АЖӘАБЖЬҚӘА

26.Ԥхынгәы.2024

Гәылрыԥшь араион аҿы акоммуналтә нхамҩа арҿыцра мҩаԥсуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәылрыԥшь араион Ахадара  акоммуналтә техника аиҳарк арҿыцит, иара убас ҳаамҭа иақәшәо аиқәыршәагақәа рыла еиқәыршәоу агараж ҿыц аргылара иалагеит. 2023 – 2024 шш. рзы иаахәан  8 цыра иҷыдоу атехника, уи акоммуналтә  маҵзурақәа русура аеффективра  акыр ишьҭнахит.

Ҿыц иаархәаз рахь иаҵанакуеит - ассенизатортә машьына, уи амуниципалтә обиектқәа рҿы ахархәара адагьы хазхаҭалатәи ахаҿқәа қьырала ирыҭахалоит. Иаахәоуп иара убас аканализациа аҭрыцқьаара иазку агидродинамикатә шьақәгылага, ҩ-тракторк «Беларусь», ақәҵага- аекскаватори еиуеиԥшым акоммуналтә усурақәа рзы ақәҵага-маҷи. «Иҳамоу атехника маҷӡам, аха инацҵаны даҽа техника хкқәак раахәара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Ҷыдала актуалра аҵоуп уажәы аӡиасқәа рӡышьҭрақәа ррыцқьара аҿы акыр ихәарҭахо идуу аихеихаԥсатә ескалатор», – ҳәа адырра ҟарҵеит араион Ахадара аҿы.

Атехника ҷыда аахәара инамҩатәны агараж аргыларагьы мҩаԥысуеит.

«Агараж аҟазаара хымԥадатәиуп атехника адәы иқәымхарц, иԥхасҭамхарц азы. Араҟа иҟалоит арлашара, амашьынақәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгаразы ахәаԥшырҭатә ажра, иара убас автомашьынақәа рыӡәӡәарҭа. Агараж иаклоит 9 цырак рҟынӡа иҷыдоу акоммуналтә техника», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Амуниципалтә Унитартә Наплакы Анхара-коммуналтә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ҭемыр Наҷҟьебиа.

Ахатәы техника аахәара араион иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан аоперативла аусура амҩаԥгареи, иара убри ала уаанӡа атехника қьырала агара иақәхарџьхоз абиуџьеттә ԥаратә хархәагақәа аекономиа аҟаҵареи алнаршоит.  Иара убас атехника ҿыц араион ауааԥсыра рыбзазаратә зҵаарақәа рыӡбараҿы ирыхәоит.

Ари амодернизациа, Гәылрыԥшь араион Ахадараҿы ишырыԥхьаӡо ала, араион акоммуналтә инфраструктура аҿиара аҿы акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалеит, уи аҭыԥантәи ауааԥсыра рынхашьа аиӷьтәреи иҟалар зылшо еиуеиԥшым аԥсабаратә цәырҵрақәа рызыҟаҵареи алнаршоит.   


Read 141 times - Ахәаша, 26 Ԥхынгәы 2024 23:00
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.