АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынгәы.2024

Мрагыларатәи Аԥсны иахьаҵанакуа апартаментқәа рыргылара азы азакәан апроект ахәаԥшразы Апарламент асессиа аилатәарахь ицәырыргоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект алацәажәара иазкын  ахаша, ԥхынгәымза 17 рзы имҩаԥысыз аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы аилатәара. Ари аусшәҟәы  иазԥхьагәанаҭоит арҭ араионқәа рҿы апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара.

Аилак аилатәара ихы алаирхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.

Аилатәара мҩаԥигон Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа.

Азакәан апроект Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара, аиҳарак атуристтә индустриа аҿиара азы аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазку азакәантә шьаҭа шьақәнаргылоит.

Азакәан рыдыркыланы иҟалар, усҟан уи Очамчыра, Ҭҟәарчал, Гал араионқәа рҿы иргылахо зфунциақәа рацәоу аобиектқәа ирзырхахоит.

Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилаы ахантәаҩы Резо Занҭариа апартаментқәа рыстатус азы аилыркаага ҟаиҵеит:

– Апартаментқәа акоммерциатә хыбрақәоуп, урҭ  нхарҭа ҭыԥӡам.

– Апартаментқәак хазхаҭалатәи, ауаажәларратә, мамаргьы аҳәынҭқарратә мазараны иҟалар алшоит. 

– Апартаментқәа рзы амазара азин аҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара иахысуазароуп.

– Ашәҟәҭагалара апроцедура Ареспублика Аԥсны атәылауаҩратә закәанеидкыла ала иҳәаақәҵахоит.

– Апартаментқәа нхарҭа ҭыԥны иԥхьаӡаӡам.  

– Апартаментқәа — нхарҭа ҭыԥӡам. Урҭ рҿы иааиԥмырҟьаӡакәа анхара азԥхьагәаҭаӡам.

– Апартаментқәа анхаратә закәанԥҵара анормақәа ирыҵанакӡом.

– Апартаментқәа Анхаратә Закәанеидкыла иаҵанакӡом.  Араҟа иаҭаххоит хазы игоу азакәанԥҵаратә шәҟәынҵақәа. Урҭ иарбоу азакәан апроект адкылара ҟалар ашьҭахь аминистрцәа Реилазаара аҿы ишьақәдырӷәӷәоит.  

Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы аиҳабы Резо Занҭариа иажәақәа рыла, азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит 150 гектар рҟны апартаментқәеи апарт-отельқәеи рыргылара. Зынӡа ари аԥышәатә проект иазԥхьагәанаҭоит 10 нызықь номер рыргылара.  Апартаментқәа иааиԥмырҟьаӡакәа анхара иазкны иҟалаӡом.

Уи иажәақәа рыла, афункциарацәа назыгӡо амазаратә комплексқәа рырыгылара азы араионқәа рхадацәа иаларҵало азыҳәамҭақәа аминистрцәа Реилазаара аҿы иахәаԥшлоит.

Адепутат Беслан Емырхәба иарбоу азакәан апроект адкылара иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

«Иахьа ҳара џьара еиҵаны иҟаҳҵоит, џьара еиҳаны… Аҳәынҭқарра Ахада иоума, атәыла анапхгара аума ирыԥхықәроуп еиҳа ацхыраара зҭаху арегионқәа адгылара рыҭара. Мрагыларатәи Аԥсны иуадаҩу аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Уи иахьакәӡам ианыҟала, уи аибашьреи иуадаҩыз аибашьрашьҭахьтәи аамҭеи ирхылҿиааит. Уаҟа иҟаз азауадқәеи анаплакқәеи зегьы ықәхын, избанзар Ҭҟәарчал ақалақь иааҟәымҵӡакәа иалахысуан.  Ҭҟәарчалынтәи ауааԥсыра ралҵра иахьакәӡам ианалага, уи 15 шықәса раԥхьагьы иалагахьан … Ари апроблема хымԥада иӡбатәуп. Ауаа ақалақь ааныжьны ицоит, уаҳагьы ихынҳәӡом, избан акәзар урҭ аусуратә ҭыԥқәа рымам. Иҿыцу аусуратә ҭыԥқәа аҭахуп, араион ӷәӷәала аекономикатә цхыраара аҭатәуп», – ҳәа иҳәеит адепутат.

Адепутат Ҭемыр Шергелиа Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа Гал араион аҿы апартаментқәа дыргылар, мамзаргьы иаархәар цәгьа аҵаны ибом ҳәа иазгәеиҭеит.

«Урыстәыла атәылауаа Гал араион иахьаҵанакуа иҟалар, сара сгәаанагарала, уи акгьы амаӡам. Гал араион аҳәаа иаԥнуп. Ҳара иаабаратәы иҟоуп иахьа араҟа урыстәылатәи аҳәаахьчаҩцәа рыҟазаара шаҟа хра злоу анырра ҟанаҵо. Сара сызлахәаԥшуа ала, Урыстәыла атәылауаа ҳраион аҿы апартаментқәа аархәартә аҭагылазаашьа роур уи аекономика аганахьала акыр ифеидахоит ҳара ҳзы», –  ҳәа иҳәеит иара.

Апарламенттә Еилакы аилатәара зхы алазырхәыз Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа апартаментқәа рҿы анхара ахылаԥшра шеиҿкаахо атәы далацәажәеит.

Иҟоуп ахылаԥшратә усбарҭақәа. Иҟалоит анапхгаратә Еилазаара.  Иаагозар, дааит ауаҩы, ицыԥха ҿаҵаны ашә аартит, убри аамҭ иақәыршәаны акомпиутор аԥшәма дшааз афакт шьақәнаргылоит. Ус акәымкәа, изыхҟьазаалагьы уи аҩыза ҟамлар, усҟан анапхгаратә Еилазаара шәара ишьақәшәыргыло – 5 миллион мааҭ роума, 10 миллион мааҭ роума ахараԥса ашәар акәхоит… Усҟан зегьы ирҭахы-ирҭахым ианаази ианцази аамҭа шьақәдыргылалоит. Шықәсык ахь 180 мшы – апартательқәа рҿы анхара азы иҟоу анорма ауп… Иҟоуп анормативқәа, ахыдҵақәа, амиграциатә Маҵзура. Анормақәа урӷәӷәар алшоит …», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада зыдгалара мҩаԥысуа азакәан апроект адкылара атәыла азы изеиԥшразаалак ашәарҭара аҵаӡам, уимоу, Мрагыларатәи Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраауеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аԥсны аусура зылшо 140 000-ҩык ауаа ыҟоуп, официалла аус руеит 42 000-ҩык, 30 000-ҩык рхала аус руеит, 65 нызқьҩык аусурҭа ҭыԥ рымаӡам», - ҳәа  иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Адепутат Ерик Рштуни зенергетика усгьы аҭагылазаашьа уашәшәыроу Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭа аҿы 10 нызықь инарзынаԥшуа апартаментқәа рырыгалара ашьҭахь ауааԥсыра афымцамч ала реиқәыршәара азҵаара, иара убас ӡыла аиқәыршәареи ацрыӡмҩангагақәеи ацрыӡрыцқьаратә еиқәыршәагақәеи рганахьала аҭагылазаашьа   ӡбашьас иаиуозеи ҳәа дазҵааит.

«Економикала ихықәкышьашәаланы зегьы ҟалар, атехникатә нормақәа зегьы рықәныҟәареи рынагӡареи алыршахар -апартаментқәа ргылахоит. Мап анакәха, аекономикатә хәарҭара ҟамлар - апартаментқәа ргылахаӡом», - ҳәа иҳәеит Резо Занҭариа. 

Аҳәынҭқарра Ахада ҿырԥштәыс иааигеит акемпинг «Тамыш Village».

«Араҟа иҟоуп автономтә ӡыла аиқыршәара асистема, иҭыԥырку ацрыӡрыцқьаратә еиқәыршәагақәа», - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны агазификациа аналыршахалак ашьҭахь, иргылахо апартаментқәа афымцамч ала реиқәыршәара апроблема аӡбара еиҳа имариахоит. Ус еиԥш алшара ахьыҟамло иарбоу аобиектқәа дыргылаӡом.

Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа иарбоу азакәан апроект анаҩсгьы алацәажәара мҩаԥысуеит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Гәыԥҩык адепутатцәа аԥышәатә проект аҳасабала Апарламент аҟны ашәҟәы иҭаргалаз ари азакәан апроект хықәкыс иамоуп Аԥсны Мрагыларатәи арегионқәа рыҟны асоциал-економикатә ҭагылазаашьа аиӷьтәра. Уаҳа даҽа хықәкы ыҟаӡам. Аусшәҟәы ҳнапаҿы иҟоуп. Иаҭахханы иҟалозар, ахарҭәаарақәеи аԥкрақәеи ацҵақәеи алаҳгалар ҟалоит. Адунеи аҿы иҟаӡам закәанк, ахааназ еиҭакра зҭахым. Еснагь ариашарақәа ралагалара алшоит. Ари иахьатәи амш азы зегьы реиҳа хра злоу, аҿиара иацхраауа проектны иҟоуп», — ҳәа иҳәеит Аилак ахантәаҩы Резо Занҭариа».

Аҳәынҭқарра Ахада адепутатцәа абжьыҭира ахь ииасаанӡа  аанкылара игәы ахьҭамыз инамаданы, иара излацәажәо аусшәҟәы аганахьала заанаҵы игәаанагара иҳәеит.

«Адепутатцәа рықәгыларақәа рҿы Аҳәынҭқарра Ахадеи анагӡаратә мчреи апроблемақәа рыӡбара рҭакԥхықәоуп ҳәа иазгәарҭеит. Жәаҳәарада, ҳара уи аҩыза аҭакԥхықәра ҳадуп. Арҭ апроблемақәа рыӡбара руалԥшьоуп уи азы азинмчы змоу зегьы, адепутатцәагьы уахь иналаҵаны. Сара изныкымкәа уажәаԥхьагьы ишысҳәахьоу еиԥш, Аԥсны аусура зылшо 140 000-ҩык ауаа ыҟоуп» -  иҳәеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә еилакы аилатәараҟны.

«Официалла аус руеит 42 000-ҩык, 30 000-ҩык рхала аус руеит, 65 нызқьҩык аусурҭа ҭыԥ рымаӡам, рынхашьа маншәалам, убри азы аҭаацәара иаламлогьы рацәаҩуп. Шәара ишәымдыруеи, «аџьатә миграциа» ҳәа атермин шыҟоу... 90% рҟынӡа адунеизегьтәи амиграциа  аусура аԥшаара иадҳәалоуп. Иаагозар Ибжьаратәу Азиа ауааԥсыра иҟарҵои иахьа ҳара ҳҿы, ишәҳәозар? Иаазгеи урҭ иахьа ара? Изааи, хықәкыс ирымои? Избан, исашәҳәозар, Ҭҟәарчал инхо ауааԥсыра реиҳараҩык аԥхынра Пицунда, Афон Ҿыц, Аҟәаҟа изаауеи? Аусура азы. Сиашами?

Сара сгәы иаанагон Апарламенти ҳареи ҳусеицура убас ала ишьақәыргылахоит, ауаа усурала реиқәыршәара, рхәыҷқәа рааӡара рылшартә еиԥш ацхыраара рыҭара азы иҟаҵатәу ҳалацәажәо иҟалап ҳәа.   Арҭ азҵаарақәа зегьы раасҭа ихадоу ауп.  Уи ахаангьы амшхәаԥштә зҵаарақәа рхаҿы иҟазаауеит»,– ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада ареспублика Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара ашьҭахь иаиуз алшарақәа инагӡаны ахархәара анамҭаӡеит ҳәа  агәра ганы дыҟоуп.

«Ҳара аполитикатә суверенитет ҳауит, аха рыцҳарас иҟалаз, аекономикатә суверенитет ҳмоуӡеит. Уи ауп иааизакны аҳәынҭқарратә суверенитет шьақәзыргыло.  Шықәсқәак аполитика амҩаԥгара уҽазукыр ауеит, ауааԥсыра иаарласны рыԥҭазаара еиӷьхоит ҳәа агәра дыргара, урҭгьы иуҳәо харҵалоит. Аха иаауеит уи анынҵәо аамҭа. Ауаа иахьоуп ибзианы анхара анырҭаху, рхәыҷқәа аҵарадырра бзиа роурц, ичмазаҩу иахьоуп рҽырхәышәтәырц анырҭаху.  Ҳара зегьы ҳаԥсҭазаашьа еиԥшӡам, Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра зегьы рматериалтә ҭагылазаашьа еиԥшӡам. Иахьазы Аԥсны акьыбачымазара зыхьуа рхыԥхьаӡара ф-нызықь рҟынӡа инаӡоит. Еилышәкаауазар акәхап акьыбачымазара змоу ауаҩы зыҩаӡара ҳарау амедицинатә цхыраара иҭаразы шаҟа аҭаху. Рыцыԥхьаӡа 500 нызықь мааҭ азоужьзаргьы, иааидкыланы ас еиԥш иҟоу ауаа рыхәышәтәра иартәоит 3 млрд. мааҭ», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҳәынҭқарра Ахада ареспублика ахь аинвестициақәа ралагалара, иҿыцу аусуратә ҭыԥқәа раԥҵара иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

«Апроблемақәа рӷьырак рыӡбаразы абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа азхаӡом. Ҳара аекономикатә усура аԥҟарақәа еиҳа иаҳзырӷәӷәаӡом, ашәахтәқәа ҳзышьҭыхӡом. Уи иаанаго, аекономикатә усура алахәылацәа рхыԥхьаӡара ацҵара азы, иара убри ала ҳбиуџьет иҭало аԥаратә хархәагақәа реизырҳара азы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵароуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа амассатә информациа ахархәагақәак рхы иадырхәо атермин «аколонизациа» аганахьала агәынамӡара ааирԥшит.

«Ус аҳәара ҟалаӡом, ус ииашаӡам, иагьалыршатәӡам», – ҳәа иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа  Мрагыларатәи Аԥсны иахьаҵанакуа апартаментқәа рыргылара азы 150 гетар еиҳамкәа адгьыл азоужьра азԥхьагәаҭоуп, убри аан Гал араион аҿы зхы иақәиҭу аекономикатә зона азы иазоужьын  7 нызықь гектар ҳәа иазгәеиҭеит.

«Уи азы аӡәгьы агәҭынчымра зааимырԥшуазеи? 150 гектар  инҭырҳәцааны иалацәажәо иалагеит, уи сара гәахәарыла исыдыскылоит», – ҳәа иҳәеит иара.

«Сара еилыскаауеит шәара штәыла бзиа ишыжәбо, аха саргьы шәара  шәеиԥшҵәҟьа сыԥсадгьыл бзиа избоит. Ҳара зегьы ҳхықәкы хаданы иҟоуп аԥсуа етнос аиқәырхара, ҳәажәлар реиқәырхара, уи аҿиаразы алшара аҭара. Егьырҭ, аҵакырақәа рҿы иҟоу апотенциали аԥсҭазаара аҩаӡарақәеи реиԥшымзаара убаратәы ианыҟоу аамҭазы,   иарбан ҳәанҭқаразаалакгьы аҿы хра злам апроцессқәа аҿиара иалагар ауеит. Ҳара иахьа алшара ҳамоуп ҳсуверенитет, ҳапринципқәа, ҳзакәанқәа ҳрықәныҟәаны, Урыстәылатәи Афедерациа алшарақәа ҳхы иархәаны Аԥсны Мрагыларатәи арегионқәа рекономикатә ҿиара аҿы ацхыраара рыҭара», –  ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Резо Занҭариа азакәан ахәаԥшра аганахьала аилыркаа ҟаиҵеит:

«Доусы ҳалхыҩцәа рыла иҳаҭоу азинмчы инақәыршәаны, ҳара ҭакԥхықәраны иҳадуп ари азакәан апроект ахәаԥшразы Аилак ахь ацәыргара, адепутатцәа ргәаанагара азыӡырҩра, аилкаара. Ҳара ҳколлегацәа азин рымоуп ари аусшәҟәы ахәаԥшра, доусы аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагаларазы аԥшьгарақәа рыҟаҵара. Иахьазы уаҳа акгьы азԥхьагәаҭаӡам. Ҳара мацара азакәан апроект еиҳа инарҭбаау адепутатцәа реилазаара аҿы ахәаԥшразы аԥшьгара ҟаҳҵоит.  Абри ауп ҳара ҳаилак иахьатәи аилатәара хықәкыс иамоу».

Акыраамҭа ианеилацәажәа ашьҭахь, аекономикатә политикеи ареформақәеи рзы Апарламенттә Еилакы алахәылацәа реиҳараҩык рыбжьыҭиарала «Аԥсны Аҳәынҭқарра Очамчыра, Тҟәарчал, Гал араионқәа рсоциал-економикатә ҿиара аҩаӡара ашьҭыхразы уснагӡатәқәак рзы» азакәан апроект ахәаԥшразы иааиуа Апарламент асессиа аилатәара ахь ацәыргаразы аӡбамҭа рыдыркылеит.

Уи азы рыбжьы рҭиит хәҩык, мап икит – аӡәы, аӡәы – абжьыҭиара иҽалаимырхәӡеит. 

 

 

 

 

 

 

 


Read 502 times - Аԥшьаша, 18 Ԥхынгәы 2024 04:17
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.