥсны азҵаарақәа рыӡбара снапы алакын.  Ҳара еиҭашьақәҳаргылеит раԥхьатәи ахәыҷбаҳча, амузыкатә школ, аспортзал. Мыцхәы аԥара ақәмырӡыкәа. Ииашамкәа иҟаҳҵеи нас?

Иури Лев-иԥа (Ҳагәышь) идуу аобиектқәа абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа рыла аиҭашьақәыргылара алыршазма ҳәа  дҵаауеит? Акызаҵәык ус иҟоу ахшараиурҭа ауп, уи ҳхатәы  биуџьеттә хархәагақәа рыла еиҭашьақәыргылан 2006 шықәсазы. Уи нахыс уаҟа уаҳа акагьы мҩаԥгамызт. Ҭҟәарчал ақалақь аҿы асовет аамҭазы иргылаз аӡҭарчы аиҭашьақәыргылара ҳзалагеи? Ауааԥсыра рыԥсҭазаара аиӷьтәра азы, ҳәа аҭак ҟасҵоит. Убри аан азҵаара ҟасҵоит, избан иахьа уи зеимырхыз ҳәа?

Ианба, насгьы ишԥацәырҵи  апроект «Аҳаирбаӷәаза»? Ҳара ари азҵаара раԥхьа ианышьҭаҳхыз уи аиҭашьақәыргыларазы зынӡа алшара ыҟаӡамызт.  Аха насыԥны иҳаман ари азҵаара аӡбара ахьзалыршахаз. Иамои уи цәгьарас? Изԥырхагахада уи?

Аӡәгьы арахь ус баша дааӡом. Дааргьы иҳәоит: «Сыхьчара, иҭышәынтәалоу азакәанԥҵара ала сеиқәыршәара шәылшома. Ааи акәзар, ҳара Аԥсны аҿиара азы ҳԥарақәа ралагалара ҳазхиоуп». Сара инҭкааны, акыр ахшыҩзышьҭра аҭаны саԥхьеит ари апроект. Уи аиқәршәашьа амариарала римтәи ахатәы зин аҟынтәи агәылҩаақәа иреиԥшуп. Даара имарианы, еилкааны, еихышәшәа  ишьақәыгылоу аусшәҟәы ауп. Апартаментқәа раахәараан уи иқәныҟәало ахаҿқәа апривилегиақәа рзаԥнаҵома? Мап! Иҟоу акы заҵәык ауп  — ашәара, ашәара, ашәара.

Адемографиа азҵаара иарбоу азҵаара изладҳәалоузеи? Адемографиа — ари ихшарадоу ҩынҩажәа инарзынаԥшуа аҭаацәа рзы излауа ала ирласны ацхыраагӡатә хшарауратә технологиа (ЭКО) апроцедура анагӡара ахәԥса ашәара анҳалымшо ауп! Уи азы хымԥада иԥшаатәуп 35 миллион мааҭ.  Ҳара Аслан Гьаргь-иԥа уи азы адырра иаҳҭеит. Арепатриациа Афонд  ахь ари азҵаара аганахьала ацхырааразы аҳәара ҟаҳҵоит. Ҳара ас еиԥш иҟоу аҭаацәа ацхыраара раҳҭароуп, урҭ аҳәынҭқарра адгылара ҳанамҭаӡеит ҳәа рымҳәарц азы. Уи азы есымша иааиԥмырҟьаӡакәа аԥара аҭахуп. Урҭ абизнес аусура иалҵшәаны иаар ауеит. Ишԥанхоз Асоветтә Аԥсны? Асовет Еидгыла абиуџьет есышықәса иазоунажьуан 100 миллион мааҭ. Уи даара ирацәоу аԥаратә хархәагақәа роуп. Ҳара алагаратә шьаҿақәа рыла ҳалагар ҳҭахуп.

Саҭашәымҵан џьара аӡәы игәы нсырхазар. Ҭҟәарчали Очамчыреи араионқәа рҟынтәи адепутатцәа шәара раԥхьа шәгылазароуп. Шәара шәгәаанагара зегьы ирыцкуп иарбоу аҭагылазаашьа аҿы.

Сара садгылоит ас еиԥш иҟоу аусқәа, уи  иадҳәалахо аиҭакрақәа. 2012 шықәсазы сара Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс алахәылацәа Ҭҟәарчалҟа изгеит, урҭ араатәи ауааԥсыра ирынхашьоу рыблала ирбарц азы.  Дара аргачамкит ирбаз, ираҳаз. Урҭ ргәалаҟазаара маҷ арҽеира азы Очамчыраҟа амҩа ҳақәлеит. Дара акультура Аҩны анырба, еиҭах ишанхеит. Убасгьы ирҳәеит: «Ҳара иаҳҭахӡам Ҭҟәарчал ишынхо еиԥш анхара, аха иаҳҭахуп Очамчыратәи акультура Аҩны аҿы еиԥш анхара».

Ауаа иаԥсоуп ибзианы анхара. Убри азоуп ҳара зегьы иахьа араҟа ҳзеизаз. Иҟоуп аемоциақәа, аибарххарақәа, уха уи цәгьара аҵаӡам. Ауадаҩрақәа ирыцәшәатәӡам, ари ҳара зегьы иаҳзеиԥшу усуп. Ҳара ари аус Аԥсны аизҳазыӷьара ахьӡала аҵыхәтәанӡа инаҳагӡароуп». 

 

 

 

 

 

 

 


Read 172 times - Ашәахьа, 22 Ԥхынгәы 2024 23:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.