АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҟәатәи аспортсменцәа ҿарацәа зхы иақәиҭу аиқәԥаразы Каменск-Уральск ақалақь иаарту атурнир аҿы ахьтәы медалқәа хԥа, араӡнытә медалки, аџьазтә медалки ргеит, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара  аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа аҳәынҭқарратә Еилакы.

Жәабранмза 10 – 12, 2024 шықәсазы Каменск-Уральск ақалақь Иназыцҵоу аҵара азы автономтә муниципалтә Усбарҭа Аолимпиатә резерв аспорттә Школ аҿы Афганисҭанынтәи асовет архәҭақәа ралгара ҟалеижьҭеи 35-шықәса аҵра иазкны 2009 – 2011 шш, 2012 – 2015 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара зхы иақәыиҭу аиқәԥаразы иаарту Аԥхьахәгара мҩаԥысит.  Уи зынӡа рхы аладырхәит 85-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.

 

 

 

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аинтеллигенциа Реидгыла ахаҭарнакцәа ааигәа иҟалаз абылра иахҟьаны Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа амца ихьалаблыз инамаданы Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иахь ааԥхьара ҟарҵеит. 

«Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса рзы иҟалеит ухахьы иузаамго ахҭыс. Амца иалаблит  шәы-шықәса рыҩныҵҟа Амилаҭтә сахьатә галлереиа азы еизыргоз Аԥсны иналукааша асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп адунеи зегьы аҿы еицырдыруа аԥсуа сахьаҭыхыҩ  Алеқандр Чачба, иара убас  Варвара Бубнова русумҭақәа. Убасҵәҟьа  ҳара иаҳцәыӡит  егьырҭ еицырдыруа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа русумҭа шьахәқәа. Дара рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҳҳәынҭқарра асимволқәа – абираҟи агерби- равтор Валери Гамгиа Лыхни Ҷлоуи ақыҭақәа рҿы акультура Аҩнқәа злаҩычаз имонументалтә усумҭақәа. Наунагӡа иаҳцәыӡыз усумҭақәоуп еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы Амилаҭтә сахьатә галереиа ҳамҭас иаҭаз урыстәылатәи асахьаҭыхыҩцәа жәпакы русумҭақәа. Ари асиа аҿы иҟоуп иара убас  2013 шықәса раахыс Аԥсны имҩаԥысуа арт-пленер «Ҭагалан аԥшшәхәқәа» алахәылацәа иаԥырҵаз асахьақәа.  Еиқәуԥхьаӡаша акыр ирацәоуп. Зынӡа иҟан – 4000 инареиҳаны асахьақәа. Ари ахҭыс амилаҭтә культура азы рыцҳара дуны иҟалеит.  Ихыбгалеит абиԥарақәа еимаздо ацҳақәа руак», - ҳәа иаҳәоит ааԥхьара аҿы.  

Аԥсны аинтеллигенциа Реидгыла алахәылацәа Амилаҭтә сахьатә галереиа  афондқәа рбылра ахь иназгаз аҭагылазаашьа мышкала ишьақәымгылаӡеит ҳәа иазгәарҭеит.

«Ахыбра ахьгылоу, агалереиа азы аофициалла иазоужьу атерриториа изныкымкәа жәаҩыла иалаҟоу ауаа априватизациа азура рҽазыршәахьан, убри аҟнытә ауп уи иахьа уажәраанӡа абри аҩыза аҭагылазаашьа аманы изыҟаз.  Амчраҿы иҟазаалакгьы аӡәгьы ари апроблема аӡбара илымшаӡеит.  Аҭагылазаашьа иахьа уажәраанӡа ишыҟац иӡбамкәа иаанханы иҟоуп! Аха шьҭа иаамҭоуп ари азҵаара даҽакала азнеира!», - ҳәа иазгәарҭоит аинтеллигенциа Реидгыла алахәылацәа.  

Дара агалереиа афондқәа амца ралабылра аламҭалауаа реиԥш ҿыц еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәеи жъәаҳәарада ирныԥшуеит ҳәа инаҵшьны иазгәарҭоит.

«Ари апроблема аӡбара атәыла аҿы иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа есымшагьы ишиашоу иадҳәалаӡам.  Уи аиҳарак ҳара ҳаиҿымкаара ауп изыдҳәалоу. Араҟа аӡәы далкааны ахара узидҵаӡом. Ҳара зегьы иҟалаз ахҭыс азы аҭакԥхықәра ҳадуп. Иаҳзеиқәмырхаӡеит абиԥарақәа иаҳзаанрыжьыз хәызмаӡам аҭынха. Ари ахҭыс наунагӡа хьымӡӷ дуны ҳҭоурых ианхалоит. Иҟалаз еилкааны апроблема аӡбаразы ҳзеидымгылар, иҟалар алшоит еиҵагыло абиԥара уи ҳанармыжьыр», – ҳәа иаҳәоит ааԥхьара аҿы.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гал арион Апрокуратура Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа хҩык аусзуҩцәа: Гал арион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Ашьаусԥшааратә ҟәша аоперативтә зинмчы змоу амилициа акаԥдан Заракуа Альберт Гено-иԥа, Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа амилициа аԥыԥшырҭа аоперативтә зинмчы змоу амилициа алеитенант Абшьлаа Вианор Емир-иԥа, Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Ауаажәларратә шәарҭадара амилициа Аԥыԥшра-хьчаратә Маҵзура аҟәыра аинспектор, амилициа алеитенант еиҵбы Кәакәасқьыри Давид Борис-иԥа рганахьла ашьаусеилыргара хацыркуп.

Амилициа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа аҿы Ареспублика Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 105, ахәҭа  3, апункт «а» иарбоу ацәгьоура (гәыԥҩык ауаа рыла гәҭакыла ауаҩы игәабзиара ӷәӷәала ааха аҭара), ахәҭаҷ    288, ахәҭа 3, апунктқәа «а», «в» иарбоу ацәгьоура (амч ахархәарала инагӡоу, ӷәӷәала ахҟьаԥҟьақәа зцу амаҵуратә уалԥшьа аиҳатәра) аҟазшьақәа аарԥшуп.

Ԥхынҷкәынмза 6, 2023 шықәса рзы амилициа аусзуҩцәа Заракуа Альберт Гено-иԥа, Абшьлаа Вианор Емир-иԥа, Кәакәасқьыри Давид Борис-иԥа рмаҵуратә уалԥшьа еиҳатәны Гал араион Барӷьаԥ ақыҭан инхо ахаҵа иганахьала амч ахархәара аарԥшны игәабзиара ӷәӷәала ааха арҭеит.  

Кәакәасқьыри Давид ԥхәынҷкәынмза 6, 2023 шықәса рзы, аоперативтә информациа аниоу ашьҭахь, 16 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа автомашьына«БМВ» (аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дырга О 767 ОК АВН)   ала, иаанкылаз, иџьбароу арыжәтә ыжәны иҟаз Қарбаиа Витали Иван-иԥа Гал ақалақь аколнхацәа рџьармыкьа аҟынтәи араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахь днаганы аҷаԥшьаратә ҟәша ауада аҿы ашаҳаҭцәа алмырхәӡакәа хаҭала иаанкылаз ахаҵа игәаҭара мҩаԥигеит. Убри аан уи имҩаԥигаз ауснагӡа шәҟәыла еиқәимыршәаӡеит.

Витали Қарбаиа Кәакәасқьыри Давид иганахьала ишакәым ацәажәара далагеит. Аҭакс амилициа аусзуҩ иаанкылаз ахаҵа диҿасит.

16 сааҭи 34 минуҭи инарзынаԥшуа аҷаԥшьаратә ҟәша  ауада иааҩналеит Заракуа Альберти Абшьлаа Вианори. Кәакәасқьыри Давиди дареи ааидгыланы иаанкылаз Витали Қарбаиа акырынтә напыла исуа, шьапыла иӷрасуа иалагеит. Витали Қарбаиа ӷәӷәала ахәахәарақәа иоуит, ахәҭакахьала агәышԥыцаҟьатә хәахәарақәа иоуит,  7-тәи, 8-тәи, 9-тәи, иара убас 10-тәи ивакьыцқәа ԥҵеит, иарӷьатәи ила ҵаҟатәии хыхьтәии алацәақәа ашьаршәы ҭатәеит.   

Арҭ ахәахәарақәа агәабзиара ӷәӷәала ааха аҭара ахь иаҵанакуеит. Амилициа аусзуҩцәа рхымҩаԥгашьа ала атәылауаҩ Қарбаиа Витали Иван-иԥа ауаҩы иаҳаҭыр лазырҟәуа ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара, мчымхарала изныҟәара дацәызыхьчо изинқәеи ихақәиҭреи аҳәынҭқарратә хьчара азы изин ӷәӷәала еиларгеит, иара убас азакәантә хьчара аҵаҟа иҟоу ауаажәларреи аҳәынҭқарреи ринтересқәа еиларгеит, иара убри ала ахәҭакахьала Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩ иаҳаҭыр лазырҟәа ауснагӡатәқәа рыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахьӡ-аԥша ааха ду арҭеит.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра Акультура-ҵарадырратә Центр аҿы Донбасс ахақәиҭтәразы имҩаԥысуа Иҷыдоу Арратә Операциа амҩаԥгараан фырхаҵарыла иҭахаз, Аԥсни Урыстәылеи  абокс азы аспорт азҟаза Бебиа Олег Борис-иԥа игәалашәаратә хәылԥазы мҩаԥысит.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет апрофессор,  ажурналист Екатерина Бебиа аибашьҩы-афырхаҵа иԥсҭазаареи иҭахареи шыҟалази ртәы еизаз ирзеиҭалҳәеит.

«Ҳара ҳфырхацәа ргәалашәара наунагӡа иҳацзароуп. Олег Бебиа –  иналукааша аспортсмен, Аԥсни Урыстәылеи абокс азы аспорт азҟаза. Олег Борис-иԥа Бебиа хацәнымырха деибашьуан. Иҷкәын иҭахара акыр игәабзиара ҵнашәааит Олег иаб Борис Бебиа. Иара иҷкәын анышә данамырда ашьҭахь хара имгакәа иԥсҭазаара далҵит. Борис Қарбеи-иԥа ҳаҭыр-пату зқәыз уаҩын, дпатриот иашан»», - ҳәа иазгәалҭеит Екатерина Бебиа.

Агәалашәаратә хәылԥазы сасцәаны иаҭааит  изаамҭанымкәа зыԥсҭазаара иалҵыз Олег Бебиа иуацәеи  иҭынхацәеи иҩызцәеи, иааигәаны дыздыруаз зегьы, иара убас атәылахьчара Аминистрра ахаҭарнакцәа, астудентцәа, ашколхәыҷқәа, ажурналистцәа.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа ақалақь агәаҿы игылоу араионтә пошьҭа, абиблиотека, ателехәаԥшра ахьыҟоу ахыбра ахыб рыԥсахраны иҟоуп.    

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ареспубликатә биуџьет ахарџь ала имҩаԥысуеит. «Ахыбра ахыб аԥсахразы иазоужьхеит 17 млн. мааҭ инареиҳаны.  

Уажәы ажәытә хыб ахыхреи аҿыц ашьақәыргыларазы аҽазыҟаҵаратә усурақәеи мҩаԥысуеит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион Ахадара аинформациеи ауаажәларра рымадареи рзы аҟәша аспециалист хада Арнольд  Ӡари-иԥа.

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны абанктә система ала 2023 шықәсазы инагӡаз аԥаратә хархәагақәа аҳәаа наҟ-ааҟтәи реикәыршара 143  млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи  2022 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 19,3 млрд. мааҭ (15,6%) рыла еиҳауп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Амилаҭтә Банк апресс-маҵзура.  

Абанктә системала Аԥсныҟа иаашьҭыз аԥаратә хархәагақәа реицҵалыҵ 70,2 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, атәыла иалганы ишьҭыз аԥаратә хархәагақәа рецҵалыҵ – 72,8 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 

2023 шықәсазы Ареспублика Аԥсны абанктә система ала аԥаратә хархәагақәа раара абас ала ишьақәгылан:

- аиуристтә  хаҿқәа, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа, хазхаҭалатәи ахаҿқәа Аԥсны акредиттә еиҿкаарақәа рҿы иаадыртыз рхыԥхьаӡаратә ԥхьаӡарақәа рахь иахыԥхьаӡалан  40,7 млрд. мааҭ;

Аҟәа. Жәабранмза 12, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә Банк агәаларшәаратә ԥараҿырԥқәа «Кавказ ажәларқәа» ҭнажьит. Аԥараҿырпы ахәԥсаҵәҟьа  200 ԥсар рҟынӡа инаӡоит.  Зынӡа 1000 цыра ҭыжьуп. Абри атәы аанацҳауеит Абанк апресс-маҵзура.

Ари аԥараҿырпқәа 925-тәи ацқьара змоу араӡны иалхуп, иара 100х60 миллиметр иҟоуп, акапан – 351 грамм рҟынӡа инаӡоит.

Асахьаҭыхыҩ - Баҭал Џьапуа.

Аԥараҿырпы «Кавказ ажәларқәа рымаҭәеи рабџьари» асериа ала иҭыжьуп.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥснытәи аспортсмен Харитон Агрба Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысыз абокс азы атурнир RCC Boxing Promotions аҿы атехникатә нокаут ала Шәачатәи аспортсмен Ваге Сураханиан дииааит.  

Харитон Агрба изы ари 13-тәи иааироуп RCC Boxing Promotions иаҵанакуа апрофессионалтә ринг аҿы. Иара абжьарабжатә капан аҿы - 65 килограмм рҟынӡа иҟоу рыбжьара дықәгылоит.

Аиԥылара 10 раундк рыла ишьақәгылар акәын, аха  аабатәи араунд ашьҭахь Ваге Сураханиан мап ахьикыз иахҟьаны аиндаҭлара ҳџьынџьуаҩ иааирала ихыркәшахеит.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәара ахҳәаа аиҭеит.

Иҳаҩсыз ашықәс ҭагалан азы Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа раԥхьаӡа акәны Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа иаҭааит.

«Ҳара ҳаблала иаабартә еиԥш алшара ҳаман ари амаҵзура конкретла иҟанаҵо, уи инанагӡо аусура ахықәкқәеи ахырхарҭақәеи, уи аамышьҭахь ҳара Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара хазы игоу аусура ахырхарҭақәа рыла аусеицура абжьаҵаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит», – ҳәа еиҭеиҳәеит аминистр.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иажәақәа рыла, , Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусдырра, даҽакала иуҳәозар, акомпетенциа мацара иаҵанакуа аусура ахырхарҭақәак,  Урыстәыла, Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи Урыстәылатәи Афедерациа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рыбжьара еихшоуп.

«Убри  инамаданы, иарбоу ахырхарҭала аԥышәа аиуреи наҟ-наҟтәи ҳусеицура ала хазы игоу азҵаарақәа аус рыдулареи рзы аҭаххара шышьақәгылаз аабаратәы ҳҟалеит. Иазгәаҭатәуп иарбоу аиҿкаареи Аԥсни уаанӡа аусеицура шрыбжьамыз. Ҳара ҳгәаанагарала ари даара акыр зҵазкуа хҭысуп, – ҳәа иҳәеит Роберт Киут. – Урыстәыла Амилаҭтә гвардиа Урыстәылатәи Афедерациа иӷәӷәоу аиҿкаара ауп, уи иамоу аԥышәа ду  ҳамадара иазхиоуп».

Заанаҵтәи аиқәыршаҳаҭрақәа рыла Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәыла Амилаҭтә гвардиеи рыбжьара аусеицура абжьаҵара азы аиқәшаҳаҭра апроект аиқәыршәаразы аӡбамҭа ҳадаҳкылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Арҩышьыгатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәара, рыҵәахра, рыиагара, иара убас Аԥсныҟа раагара азы дыгәҩароуп ҳәа дааныркылеит  1991 шықәсазы ииз Ҭҟәарчал ақалақь аҿы инхо Шамаатаа Мераб Коба-иԥа.

Игәҩароу ахаҵа амилициа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аусзуҩцәеи еицымҩаԥыргаз аоперативтә усмҩаԥгатәқәа раан Аушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Ԥсоу» аиасраан даанкылан.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.