
pressadmin-2
2024 шықәсазы автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы аргылара-рҽеиратә усурақәа ирылагоит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Афедералтә ҳәынҭқарратә казентә Усбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» (ФГКУ Росгранстрои) анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Ерохин Аусбарҭа шәачатәи аҿга аколлектив дырԥылеит. Краснодартәи атәылаҿацә ахь аусуратә маҵураныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Александр Ерохин Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҿы иҟоу автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы даҭааны Аусбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» шәачатәи аҿга аколлектив дырԥылеит. Ари аҿга анапхгараҭара иаҵанакуеит 15 аушьҭра-гәаҭаратә пунктқәа.
Аусбарҭа «Урыстәылатәи аҳәаа аобиектқәа рыргылареи рхархәареи рзы Анапхгараҭара» аофициалтә саит иҟанаҵо адыррақәа рыла, аилацәажәара атема хаданы иҟалеит Краснодартәи атәылаҿацә аҳәаа иаԥну аинфраструктура аҿиара. Ҳазҭоу ашықс азы Урыстәыла иахьаҵанакуа иҟоу аушьҭырҭатә ҭыԥқәа зегь раасҭа атранспорти ауааи зхысуа ҭыԥны иԥхьаӡоу, убри азы зеиҭарҿыцра хымԥадатәны иҟоу автомашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә ҭыԥ «Адлер» аҿы аргылара-еиқәыршәаратә усурақәа ирылагоит.
Аиҭашьақәыргыларақәа рышьҭахь аусура иалагоит 28 цәаҳәа. Атранспорт аушьҭразы алшарақәа 9,5 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала 1,5 нызқь инадыркны 14,13 нызқь рҟынӡа), ауаа роушьҭразы алшарақәагьы 3 рыла еиҳахоит (уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала 28 нызқь инадыркны 80,5 нызқь рҟынӡа).
Иара убасгьы иалагалахоит агәаҭара аиҿкаараз атехнологиа ҿыцқәа, уи иалнаршоит аамҭак ала шәкы рҟынӡа транспорттә хархәагақәа - амашьына ласқәа, аидарамҩангагатә машьынақәа, автобусқәа, автобус маҷқәа рышәҟәҭагалара.
Абзиабареи, гәыкала азыҟазаареи ртәы иаартны аҳәара азы иреиӷьу аамҭа: Аԥсыцқьа Валентин Имш еиуеиԥшым атәылақәа рҿы ишаԥыло атәы.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Есышықәса, жәабранмза 14 рзы адунеи атәылақәа жәпакы рҿы Аԥсыцқьа Валентин Имш азгәарҭоит. Зегь реиҳа аромантикатә ҟазшьа злоу иреиуоу аныҳәа атрадициақәа ртәы шәаԥхьар шәылшоит Аԥсныпресс аматериал аҿы.
Мыҷк аныҳәа аҭоурых атәы.
Аԥсыцқьа Валентин Имш (Валентин Имш), мамзаргьы абзиабара зыбжьоу зегьы Рымш — ари акатоликатә динхаҵара аҿы ахыҵхырҭа змоу ныҳәоуп. Уи ахьӡгьы Валентин ҳәа зыхьӡыз заақьырсиантәи ааӡабхгаҩцәа — Валентин Интерамнсктәии Валентин Римтәии руаӡәы ихьӡ ахҵоуп.
Иҟоу адыррақәа рыла, абзиабара зыбжьоу ауаа Рымш римтәи аныҳәа Луперкалиа (festival of Lupercalia) аҟынти ахы ыҵнахуеит, уи иазгәарҭон жәабранмза аҩшамҭазы. Егьырҭ адыррақәа рыла, Аԥсыцқьа Валентин Имш азгәаҭара абжьарашәышықәсақәа рзы иалагеит, уи ааӡабхгаҩцәа рыԥсҭазаара аҟынтәи иреалу афактқәа изеиԥшразаалак џьара акала иадҳәалаӡам.
Атрадициақәа
Амцарцәаҩцәа Очамчыра араион аҿы амца зкыз агәылҩаақәа дырцәеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Амцарцәаҩцәа Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә хәҭа араион ақыҭақәак рҟны амца зкыз аҵҩаа дырцәеит.
Очамчыра араион амцарцәара-еиқәырхаратә ҟәша аиҳабы Мурман Ԥачлиа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо амцарцәаҩцәа уахи-ҽни аус руан ҳәа адырра ҟаиҵеит. Аҵыхәтәан урҭ амцамкра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь рцара ҟалеит асааҭ 03:40 рзы.
«Иаха аҵх иалагӡаны амца ҳарцәеит. Асааҭ 03:40 рзы аҷкәынцәа ироуыз аҵыхәтәантәи адыррала амцарцәараз амҩа иқәлеит. Иахьагьы амш бзиоуп, агәырҭынчра ҟалом,», - ҳәа иҳәеит иара.
Мурман Ԥачлиа гәалсрала иазгәеиҭеит амцакрақәа аиҳарак ауаа ааԥынтәи адәныҟатә усурақәа рҽанырзыҟарҵало аамҭазы, аҵҩаа амца аркны адгьыл аныдрыцқьо, ацәаӷәара ианаздырхио иҟалалоит ҳәа.
Аԥсны атерриториалтә хьчара амчқәеи ахархәагақәеи алархәны аштабтә арратә зыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 13 -15 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко инапхгарала атерриториалтә хьчара амчқәеи ахархәагақәеи алархәны аштабтә арратә зыҟаҵарақәа еицымҩаԥыргоит.
Арратә зыҟаҵарақәа рхықәкы – ақалақьқәеи араионқәеи ртерриториалтә хьчара аштабқәа аибашьра аамҭа азы атерриториалтә хьчара иаҵанакуа ахыдҵақәа рынагӡаразы ирымоу адыррақәа рыҩаӡара ашьҭыхра.
Аштабтә зыҟаҵара амҩаԥгара ахь иадыԥхьалоуп атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭареи Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа Рыштаб Хадеи афицерцәа, амчратә структурақәа рымчқәеи рхархәагақәеи.
Арратә зыҟаҵарақәа рымҩаԥгараан араионқәа рҿы иҟоу атерриториалтә хьчара амчқәеи ахархәагақәеи рхархәаразы иҿыцу аформақәа рԥышәара мҩаԥгахоит.
«Арҭ аҽазыҟаҵарақәа атерриториалтә хьчара ахархәагақәеи алшарақәеи рнапхгараҭара иадҳәалоу аусура аиҿкаара аҩаӡара ашьҭыхра азы акыр зҵазкуа усмҩаԥгатәны иҟоуп», – ҳәа иазгәаҭоуп атәылахьчара Аминистрра аофициалтә саит.
Аусуразылшо аӡәы изы ахныҟәгаратә минимум ахәԥса 11 072,4 мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса инаркны Аԥсны аусуразылшо аӡәы изы ахныҟәгаратә минимум ахәԥса 11 072,4 мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Астандарт азы аҳәынҭқарратә Еилакы.
Ахныҟәгаратә минимум ахь иаҵанакуеит:
- афатә-ажәтә тауарқәа – 7.573,5 мааҭ,
- абзазара-ааглыхратә, уҳәа егьырҭ атауарқәа – 2.170,2 мааҭ,
- зыхә ршәо амаҵзурақәа, ашәахтәқәа, егьырҭ ихымԥадатәиу ашәатәқәа – 1 328,7 мааҭ.
Ахныҟәгаратә минимум аҩаӡара иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 15,2% рыла иазҳаит.
Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит Цхьынвал ақалақь аҿы.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы агәыҳалалратә концерт Цхьынвал ақалақь аҿы имҩаԥысит.
Жәабранмза 12 рзы Цхьынвал ақалақь, Аҳәынҭқарратә драматә театр асцена аҿы Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд ацхырааразы аҳәынҭқарратә жәлар ринструментқәа роркестр «Аизалд» агәыҳалалратә концерт мҩаԥысит.
Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо инапаҵаҟа иҟоу аусзуҩцәа рҿаԥхьа аԥхьа инагӡатәу адҵақәа ықәиргылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Рауль Лолуа ашәахьа, жәабранмза 12 рзы есымчыбжьатәи аилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит араион Ахадара.
Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы Зосма Гыцба, иҳаҩсыз амчыбжь азы 117-цыра акриптвалиута арҳара иазку аппарат рыԥшааит, урҭ амилициа аҟәша аҿы ишьҭоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Рауль Лолуа закәаншьҭада акриптовалиута арҳара иазку аусура аҿагылара азы аштаб аусура ахәшьара бзиа аиҭеит, убасҵәҟьа аусура иацырҵарц азы абжьгара ҟаиҵеит ҳәа адырра ҟанаҵоит араион Ахадара апресс-маҵзура.
Урыстәыла атәылауаҩра аиразы аршаҳаҭга ала ишьақәырӷәӷәахоит уи азы иара иақәнагоу аштамп ықәыргылазар.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада абҵарамза 22, 2023 шықәсазы иҭижьыз «Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра азҵаарақәа рзы» Аусԥҟа № 889 азинмчы аиура инамаданы, 14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа Урыстәыла атәылауаҩра рымазаара шьақәзырӷәӷәо аусшәҟәқәа рсиа шьақәзыргылоз анорма-зинтә шәҟәынҵақәак азинмчы рцәыӡит.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа иҟанаҵо адыррақәа рыла, шьҭарнахыс, атәылауаҩра азҵаарақәа рыхәаԥшра Аԥҟара апункт 173 инақәыршәаны, Урыстәыла атәылауаҩра аиразы аршаҳаҭга ала ишьақәырӷәӷәахоит уи азы иара иақәнагоу аштамп ықәыргылазар.
14 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа атәылауаҩшәҟәы аиурада атәылауаҩра рыҭаразы ашәҟәқәа алазҵаз зегьы аиразы аршаҳаҭгақәа атәылауаҩразы аштамп ақәыргыларазы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иадҵаалар ҟалоит.
Амцарцәаҩцәа Мықәи Лашькьындари ақыҭақәа рҿы абылра ахыҵхырҭақәа рырцәара рылшеит.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпрессс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Очамчыра арион аҿы абылра ахыҵхырҭақәа рырцәара рылшеит.
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра ауааԥсыра рахь рынхарҭақәа ажәырҭреи агәылҩааи рҟынтәи арыцқьаразы амца адмыркларц азы аҳәара ҟарҵоит.
«Ҳара аҭагылазаара ахылаԥшра аҳҭоит. Ихадоу амцакра ахыҵхырҭақәа рырцәара ҳалҳаршеит, аха ишьақәгыланы иҟоу аԥхарра инамаданы, ҿыц амцакрақәа рзы ашәарҭара аанханы иҟоуп. Ҳара ҳтәылауаа рахь рынхарҭақәа ажәырҭреи агәылҩааи рҟынтәи арыцқьаразы амца адмыркларц азы даара аҳәара ҟаҳҵоит. Амца аҵлақәа рахь ииасыр, усҟан иҟалар зылшо хыхьлатәи абылра акыр иуадаҩхоит, аамҭагьы рацәаны иаҭаххоит, иара убри ала амашәыр ӷәӷәа ахылҿиаар алшоит», – ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо ирҳәеит аиқәырхаратә хылаԥшырҭа аҿы.
Гәдоуҭа ақалақь аҿы инхо ҩыџьа ахацәа ақәыларазы игәҩароп.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Заанаҵтәи ацәыҵеицәажәарала ақәыларазы игәҩароуп ҳәа ишьақәыгылахеит Гәдоуҭа араион аҿы инхо ҩыџьа ахацәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыла, Приморское ақыҭан инхо, 2002 шықәсазы ииз Матуа Феликс Аслан иԥеи Лыхны ақыҭан инхо, 2005 шықәсазы ииз Барцыц Никита Олег-иԥеи Гәдоуҭа ақалақь, Бамборатәи амҩа аҿаԥхьа аихамҩақәа рҿы ауаҩы иқәланы ажәҩахаршә шәыра имырхит, иԥарақәагьы рӷьычит.
Ақәылаҩцәа ирыман агазбалонтә тапанчеи (амодель МР-654К) аркьыли.
Ацәгьоура оперативла иаадыртит Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭеи Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәшеи русзуҩцәа.