АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ԥхынгәы.2024

Очамчыра араион аҿы алаҵаратә усурақәа игәҩанны ихыркшахеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион аҿы алаҵаратә усурақәа хыркәшахеит. Иҭышәынтәаламыз аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны сынтәа алаҵаратә усурақәа рынагӡара ԥхынгәымза 12 аҟынӡа ицеит. Очамчыра-информ акорреспондент диҿцәажәо ицәырҵыз ауадаҩрақәа рыӡбара азы инагӡахо аусқәа  ртәы далацәажәеит Очамчыра араион Ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭенгиз Какәыбаа.

Уи иажәақәа рыла, иҭышәынтәаламыз аҳауатә ҭагылазаашьа иахҟьаны сынтәа алаҵаратә усурақәа рынагӡара абжьааԥны аиҳа иадхалеит. Сынтәа ааԥын анхацәа рзы имариамхаӡеит: лассы-лассы ақәа ауан, уи иахҟьаны ихыҵит аӡиасқәа Аалӡгеи Дӷамшьи, аџьықәреи акарпыжәи ахьыларҵахьаз амхәурсҭақәа аӡы рыҵалеит.  

Араион Ахадара ахаҭарнакцәеи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ахаҭарнакцәеи ақыҭақәа рхадацәеи араионтә Еизара адепутатцәеи аӡы ахьрыҵалаз аҭыԥқәа рахь инеины иҟалаз аԥхасҭа азы ашәҟәынҵақәа еиқәдыршәон.  Урҭ анаҩс аԥхасҭа зауз анхацәа аматериалтә цхыраара рыҭара азы аминистрцәа Реилазаара ахь идәықәҵахеит.

Очамчыра араион аҿы иара убас америкатәи аԥарԥалыкь шкәакәа, амармалташьтә пты, абӷьытә бры ҳәа изышьҭоу аԥхасҭа  зырҿио ахәаҷа-маҷа хкқәа рыларҵәара шьақәыргылахеит. Урҭ рықәгаразы активла аусура мҩаԥысуеит, анхамҩақәа ирзыршоит ҷыдала уи азы иҭрыжьуа ахимиатә маҭәашьарқәа  (апестицидқәа).

Очамчыра араион абиуџьет ахарџь ала америкатәи аԥарԥалыкь шкәакәеи амармалташьтә пти  рықәгаразы мҽхакыҭбаала аусура амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп: иаԥҵахоит амеханизациатә бригадақәа ҩба. Урҭ аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа ахьаларҵәоу ақыҭақәа рҿы аҵакырақәа ахәшәқәа рықәҭәара мҩаԥыргоит.  Иахьа уажәраанӡа алаҵаратә усурақәа ахьхыркәшам Ԥақәашь, Мықә ақыҭақәа рҿы адгьыл ахәҭак цәаӷәаны иларҵахьеит. Араион ацхыраара аҭара аҳасабала хәыда-ԥсада ицәаӷәоуп 135-137 гектар аҟынӡа адгьыл.

Очамчыра араион Ахадара анхамҩатә ҟәша ақыҭақәа ацхыраара рзоунажьит: 20 тонн адизельтә былтәы,  20 тонн ажәла, иара убас аԥхасҭа зырҿио ахәаҷа-маҷақәа рықәгара азы ахимаитә маҭәашьарқәа рызшан.


Read 395 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.