АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынгәы.2024

Амцарцәаҩцәа Гал иҟоу Икьакьоу абазазартә црыҵқәа рышьҭаҵарҭа аҿы иҟалаз амцамкра арцәара иаҿуп.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ашьыжь, ԥхынгәымза 17 рзы ишьақәгылаз ашоура иахҟьаны, Гал араион Шьашьикәара ақыҭан иҟоу  агәам-самшьҭаҵарҭа аҿы еиҭа амцакра ҟалеит, уаанӡа амца ахьырцәаз аҭыԥқәа рҿы еиҭа амца ацралеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит  ГалМедиа.

Уажәы Гал араион Ахадара амца арцәара азы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа зегьы еиҿнакаауеит. Аусурақәа рӷьырак рынагӡара аԥшьаша, ԥхынгәымза 18 рзы иазԥхьагәаҭоуп.  Урҭ рымҩаԥгаразы ахархәара роуеит абульдозери аекскаватори.  Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра абылрацәыхьчаратә мчқәа амцарцәара аҿы ацхыраара ҟарҵоит.

«ГалМедиа» акорреспондент диҿцәажәо Гал араион ахада актәи ихаҭыԥуаҩ, ақалақьтә нхамҩа Аусбарҭа аиҳабы Дмитри Адлеиба иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ԥхынгәымза 18 рзы амцакра  аанкылара анаҩс зынӡа арцәара алыршазароуп.


Read 133 times - Аԥшьаша, 18 Ԥхынгәы 2024 00:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.