
pressadmin-2
Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» Аԥсны зехьынџьара ҩаха аамҭа-аамҭала алашара арцәара аланагалоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Афымцалашараҟны иҟоу адефицит иахҟьаны Аԥсны зехьынџьара ҩаха, ажьырныҳәа 21, 2024 шықәса 0.00 сааҭ инаркны ажьырныҳәамза 23,2024 шықәса 0.00 сааҭ рҟынӡа алашара аамҭа-аамҭала идырцәалоит Абри атәы аанацҳауеит «Амшынеиқәафымцамч» апресс-маҵзура.
Бзыԥҭа ацҳаҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны автомашьына «Волга» аԥсҟы зкыз ахаҵа дҭахеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Бзыԥҭа ацҳаҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны автомашьына «Волга» аԥсҟы зкыз ахаҵа дҭахеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша аҿы.
«Иҟоу адыррақәа рыла, иасуаз аԥшацәгьа иахҟьаны аидарарҳәазага автомашьына ду иақәгылаз аконтеинер хышәҭны автомашьына «Волга» иақәҳаит.
Лыԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә Еибашьра Дуӡӡа аветеран Екатерина Синиавскаиа.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 102-шықәса дшырҭагылаз лыԥсҭазаара далҵит 1941-1945 шш. Аџьынџьтәылатәи Еибашьра Дуӡӡа аветеран, Аԥснытәи АССР Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы, аџьа аветеран Синиавскаиа Екатерина Уасил-иԥҳа.
Екатерина Синиавскаиа диит жьҭаарамза 10, 1922 шықәса рзы Красноиарсктәи атәылаҿацә Хомутовка ақыҭан.
1937 шықәса инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны дынхон.
1941 шықәсазы далгеит Гагра ақалақь аҿы Ермоловтәи абжьаратәи ашкол.
Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Москваҟа иусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла агәабзиарахьчара Аминистрра апресс-маҵзура.
Едуард Быҭәбеи Михаил Мурашкои Аԥсни Урыстәылеи ргәабзиарахьчаратә усбарҭақәа реинырра атәы иалацәажәеит, ахәҭакахьала 2024 шықәсазтәи атуристтә сезон аҽазыҟаҵара, иара убас амедицинатәии афармацевттәии аусзуҩцәа рзанааҭтә зыҟаҵареи рҟазара аҩаӡара ашьҭыхреи, иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Аԥсни Урыстәылеи ртәылауаа урыстәылатәи амедусҳәарҭақәа рҿы рыхәшәтәра, уҳәа хадара злоу азҵаарақәа ирзааҭгылеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахь Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 артҟәацга аҵоуп ҳәа адырра ҟарҵеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол N2 артҟәацга аҵоуп ҳәа Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аҷаԥшьаратә ҟәша ахь адырра ҟарҵеит, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит атәыла аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа ахада Лев Кәыҵниа.
Аҭыԥ аҿы аус руеит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәеи егьырҭ иҷыдоу амаҵзурақәа русзуҩцәеи. Ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ахыбра идәылгоуп.
Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 артҟәацга аҵоуп ҳәа иҟаҵаз адырра иашамхаӡеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 аҿы арҭҟәацгақәа рзымԥшааӡеит, ҳәа ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит атәыла Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа.
«Ҳара азыҟаҵарақәа мҩаԥаагалоит ас еиԥш ахҭысқәа рыԥхьырҟәҟәааразы», - ҳәа иҳәеит иара.
Иаса Қьырса аӡы иӡаахра амш иазкны Каман иҟоу Ацқьа Василиск иӡыхь аҿы аҽӡаашьра мҩаԥысит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа аӡыԥшьара аныҳәара рхы аладырхәит. Уи мҩаԥигеит Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху аберҭыԥ аигумен Игнати (Киут), Иара еизаз зегьы аҭынчреи ахирреи рзеиӷьаишьеит.
Анцәа имҵаныҳәара ашьҭахь аԥшьаҩы аџьар аӡы иӡааиргылеит. Убри инаркны аӡы ԥшьоуп ҳәа иԥхьаӡоуп, адин ныҟәызго зегьы хынтә-хынтә аӡы рыҽӡааршьит.
Аб Виссарион аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа зегьы Иаса Қьырса аӡы иӡаахра амш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 19, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи Аиашахаҵаратә Уахәама аиҳабы аиереи Виссарион (Аплиаа) аиашахаҵаратә дин ныҟәызго ақьырсианцәа зегьы Анцәа иӡаахра амш рыдиныҳәалеит.
«Гәыкала ишәзеиӷьасшьоит зегьы, иԥшьоу аӡы ацәыкәбарқәа цәеижьыла агәабзиара, агәамч, доуҳала ацқьара шәзаанагааит. Ари амш аҽны шәымҩақәа зегьы аатааит, шәыԥсҭазаараҿы иҟамлааит алахьеиқәҵара, агәкаҳара, абзиабареи агәыӷреи шәыгәқәа ԥхараны иҭалааит», – ҳәа ари аӡаахра аныҳәа аҵакы азгәаҭо иҳәеит аԥшьаҩы.
Жәлар Реизара-Апарламент аҿы анефҭаалыҵқәа Аԥсныҟа раагара иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа иалацәажәеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абылтәы аџьармыкьа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьеи анефҭаалыҵқәа Аԥсныҟа раагара аиҿкаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит ажьырныҳәамза 18 рзы имҩаԥысыз аекономикатә политикеи ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы апарламенттә Еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы.
Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа имҩаԥигоз аилатәара рхы аладырхәит Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Миквабиа, Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа, абылтәытә еилазаарақәа рхаҭарнакцәа.
Апарламент аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, Анагӡаратә мчра ахаҭарнакцәа адепутатцәа аԥсны-урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иҟоу аҭагылазаашьеи Урыстәылантәи Аԥсныҟа експорт ҳасабала абылтәи ахьшьтәи раагаразы урыстәылатәи аган аҿцәажәарақәа рымҩаԥысшьеи рзы адепутатцәа адырра рырҭеит.
Ишдыру еиԥш, ԥхынҷкәынза 16, 2023 шықәса рзы иҭыҵыз Урыстәыла аиҳабыра Ақәҵара №2180 инақәыршәаны, аилахәыра «Роснефть» фымз ирҭагӡаны Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин аҭоуп. Ақәҵара аилахәыра «Роснефти», уи иаҿыгоу анаплакқәеи рымацара Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рахь абылтәы аагара азин шрымоу азгәанаҭоит. Убри инамаданы, Ҭеимураз Миквабиа иажәақәа рыла Аԥсны аекономика Аминистрра аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иазкны ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
Аҳазалхыҩцәа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа «Ешыра» аԥыԥшырҳа аҿы акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа 10 рымхра мҩаԥыргеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә информациа ахархәарала Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа «Ешыра» аԥыԥшырҳа аҿы автомашьына агәаҭара мҩаԥыргеит. Амашьына аидараҭра аҿы ирыԥшааит акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа 10.