Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аргыларазы Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭа «Росгранстрой» аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Иван Беломестнов Краснодартәи атәылаҿацә ахь аусуратә ныҟәара наигӡеит. Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны уи Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәаа аҿы иҟоу Ганрацәалатәи амашьынақәа роужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер», иара убас Шәача ақалақь аҿы иҟоу амшынтә Аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ даҭааит.
Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аргыларазы Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭа «Росгранстрой» аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, Ганрацәалатәи амашьынақәа роужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҿы Иван Беломестнов Краснодартәи атәылаҿацә ала Урыстәыла Афедералтә ҳазалхратә Маҵзура ахаҭарнакцәа дрыҿцәажәеит. Ахәҭакахьала, аҳәынҭқарратә гәаҭаратә усбарҭақәа русзуҩцәа русура аҭагылазаашьақәа рыррманшәалареи аҳәаа иахысуа атуристцәеи адәныҟаекономикатә усура алахәылацәеи ршәарҭадареи рзы ҳаамҭазтәи атехнологиатә хархәагақәа ралагалара иалацәажәеит. Иван Беломестнов иара убас аштаттә режим ала аус зуа Шәача ақалақь аҿы иҟоу амшынатә аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ аинфраструктура аҭагылазаашьа гәеиҭеит.
Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа аргыларазы Афедералтә ҳәынҭқарратә аказентә Усбарҭа «Росгранстрой» аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы иҟоу аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥқәа рҿы ҳаамҭазтәи атехнологиақәа ралагалара иазкны уаанӡа ишьақәырӷәӷәаз аплан инақәыршәаны аусура нанагӡоит.
«Краснодартәи атәылаҿацә иахьаҵанакуа иҟоу аужьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥқәа ҳара убасҵәҟьа ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҳҭоит, иарбоу ахырхарҭала аинфоаструктура аиӷьтәра иазку аусура мҩаԥаагоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Иван Беломестнов.