АЖӘАБЖЬҚӘА

20.Ԥхынгәы.2024

Џьансыхә Адлеиба дырбандаҩуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза  20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Џьансыхә Адлеиба 30 мшы ҳәа дырбаандаҩуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аофициалтә саит аҿы.

Ԥхынгәымза 19 рзы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ахь Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (абџьар, мамзаргьы абџьар аҳасабала рхы иадырхәо амаҭәарқәа рыла  ауаажәлара раҳаҭыр амбара аазырԥшуа ахулиганра, ауаажәларратә зинеиҿкаара ӷәӷәала аилагара) азы Адлеиба Џьансыхә Иван-иԥа ирбаандаҩра азы аӡбамҭа адкылара азы  аҳәара ҟанаҵеит.

Заанаҵтәи аусеилыргара ишышьақәнаргылаз ала, ԥхынгәымза 17, 2024 шықәса, асааҭ  13:30 инарзынаԥшуа, Џьансыхә Адлеиба Жәлар Реизара-Апарламент ахыбра азааигәара, ауаажәларра ахьеизаз аҭыԥ аҿы дшыҟаз, уаҟа змаҵуратә уалԥшьа назыгӡоз азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рганахьала амцабџьар аҟынтәи дхысит.  

Џьансыхә Адлеиба иара убри аҽныҵәҟьа Амҩа-ԥыԥшратә Ҭыԥ «Ешыра» аҿы даанкылан.

Ԥхынгәымза 19, 2024 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аҿы Џьансыхә Нанба ихьырхәра аҳасабала  30 мшы, даҽакала иуҳәозар, нанҳәамза 17, 2024 шықәсанӡа ирбаандаҩра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.     


Read 110 times - Аҩаша, 23 Ԥхынгәы 2024 02:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.