АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ԥхынгәы.2024

Атәылахьчара Аминистрра аҿы Урыстәылатәи Афедерациа арратә ҵараиурҭақәа рҭаларазы акандидатцәа адкыларатә ԥышәарақәа рҭиуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәылахьчара Аминистрра аҿы Урыстәылатәи Афедерациа иреиҳаӡоу  арратә ҵараиурҭақәа рҭаларазы акандидатцәа адкыларатә ԥышәарақәа рҭиуеит. Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра аҵараиурҭақәа рахь адкылара ҩ-етапкны имҩаԥысуеит.  

Актәи аетап (заанаҵтәи алԥшаара) атәылахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥысуеит, (аррамаҵурауаа  рзы – архәҭақәа ркомандаҟаҵара).

Актәи аетап амҩаԥгараан акандидатцәа аконтракт ала арратә маҵзура иахысларц зҭаху атәылауаа рзы аҵарадырра аҩаӡара, ақәра, агәабзиара аҭагылазаашьа, азанааҭтә хәарҭахара, уҳәа рганахьала Аԥсны азакәанԥҵара ишьақәнаргыло аҭагылазаашьақәа иахьынӡарықәшәо аилкаара мҩаԥысуеит. Акандлидатцәа хыхь иарбоу аҭагылазаашьақәа рашьашәалара ашьақәыргылараан урҭ азанааҭтә алԥшаара ахь инашьҭхоит.

Аҩбатәи аетап (азанааҭтә алԥшаара) аҿы акандидатцәа иазԥхьагәаҭоу азанааҭқәа рыла иреиҳау аҵарадырра апрограммақәа рыла аҵара азы рылшара аҩаӡара шьақәыргылахоит.  

Азанааҭтә алԥшаара иаҵанакуеит: акандидатцәа ргәабзиара аҭагылазааша зеиԥшроу ала Урыстәыла атәылахьчара Аминистрра аҵараиурҭа аҭаларазы иахьынӡақәшәо аилкаара, акандидатцәа рзанааҭтә хәарҭахара аилкаара, иара убас адкыларатә ԥышәақәа рыҭира (акандидатцәа рзеиԥшҵаратә ҩаӡареи рмаха-шьахатә зыҟаҵареи аилкаара).

Урыстәылатәи Афедерациа атәылахьчара Аминистрра аҵараиурҭақәа рахь адкылара мҩаԥысуеит аконкурс ашьаҭала.  


Read 382 times - Аԥшьаша, 18 Ԥхынгәы 2024 18:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.