Аусԥҟаҟны иҳәоуп:
«Арратә ԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы» 2014 шықәса лаҵарамза 6 аҟнытә № 3498-с-Ѵ Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәани Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 2018 шықәса ԥхынҷкәынмза 24 аҟнытә ишьақәирӷәӷәаз Аусԥҟа № 374 ала арратә маҵзура ахысразы Аԥҟареи инарықәыршәаны, аполковник Ахьиба Ҭемыр Иосиф-иԥа ихҵазааит «аинрал-маиор» ҳәа изаамҭанытәиу ахьӡ.
Уи аԥхьа Аслан Бжьаниа Ҭемыр Ахьиба даҽа усурак ахь ииасра инадҳәаланы, Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы имаҵзураҟнытә ихы иақәиҭтәразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
«Арратә ԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы» 2014 шықәса лаҵарамза 6 аҟнытә № 3498-с-Ѵ Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәани Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада 2018 шықәса ԥхынҷкәынмза 24 аҟнытә ишьақәирӷәӷәаз Аусԥҟа № 374 ала арратә маҵзура ахысразы Аԥҟареи инарықәыршәаны аинрал-маиор Ахьиба Ҭемыр Иосиф-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Ахантәаҩы имаҵураҟнытә ихы дақәиҭтәзааит даҽа усурак ахь ииасра инадҳәаланы», - ҳәа иаҳәоит Аҳәынҭқарра Ахада иусԥҟаҟны
Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/12386-temur-akhiba-naznachen-zamestitelem-sekretarya-sovbeza.
© АПСНЫПРЕСС.