АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Ԥхынгәы.2024

Аконцерт «Истоки» мҩаԥысит Р.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа асцена аҿы.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 17, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 16, аҩаша, Р.Гәымба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә филармониа асцена аҿы имҩаԥысит  Ареспублика Адыгеиа Тахтамукаитәи араион 100-шықәса ахыҵра иазкыз аконцерт «Истоки».

 Аетнопроект «Истоки» акәашарақәа, ашәаҳәарақәа, иара убас жәлар ринструменталтә музыкеи раҳасабала адыга жәлар рҭоурых, ркультура, рытрадициақәа аанарԥшуеит.

Аконцерт аатит адыга жәлар аҭоурых иазку амонологи иҷыдоу аеффектқәеи зцыз акәашарала.

Ахәылԥаз апрограмма аҿы иҟан адыга бызшәа еиԥш аурыс бызшәалагьы инагӡаз ақәгыларақәа, ашәақәа, иара убас адыга жәлар ркультура атәы еиҳа еиӷьны иуеилзыркаауаз акәашарақәа.

Адыга жәлар рмузыкатә инструментқәа рансамбль «Удж» инанагӡеит актиортә монологқәа зцыз ашәаҳәарақәеи акәашарақәеи.  

Ансамбль ахәаԥшцәа ирыднагалеит адыга жәлар рмилаҭтә ҟазшьа зеиӷьаҟам ала иаазырԥшуа ақьабзтә, аҭоурых-фырхаҵаратә, алирикатә шәақәа. Машәыршақә иҟамлазар ҟалап аҵарауаа ажәлар ҭырҵаар анырҭаху раԥхьа иргыланы уи акультура, ашәақәа иахьрызхьаԥшуа – избан акәзар уи ауп аиҳарак ажәлар рмилаҭтә ҟазшьа аҷыдарақәа зныԥшуа.

Ахәаԥшцәа даараӡа ибзианы ирыдыркылеит Аҿартә драматә театр артистцәа рықәгылара.

Аестрадатә ашәақәа рзы жәлар рыстудиа «Къамыл» инанагӡаз адыга жәлар рашәақәа азыӡырҩцәа зегьы аршанхеит.

Иқәгылеит иара убас ансамбль «Адыги».

Аконцерт хыркәшахеит Кавказ иазкыз ашәа ала. Аконцерт амҩаԥгаҩ ҳажәлар ирзеиӷьаишьеит анасыԥ, ахирра, хра злоу аиԥылара ҿыцқәа.

 ***

Апроект анапхгаҩы: Амуниципалтә Еиҿкаара «Тахтамукайский район» акультура Аусбарҭа анапхгаҩы Н. Хатит. Арежиссиор – Ареспублика Адыгеиа Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Р. Ачмиз.     

 

 


Read 382 times - Аԥшьаша, 18 Ԥхынгәы 2024 00:20
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.