АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынгәы.2024

Амилициа аусзуҩцәа 20 цыра амаининг аппаратқәа рыԥшааит Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амилициа аусзуҩцәа 20 цыра амаининг аппаратқәа рыԥшааит Очамчыреи Гагреи араионқәа рҿы.

Акәасқьа ақыҭан, Бекир-оглы Русҭам Џьемал-иԥа ихатәыҩны ахьгылоу аҵакыра аҿы, ацхыраагӡатә хыбра аҩныҵҟа Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи 17-цыра аппарат рыла ишьақәгылаз амаининг-ферма рыԥшааит. Аиқәыршәагақәа аҿыхны Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

Гагра араион Бзыԥҭа аҳаблан ахатәыҩны ахьгылоу аҵакыраҿы ацхыраагӡатә хыбра аҩныҵҟа Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәеи ирыԥшааит Мамацева Линда Павел-иԥҳа илтәыз амаининг аппаратқәа хԥа.  Аиқәыршәагақәа зегьы аҿыхны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.

Административтә зин еилазгаз рганахьала административтә материал еизгоуп. 

 


Read 96 times - Аҩаша, 23 Ԥхынгәы 2024 03:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.