Аҟәа. Ԥхынгәымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб 2024 шықәса актәи азыбжа аҩныҵҟа инагӡаз аусура аихьшьаалақәа рзы адырра ииҭеит.
Убас, ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны атәанчахәқәеи аԥаратә цхыраагӡақәеи ацҵақәеи ршәара азы Атәанчаҩратә Фонд ала иазоужьхеит 708 млн. 342 нызықь мааҭ, уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз аасҭа 83 млн. 696 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.
2023 шықәса актәи азыбжа азы ишәан 624 млн. 646 нызықь мааҭ.
Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамза инаркны Атәанчаҩратә Фонд ахь абгабсатә шәатәқәа раҳасабала иалалеит 667 млн. 58 нызықь мааҭ, уи 2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы иҟаз арбагақәа раасҭа 105 млн. 130 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.
Денис Гәылариа иажәақәа рыла, Аԥсны атәанчахәқәеи ацхыраагӡақәеи роуеит 49 020 нызқьҩык, ари 2023 шықәсазы аасҭа 5 314 нызқьҩык рыла еиҳауп.
Атәанчахәы ахь ацҵақәа роуеит 13 792-ҩык, уи 2023 шықәсазы аасҭа 2 430 –ҩык раасҭа еиҳауп.
Ԥхынгәымза 1, 2024 шықәсазы зфинасыркра мҩаԥгаз атәанчахәқәа рахь ацҵақәа реицҵалыҵ 175 млн. 131 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡеит, уи 2023 шықәсазы иҟаз арбага аасҭа 17 млн 427 нызықь мааҭ рыла еиҳауп.
2024 шықәса алагара инаркны абгабсатә шәатәқәа рыла ауалқәа ршәаразы аҭакԥхықәра анагӡара аамҭала иаанкылан, даҽакала иуҳәозар, амобилизациа азун – 72 млн 326 нызықь мааҭ. Зынӡа аԥарашәаҩы иԥхьаӡаратә ԥхьаӡара аҟынтәи аԥарақәа ҽҳәарада аныхра алзыршо аинкассатә шәҟәынҵақәа рыла идыршәаз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 13 млн. 9 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
2024 шықәса, ажьырныҳәамза инаркны Атәанчаҩратә Фонд аҿы ртәанчахәы иацҵан 11 категориа ирыҵанакуа атәылауаа. Урҭ рыбжьара иҟоуп 5 000-ҩык рҟынӡа 1992-1993 шш. Аџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рҭаацәеи аинвалидцәеи. Уи азы шықәсык ахь инацҵаны иаҭаххоит 125 млн. 100 нызықь мааҭ.
2024 шықәса ԥхынгәы инаркны Атәанчахәытә Фонд аҿы даҽа категориақәакгьы (15 034 -ҩык), Аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқарра аҟынтәи атәанчахәы, мамзаргьы егьырҭ асоциалтә шәатәқәа змауа Аԥсны атәылауаа ртәанчахәы 1000 рыла иацҵан. Уи азы шықәсык ахь иацҵаны иаҭаххоит 180 млн 408 нызықь мааҭ.
зықәрахь инеихьоу атәанчаҩцәа (8 200 -ҩык) — 4 000 мааҭ роулоит;
акыршықәсатәи аусуразы атәанчахәы зауа — 3 700 мааҭ;
аҳаҭыртә хьыӡқәа «Жәлар», «Зҽаԥсазтәыз» змоу атәанчаҩцәа — 4 500 мааҭ;
адгьыл аҵа аус зуаз (ашахтаҿ) атәанчаҩцәа — 4 500 мааҭ;
І агәыԥ змоу аџьа аинвалидцәа — 3 900;
ІІ агәыԥ змоу — 3 800;
III агәыԥ— 3 650 мааҭ;
иныҟәызгоз дахьрыԥхаз азы атәанчахәы зауа (аусуразы алшара змам аҭаацәа ахаҭарнакцәа рыцԥхьаӡа) — 4 000 мааҭ;
иныҟәызгоз дахьрыԥхаз азы абгабсатә тәанчахәы зауа – 3700 мааҭ;
зынӡа ҭынха дызмам — 7 000 мааҭ;
асоциалтә тәанчахәы зауа (қәрала), — 3 100 мааҭ роулоит;
асоциалтә тәанчахәы зауа (хымхәарала) – 3100 мааҭ роулоит ;
иизар иинвалиду: 16 шықәсанӡа — 5 000 мааҭ, I агәыԥ змоу — 5 000 мааҭ, II агәыԥ — 4 500 мааҭ рзыршәалоит.