АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы изаамҭанытәиу арратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы ԥхынгәымза 17 – 18 рзы арезервтә аиҭашьақәыргыларатә  бригадақәа рыҟәшеиҵақәа алархәны иҷыдоу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчаратә Хылаԥшырҭа аофициалтә саит.

Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟан аметодикатә зыҟаҵареи хаҭалатәи азанааҭтә  дыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхреи акомандатә еилазаара аибашьратә ҭагылазаашьақәа рҿы архәҭақәа ртехникатә еиқәышәара иазку ахыдҵақәа рынагӡара аҿы разыҟаҵара аиӷьтәреи.

Аррамаҵзура зуалу рыла ишьақәгылоу аиҭашьақәыргыларатә ҟәшеиҵақәа ахатәы еилазаара Аԥсны Арбџьармчқәа арезерв хәҭақәеи аҟәшаиҵақәеи  ртехникатә еиқәыршәара аиҿкаареи  иԥхасҭахаз арратә техникеи арбџьари реиҭшьақәыргылареи иазку асистема ашьақәыргылара иадҳәалоу адҵақәа нанагӡон.

Аҽазыҟаҵарақәа напхгара азҭоз, атәылахьчара аматериал-техникатә еиқәыршәара аштаб аиҳабы иҟаиҵаз азгәаҭарала, иҷыдоу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа рхықәкы анагӡара алыршахеит. Аиҭашьақәыргыларатә ҟәшеиҵақәа ҳаамҭазтәи аибашьратә ҭагылазаашьаҿы арратә хыдҵақәа рынагӡара аганахьала ихымԥадатәиу аԥышәеи адыррақәеи  роуит. 


Read 385 times - Аԥшьаша, 18 Ԥхынгәы 2024 16:13
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.